Аҟәа. Нанҳәамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 28 рзы Аԥсны иқәынхо аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа Анцәа дзыхшаз Ицқьаӡоу Мариа Лылацәеиқәыԥсара Амш азгәарҭоит. Ари аиашахаҵаратә ныҳәа дуқәа иреиуоу ныҳәоуп, уи Ицқьаӡоу Анцәа Иан Мариа цәеижьла жәҩан ахь лхалара иадҳәалоуп. Ари ахҭыс «аԥсҭазаара алҵра» ҳәа акәӡам ишашьҭоу, уи Анцәа дзыхшаз «лылацәеиқәыԥсара» ауп, ауахәамаславиантә бызшәа аҟынтәи еиҭаганы «ацәара», мамзаргьы «ҭынч аԥсра» ҳәа иаанагоит. Ари аныҳәа символс иамоуи, ақьырсианцәа уи шазгәарҭоуи ртәы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зхоу Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама адәныҟатәи ауахәаматә еимадарақәа рыҟәша ахантәаҩы, аигумен Игнати (Киут).
Аигумен Игнати иажәақәа рыла, Ауахәама адинҵара инақәыршәаны, Анцәа дзыхшаз Ацқьаӡа Мариа дымԥсӡеит. «Лара аԥсра лкьымсӡеит. Лара аамҭала ацәа дынҭанагалеит, уи азы ауп ари Амш Алацәеиқыԥсара ҳәагьы изашьҭоу», - ҳәа иазгәеиҭеит иара. Ари иҷыдоу аҟазшьа змоу мшуп Аиашахаҵаратә Уахәамеи Жәҩан раҳкәажәи рыԥсҭазаара азы.
Ари аныҳәа азгәаҭара зызку Анцәа Иан лыԥсҭазаара лалҵреи анышә ламадареи рзы адырраҭара иашаны ишьақәыргылаӡам. Ауахәаматә ҵарақәа атекстқәа реиҳарак рыҟны иаагоуп абас иҟоу асиужет: Иаса Қьырса жәҩан ахь ихалара анаҩс Зегь реиҳа иԥшьоу Анцәа Иан Аҭыԥҳа Мариа зны Ефес дыҟан, нас лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Иерусалимҟа дыиасит, ацқьа цҳаражәҳәаҩ Иоан дагьылхылаԥшуан. Ус уасиаҭ ажәаны изаанижьхьан иара Анцәа, иан гәакьа леиԥшҟьа ахылаԥшра лиҭаларц азы. Лԥеи Лареи реиԥылара дазыԥшны лара есымша Голгофа аҳаракыраҿы дныҳәон. Аҭыԥҳа Мариа лыԥсҭазаара лалҵра хымыш шыбжьаз, аԥаимбар Гавриил дылҭаан, лассы лыԥхазмоу алацәеиқәыԥсарахь дшиасуа атәы леиҳәеит. Ацқьаӡа Аҭыԥҳа Мариа лзы ари лыԥха змоу жәабжьны иҟалеит. Лара ацҳаражәҳәаҩцәа зегьы даарыԥхьеит, лцара атәы ралҳәарц азы. Анцәа дзыхшаз лҳәатәала лцәеижь Иерусалим азааигәара, Гефсиманиа, лани лаби, рнышәынҭрақәа рыбжьара анышә иамадан. Хымыш рышьҭахь анышәынҭраҟны дааит ацҳаражәҳәаҩ Фома, иара лыԥсҭазаара даналҵ аҽны дыҟамызт азы, аха Ацқьа Мариа лцәеижь аҭыԥан адамраҟны ашәҭқәа ҭаԥсаны ибеит.
Аигумен Игнати иажәақәа рыла, ауаа абжьааԥны ус акәӡам аԥсразы ажәабжь шрыдыркыло. «Ҳара зегьы ҳгәы ҳахьуаеит, ҳгәырҩоит, ҳҵәыуоит, амыткәыма ҳҳәоит, избан акәзар аԥсра ҳацәшәоит. Ҳәара аҭахума, уи зегьы зыхҟьо ҳагәрагара амаҷра ауп. Аха, аиашазы, иҭҵаам акы аҿаԥхьа ашәара ԥсабараны иҳалоу ҟазшьоуп», - ҳәа инацҵаны иазгәеиҭеит иара.
