Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш инамаданы дидныҳәалеит.
«Нанҳәамза 26, 2008 шықәса аиашьаратә аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы иҿыцу етапны иҟалеит. Уи амш инаркны ииасыз 16 шықәса рыла атәыла аҿы аҳәынҭқарратә шьақәгылареи асоциал-економикатә ҿиареи рганахьала ақәҿиарақәа шыҟоу умбар залшом. Иахьа Аԥсны атәылауаа реизҳазыӷьареи рынхашьа аихьтәреи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵоуп.
Агәра ганы сыҟоуп Москваеи Аҟәеи ирыбжьоу зыҩаӡара ҳараку агәреибагареи аиҩызареи аринахысгьы хымԥада аҿиара роуеит, аидгылареи астаратегиатә партниорреи рырӷәӷәареи ҳажәларқәа ибеиоу рҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи алыршахоит», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Дмитри Медведев Аслан Бжьаниа агәабзиареи инапы злаку аҭакԥхықәра зцу аусура аҿы ақәҿиарақәеи, аԥсуа жәлар аизҳазыӷьареи аҭынчреи рзеиӷьаишьеит.