Иара аполитикатә мзысқәа рыла зыҿцәажәара мҩаԥысуа атәылақәа ртәы макьаназы иаартны изҳәаӡом ҳәа иазгәеиҭеит.
Урыстәылатәи Афедерациа зегьы раԥхьа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит. Уи ҟалеит нанҳәамза 26, 2008 шықәсазы. Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аныҟала ашьҭахь инақәырццакны егьырҭ атәылақәа рыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵарақәа ҟалеит. Убас, цәыббрамза 5, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ашьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҩбатәи тәыланы иҟалеит Ареспублика Никарагуа. Шықәсык ашьҭахь, цәыббрамза 10, 2009 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра аофициалла иазханаҵеит Боливарианттәи Ареспублика Венесуела, ԥхынҷкәынмза 15, 2009 шықәсазы – Ареспублика Науру, лаҵарамза 23, 2011 шықәсазы – Ареспублика Вануату, цәыббрамза 18, 2011 шықәса рзы – Ареспублика Тувалу. Лаҵарамза 29, 2018 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Шьамтәылатә Арабтәи Ареспублика.
Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалоу быжь-ҳәынҭқаррак – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла.