АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 23 рзы имҩаԥгаз ареидтә усмҩаԥгатәқәа рыла иаарԥшхеит  13-ҩык зқьаф ҟаҵаз амашьынарныҟәцаҩцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Ҩыџьа амашьынарныҟәцаҩцәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкыланы иҟан, 11-ҩык – иџьбароу арыжәтә ыжәны. Хҩык амедицианатә гәаҭара ахысра мап ацәыркит.

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2016 шықәса рзы ииз ахәыҷқәа рыбжьара ашьапылампыл азы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир алагеит Аҟәа. Уи ашьапылампыл азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥсны абаҩарҵәыратә культуреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Иури Логәуа игәалашәара иазкуп.

Атурнир рхы аладырхәуеит Очамчыра араион Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ акоманда, Гәдоуҭа араион Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ акомандақәа ҩба,  ахәмаррақәа рзы Ареспубликатә Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ акоманда, Ашьапылампылтә Клуб «Динамо» Аҟәа, Академиа «Unity» акоманда.

Аҟәа. Нанҳәамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 28 рзы Аԥсны иқәынхо аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа Анцәа дзыхшаз Ицқьаӡоу Мариа Лылацәеиқәыԥсара Амш азгәарҭоит. Ари аиашахаҵаратә ныҳәа дуқәа иреиуоу ныҳәоуп, уи Ицқьаӡоу Анцәа Иан Мариа цәеижьла жәҩан ахь лхалара  иадҳәалоуп. Ари ахҭыс «аԥсҭазаара алҵра» ҳәа акәӡам ишашьҭоу, уи Анцәа дзыхшаз «лылацәеиқәыԥсара» ауп, ауахәамаславиантә бызшәа аҟынтәи еиҭаганы «ацәара», мамзаргьы «ҭынч аԥсра» ҳәа иаанагоит. Ари аныҳәа символс иамоуи, ақьырсианцәа уи шазгәарҭоуи ртәы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зхоу Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама адәныҟатәи ауахәаматә еимадарақәа рыҟәша ахантәаҩы, аигумен Игнати (Киут).

Аигумен Игнати иажәақәа рыла, Ауахәама адинҵара инақәыршәаны, Анцәа дзыхшаз Ацқьаӡа Мариа  дымԥсӡеит.  «Лара аԥсра лкьымсӡеит. Лара аамҭала ацәа дынҭанагалеит, уи азы ауп ари Амш Алацәеиқыԥсара ҳәагьы изашьҭоу», - ҳәа иазгәеиҭеит иара. Ари иҷыдоу аҟазшьа змоу мшуп Аиашахаҵаратә Уахәамеи Жәҩан раҳкәажәи рыԥсҭазаара азы.

Ари аныҳәа азгәаҭара зызку Анцәа Иан лыԥсҭазаара лалҵреи анышә ламадареи рзы адырраҭара иашаны ишьақәыргылаӡам. Ауахәаматә ҵарақәа атекстқәа реиҳарак рыҟны иаагоуп абас иҟоу асиужет: Иаса Қьырса жәҩан ахь ихалара анаҩс Зегь реиҳа иԥшьоу Анцәа Иан Аҭыԥҳа Мариа зны Ефес дыҟан, нас лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Иерусалимҟа дыиасит, ацқьа цҳаражәҳәаҩ Иоан дагьылхылаԥшуан. Ус уасиаҭ ажәаны изаанижьхьан иара Анцәа, иан гәакьа леиԥшҟьа ахылаԥшра лиҭаларц азы. Лԥеи Лареи реиԥылара дазыԥшны лара есымша Голгофа аҳаракыраҿы дныҳәон. Аҭыԥҳа Мариа лыԥсҭазаара лалҵра хымыш шыбжьаз, аԥаимбар Гавриил дылҭаан, лассы лыԥхазмоу алацәеиқәыԥсарахь дшиасуа атәы леиҳәеит. Ацқьаӡа Аҭыԥҳа Мариа лзы ари лыԥха змоу жәабжьны иҟалеит. Лара ацҳаражәҳәаҩцәа зегьы даарыԥхьеит, лцара атәы ралҳәарц азы. Анцәа дзыхшаз лҳәатәала лцәеижь Иерусалим азааигәара, Гефсиманиа, лани лаби, рнышәынҭрақәа рыбжьара анышә иамадан. Хымыш рышьҭахь анышәынҭраҟны дааит ацҳаражәҳәаҩ Фома, иара лыԥсҭазаара даналҵ аҽны дыҟамызт азы, аха Ацқьа Мариа лцәеижь аҭыԥан адамраҟны ашәҭқәа ҭаԥсаны ибеит.

Аигумен Игнати иажәақәа рыла, ауаа абжьааԥны ус акәӡам аԥсразы ажәабжь шрыдыркыло. «Ҳара зегьы ҳгәы ҳахьуаеит, ҳгәырҩоит, ҳҵәыуоит, амыткәыма ҳҳәоит, избан акәзар аԥсра ҳацәшәоит. Ҳәара аҭахума, уи зегьы зыхҟьо ҳагәрагара амаҷра ауп. Аха, аиашазы, иҭҵаам акы аҿаԥхьа ашәара ԥсабараны иҳалоу ҟазшьоуп», - ҳәа инацҵаны иазгәеиҭеит иара.

Аҟәа. Нанҳәамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Зметраж нагӡоу арежиссиор Наур Гармелиа иҭихыз асахьаркыратә фильм «Аҵыхәтәантәи ахәԥса» XIII Москватәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль «Будем жить» аноминациа «иреиӷьу арежиссура» аҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Амилаҭтә сахьатә галереиа ацәыӡра, апсевдоним ГенЕрген ала аус зуа асахьаҭыхыҩ Геннади Рамин-Гамгьиа иблыз аусумҭақәа рсеириа аиҭаҿиара азы аидеиа изцәырнагеит.  Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иара игәҭакқәа дрылацәажәеит.

Геннади Ромин-Гамгьиа абылраан амца иалаблит хыԥхьаӡара рацәала иуникалу арҿиамҭақәа, аха иара изы ҷыдала акыр аанагоит Николаи Писарчук (1923 – 1997 шш.) исахьақәа реиҭарҿиара ҳәа иазгәеиҭеит. Николаи Писарчук иусумҭақәа аудиториа ду аҿы мыцхәы еицырдыруа иҟаӡам. Урҭ рыхәдура раԥхьаӡа иргыланы, Аԥсны амилаҭтә бзазара иазку асиужетқәа роуп изыдҳәалоу.  

Николаи Писарчук диит 1923 шықәсазы Каменецк-Подолск ақалақь аҿы. Аԥсныҟа нхара ҳәа диасит 1955 шықәсазы.  

Раԥхьа иара Гагра ақалақь аҿы дынхон, нас Аҟәаҟа диасит. Асахьаҭыхыҩ раԥхьатәи ицәыргақәҵа мҩаԥысит 1958 шықәса рзы, акинотеатр «Аԥсны» афоие аҿы.

«Иара даҽаџьарантәи иааз уаҩын, аха «аетнографиатә аԥсуа натиурморт» ҳәа хыс измаз асахьақәа рсериа аԥиҵеит. Иарбоу асахьақәа аҩнымаҭәахәқәа рыла XVIII – XX ашәышықәсақәа рзы аԥсуаа рыбзазашьа зеиӷьаҟам ала иаадырԥшуан», – ҳәа еиҭеиҳәеит  ГенЕрген.

Аҟәа. Нанҳәамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Чечентәи Ареспублика Ахада Рамзан Кадыров Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлари ареспублика ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:

«Аҩызцәа! 

Иахьа ҳара ҳтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра аназханаҵаз амш ауп.

Жәаҳәарада, ари акыр зҵазкуа аҭоурыхтә хҭысуп аҩ-республикак рзы. Сара самеигәырӷьар ауӡом, Урыстәыла иахьа арҭ зеиӷьаҟам арегионқәа рҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылареи урҭ анаҩстәи рыҿиара аҿы ацхыраареи рзы ахәдықәҵара ахьынанагӡо. Ҳҳәынҭқарра Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни реизҳазыӷьара иазырхоу аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара акурс активла адгылара анаҭоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ала официалла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара амш 16-шықәса ахыҵра аҽны Приднесторовтәи Молдавтәи Ареспублика аҿы иҟоу Ареспублика Аԥсны Аофициалтә Хаҭарнакра аҿы аҩ-республикак рофициалтә хаҭарнакцәа еицымҩаԥыргаз адкылара мҩаԥысит. Абри азы адырра ҟанаҵоит ПМА иҟоу Аԥсны Аофициалтә Хаҭарнакра асаит.

Аааԥхьара зауз рхыԥхьаӡараҿы иҟан – Приднестровиа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Бендери ақалақь жәлар рдепутатцәа Рхеилаки рнапхгараҭара, атәыла Анапхгара аппарат аусзуҩцәа, уҳәа егьырҭ аофициалтә хаҿқәа, иара убас ПМА амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.

Еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит ПМА аҿы Ареспублика Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Алеқсандр Ватаман, ПМА аҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра ахада Витали Ианковски, ПМА адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Стециук.

Аҟәа. Нанҳәамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Адгьылбжьаха Канта аҿы ихыркәшахеит Калининград аҿы иаарту ажәҩан аҵаҟа имҩаԥысуаз идуӡӡоу афестиваль «Аҭынчра аҵакыра – амузыка аҵакыра». Абар шьҭа аа-шықәса рыҩныҵҵҟа иара ақалақь аҭоурыхтә ҭыԥ аҿы еиднакылоит академиатә музыка аеҵәахәқәа, иреиӷьу аоркестрқәеи зықьҩыла амузыка абзиабаҩцәеи азыӡырҩцәеи.

«Иарбанызаалак идуу афестивальқәа рзы зегьы ирыцку, ахәҭакахьала «Аҭынчра аҵакыра – амузыка аҵакыра» азы иҷыдаҟазшьаны иҟоу – иара ақалақь аҿы азыӡырҩцәа роуп, - ҳәа иҳәеит Акафедралтә ныхабаа адиректор Григори Хуциев. – Урҭ рыда акагьы зыҟалаӡомызт».

Есышықәса азы еиԥш сынтәагьы, афестиваль аиҿкааҩцәа еиқәдыршәеит еиуеиԥшым, инарҭбаау аконцерттә программа – ахәаԥшцәа ирыдгадан аԥхьарбарақәагьы маҷымкәа.  Раԥхьаӡа акәны афестиваль ахымшк – нанҳәамза 23, 24, 25 – рзы уи иалахәын Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр (асахьаркыратә напхгаҩы Иван Никифорчин) адирижиорцәа: Алексеи Верешьагин (Атеатр Ду), Фабио Мастранджело (Мариинтәи атеатр, Ф.И. Шалиапин ихьӡ зху амузыкатә театр), Антон Гришанин (Атеатр Ду). Иара убас афестиваль аҿы раԥхьаӡа акәны дықәгылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, аопертә шәаҳәаҩы Хьыбла Герзмаа.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны афинансқәа Рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Аказначеиреи атехникатә усеицура рыбжьаҵара азы Амеморандум анапаҵыҩра мҩаԥысит. 

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи Урыстәыла Афедералтә Казначеира анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Демидови.

Аганқәа абарҭ ахырхарҭақәа рыла аусеицура рыбжьарҵоит:

–   аказначеира аусбарҭақәа рфункциақәақәеи  русура аиҿкаареи;

– абиуџьетқәа рымҩаԥгара аметодологиеи атехнологиеи;

– акассатә хархәагақәа рфинанстә зԥхьагәаҭареи рнапхгараҭареи;

– аказначеира аусбарҭақәа рҿы аинформациатә технологиақәа;

– абиуџьеттә ҳасаббареи аҳасабырбареи;

– абиуџьет анагӡара ахылаԥшреи ахәшьара аҭареи аҩныҵҟатәи аудит амҩаԥгареи.

«Гәахәара дууп атәыла азы акыр зҵазкуа ари амш аҽны Аԥсны шәбара. Ҳара аҩганктәи ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиара ҳаҿуп. Иахьа акыр аамҭа ҳазлацәажәоз агәҭакқәа амеморандум анапаҵыҩрала анагӡара хацыркхоит.

Амеморандум ҳтәыла афинанстә система, ахәҭакахьала, аказначеира арҿиаразы иназыцҵоу алшара аԥнаҵоит», – ҳәа амеморандум анапаҵыҩра иазкыз ацеремониа алагаанӡа дықәгыло иҳәеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Иара Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә казначеира анапхгараҭара ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит  Аԥсны аказначеира асистема аԥҵара аҿы уи иҟанаҵаз ацхыраара азы.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш инамаданы дидныҳәалеит.

«Нанҳәамза 26, 2008 шықәса аиашьаратә аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы иҿыцу етапны иҟалеит.  Уи амш инаркны ииасыз 16 шықәса рыла атәыла аҿы аҳәынҭқарратә шьақәгылареи асоциал-економикатә ҿиареи рганахьала ақәҿиарақәа шыҟоу умбар залшом. Иахьа Аԥсны атәылауаа реизҳазыӷьареи рынхашьа аихьтәреи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵоуп.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.