Иџьашьахәны иҟалеит Ацқьаӡа Мариа аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара азы адунеи ахи-аҵыхәеи рҟынтәи аара ахьрылшаз 12-ҩык ацҳаражәҳәаҩцәа зегьы. Ауахәаматә аҵарақәа изларҳәо ала, Иаса Қьырса Иан лыԥсы цқьа ажәҩанахь ишьҭихит. Ари амш азы лара лылацәа ааиқәылыԥсеит ауп, жәҩангәашәԥхьара абареи насыԥла иҭәу, ҵыхәаԥҵәара змам аԥсҭазаара азы иаразнак ала дааԥшырц, хымш рышьҭахь инаӡаӡоу ацәеижь лыманы инаӡаӡоу, насыԥла иҭәу анхарҭаҿы дынхарц азы. Иара убри ауха Ацқьаӡа Мариа аԥааимбарцәа лыцны ацҳаражәҳәаҩцәа рҽаԥхьа дцәырҵит, абасгьы лҳәеит: «Шәгәырӷьала! Сара есымша сшәыцзаауеит, Анцәа иҿаԥхьагьы шәара шәзы сныҳәаҩуп аринахысгьы».
Ари иԥшьоу аныҳәа аҽны аигумен Игнати Аԥсны жәлар ирзеиӷьаишьеит аҭынчра, насыԥла иҭәу аԥсҭазаара, доуҳала акзаара. «Ҳажәлар иԥшьоу Ауахәамеи Анцәеи рахь доуҳала рымадареи аԥсадгьыл ахь абзиабареи еиднакылааит. Анцәа ибзиабареи адинхаҵареи ҳаиднамкылар, усҟан жәларык еиԥш аҟазаара акыр иаҳцәыуадаҩхашт, усҟан ҳара баша гәарҭаны ҳаакәхоит», - ҳәа иҳәеит иара иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.
Анцәа дзыхшаз Ацқьаӡа Мариа Лылацәеиқәыԥсара Амш азгәаҭара инамаданы, аныхабаақәа зегьы рҿы ашьыжь, асааҭ 8.00 рзы аныҳәатә литургиа мҩаԥысуеит. Нaнҳәa aныҳәaнӡa aиaшaхaҵaҩцәa ҩымчыбжь ичгон.
Ицқьаӡоу Анцәа дзыхшаз Лылацәеиқәыԥсара аныҳәа ду ахьӡала литиа ҳәа изышьҭоу ауахәама анҭыҵтәи анцәаимаҵзурақәа мҩаԥысуеит, иаԥхьоит Иԥшьоу Ашәҟәы Абиблиа аҟынтәи атекстқәа рцыԥҵәахақәа, иаԥхьоит иара убас Евангелие. Анцәамаҵзуҩцәа иаадәылыргоит шәҭыла иҩычоу Ацқьаӡа Мариа лалацәеихьшьраан илыкәыршәыз ацаха символра азызуа ашәхарԥа. Уи кны аадиншәаҳәарала ауахәама иакәшоит.
Анцәа дзыхшаз лыхьӡала иҟоу аныҳәақәа зегь раан еиԥш, ари амш аҽны ақьырсианцәа зегьы аныхақәа рыҟны имҩаԥысуа анцәаиҳәара рҽаладырхәуеит.
Ақьырсиантә динхаҵара ныҟәызго аӡәырҩы ари иԥшьоу аныҳәа аҽны Аԥснытәи Аҳра ажәытәӡатәи аҳҭынраны иҟаз Лыхны игылоу, Анцәа дзыхшаз Ацқьаӡа Мариа лыхьӡ зху Ауахәама аҿы еизоит.