
pressadmin-2
Ԥсоуи Егри еимаздо ареспубликатә мҩаду аҿы иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс иахҟьаны хаҵак дҭахеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Нанҳәа 20 ашьыжь, асааҭ 8 рзы, Ԥсоуи Егри еимаздо ареспубликатә трасса 55-тәи акилометр аҿы, Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа иахьаҵанакуа иҟалаз амҩатә машәыр аҟны 1974 шықәса рзы ииз ахаҵа дҭахеит», – ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба.
Автомашьына аԥсҟы зкыз Анқәаб, инеиужьу ацәаҳәа аҿы аԥысра аманиовр анагӡараан арымарахь еихаҵәиуаз амашьына даахеит. Уи иахҟьаны Анқәаб имашьына ааҳәит.
Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» Пицунда ақалақь аҿы аусура хыркәшахеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Пицундатәи апансионат «Литфонд» аҿы VI Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» аркра иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.
Ари апроект рхы аладырхәит Гагра араион аҟынтәи арҵаҩцәа. Ашкол – арҵаҩцәа, Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи аконкурсқәа «Ашықәс арҵаҩы» алауреатцәеи аԥснытәи арҵаҩцәеи рыбжьара аԥышәеимадара азы хра злоу алшара аԥнаҵеит.
Аҽазыҟаҵарақәа ԥшь-хырхарҭак рыла имҩаԥысуан: ашколнӡатәи аҵара, аԥсуа бызшәа, алагарҭатә школ, абаҩарҵәыратә культура.
Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа аԥхынтәи ашкол алахәылацәа аџьшьаратә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи ранеишьеит, апансионат «Литфонд» адиректор – апансионат абиблиотека ахарҭәааразы ашәҟәқәа ҳамҭас ииҭеит.
Хьыбла Герзмааи Игорь Бутмани рконцерт мҩаԥысит.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. XXII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашәахьа, нанҳәамза 19 рзы, Аҟәа ақалақь, атеатралтә ашҭа аҿы имҩаԥысит аџьазтә концерт.
Хыԥхьаӡара рацәала аконцерт ахь иааз ахәаԥшцәа рҟазарала ргәалаҟазаара шьҭырхит Аԥсни Урыстәлеи Жәлар рартистка Хьыбла Герзмааи Урыстәла Жәлар рартист, асаксофонрҳәаҩы Игорь Бутмани Сергеи Макеев напхгара зиҭо аџьаз-бенди.
Ақәгылара иалагаанӡа Хьыбла Герзмаа, мчыбжьқәак рышьҭахь Урыстәыла ақалақьқәа рахь агастрольтә тур ду алагоит, абҵарамзазы афестиваль раԥхьаӡа акәны Китаи имҩаԥысуеит ҳәа иазгәалҭеит.
Алеқсандр Анқәаб Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Маҵзура аҳәаахьчаратә хылаԥшра Адепартамент аиҳабыс иҟаҵоу Сергеи Шьедрин дидикылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аҳәаахьчаратә хылаԥшра Адепартамент анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-леитенант Рафаель Даербаев Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб диирдырит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә Маҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩ ҿыц, аинрал-маиор Сергеи Шьедрин, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аиԥылара ихы алаирхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Алеқсандр Анқәаб Амаҵзура уаанӡатәи аиҳабы Андреи Кудимов иусуразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, уи Аԥсны амчратә усбарҭақәа аус ахьрыциуаз ахәшьара ҳарак аиҭеит, аринахысгьы иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.
Хибла Герзмаа Х ашәышықәса иаҵанакуа Бедиатәи аныхабаа ааигәара амузыка абзиабаҩцәа лыдылкылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи» рконцерт мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 18 рзы Х ашәышықәса иаҵанакуа Бедиатәи аныхабааҿы.
Ари аусмҩаԥгатә XXII жәларбжьаратәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аԥшьбатәи аконцерт акәын.
Аконцерт аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи иҭаацәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.
Адунеи зегьы аҿы даара бзиа еицырбо Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка есымша азыӡырҩцәа лыршанхоит иуникалу, акы иаламҩашьо лыбжьы хаа ала. Ари ахәылԥаз азы аоператә шәаҳәаҩи адирижиор, Урыстәылатәи Афедерациа Жәлар рартист Лев Конторович напхгара зиҭо Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи» Бедиатәи аныхабааҿы аклассикатә музыкатә концерт мҩаԥыргеит.
Амузыкантцәа ахәаԥшцәа ирыздырхиеит даара аинтерес зҵаз апргграмма, уи иалалеит адунеитә класика аҟынтәи аԥҵамҭақәа, аурыс, аԥуа жәлар рашәақәа, иара убас асоветтә омпозиторцәа рашәақәа.
Ахәаԥшцәа еихымсыӷьуаз анапеинҟьарала Хьыбла Герзмаа иналыгӡоз В. Беллини иопера «Норма» аҟынтәи Норма лыкаватина, акатолиатә матанеира «Аве Мариа» еиуеиԥшым авариантқәа хԥа, акомпозиторцәа И.С. Бах– Ш. Гуно, В. Вавилов – Д. Каччини, В. Шуберт рырҿиамҭақәа, акомпозитор Л. Афанасиев, И. Шаферан иажәақәа рыла иҩыз ашәа «Гляжу в озера синие».
Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәа» инарыгӡеит Н. Голованов иашәа «Свете тихий», «Шутка» И. С. Бах- «Laudate dominum», иара убас В.А. Моцарт ирҿиамҭа «Турецкий марш», аурыс жәлар рашәақәа «Тонкая рябина», «На горе то калина».
Ахәаԥшцәа даараӡа ибзианы ирыдыркылеит Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәа» адирижиор Лев Конторович инапхгарала инанагӡаз аԥсуа жәлар рашәақәа «Ахәра ашәеи», «Ахра ашәа».
Константин Ԥлиа: Шьашьикәара ақыҭан иҟоу агәамсамеизакырҭа ахь агәамсам анагара шәарҭоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Агәамсамеизакырҭа аҿы амца арцәара залыршахаанӡа агәамсам ықәызго амашьынақәа уахь изнеиӡом, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Гал араион ахада Константин Ԥлиа.
Иара иажәақәа рыла, уажәы Аҟәантәи ирго агәамсам зқәу амашьынақәа Гал уахьналало игылоуп.
«Ҩымш раԥхьа агәамаеизакырҭа адәы аҿы амцакра ҟалеит. Ҳара ҳамчқәа рыла амца арцәара ҳҽазаҳшәеит, аха уи ахьхәыҵҟьаз хыхь акәӡам, аҩныҵҟа ауп иахьыҟоу, амца ахыҵхырҭақәа рахь анеира акыр иуадаҩуп. Убри аҟнытә ихымԥадатәиуп аекскаваторқәагьы амцарцәаратә машьынақәеи аамҭак ала аус руларц. Амцарцәаратә машьынақәа аҵакыра аӡы ақәырҭәо, урҭ рышьҭахь аекскаватор адгьыл аӡы алалартә еиԥш уи еиқәыжьуа иҟанаҵалароуп. Мҽхакы ҭбаала аусура нагӡатәхоит. Агәамсамеизакырҭа аҵакыра дууп, алҩа ахьыӷәӷәоу инамаданы уаҟа аҟазаара шәарҭоуп», – ҳәа иҳәеит Константин Ԥлиа.
Амҽыша, нанҳәамза 18, асааҭ 12 рзы Гал араион ахада Константин Ԥлиа Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реизакырҭатә дәы аҭагылазаашьазы иаԥҵоу аоперативтә штаб еизигеит. Аилатәара рхы аладырхәит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Даур Ақаҩба, Гал арион абылра-цәыхьчаратә отриад аиҳабы Зухбаиа, араион апрокурор Коӷониа, аеколог Киртаӡе, амилициа араионтә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҷедиа, ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Кәакәасқьыр, Шьашьикәара ақыҭа ахада, уҳәа убас егьырҭгьы.
Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Аҟәантәи агәам-сам Шьашьикәара иҟоу агәамсамеизакырҭа ахь иргалоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭеи Гал Ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭеи ҳазҭоу 2024 шықәса нҵәаанӡа Шьашьикәара иҟоу агәамсамеизакырҭа ахь агәамсам анагареи аус адулареи рзы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь Ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа адиректор Руслан Аҩӡба.
Уи иажәақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Аҟәа ақалақь Ахадара Гәылрыԥшь араион Кыцикыҭ иргылоу икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реизакырҭа ҿыц азы ихымԥадатәиу атехникақәа адгалара азԥхьагәанаҭоит. Уи ашьҭахь Аҟәантәи агәамсам Кыцикыҭ инаргалоит.
2019 шықәса раахыс Аҟәантәи агәамсам Шьашьикәара иҟоу агәамсамеизакырҭа ахь иргоит.
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Нона Дорофеева лиубилеи лыдырныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аҟәа иҟоу «Москва Аҩни» ахаҭарнакцәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Нона Дорофеева 100-шықәсатәи лиубилеи лыдырныҳәалеит!
Аветеран ашәҭқәеи аҳамҭақәеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В.В.Путин ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәи ланаршьеит.
Урыстәыла Ахада иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы атекст аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Иалкаахеит Аԥсны Афырхацәа Арзамеҭ Ҭарбеи Салыбеи Арӡынбеи ргәалашәара иазкны имҩаԥгаз аԥкьаҭмпыл азы атурнир аҿы аиааира згаз.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ихыркәшахеит Аԥсны Афырхацәа Арзамеҭ Ҭарбеи Салыбеи Арӡынбеи ргәалашәара иазкны имҩаԥгаз аԥкьаҭмпыл азы Иаарту ареспубликатә атурнир. Нанҳәамза 15 – 19 рзы Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Ареспубликатә ԥкьаҭмпылтә школ аҿы имҩаԥысуаз атурнир рхы аладырхәит ареспублика араионқәа, иара убас Москвеи Санкт-Петербург ақалақьқәеи рҟынтәи 70-ҩык аспортсменцәеи Швеицариантәи иааз спортсменки.
2014 шықәсазы иизи урҭ иреиҵбууи аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Омар Коӷониеи Аниса Амҷбеи, аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Сандро Ҵнариеи Амра Герхьелиеи, ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Давид Феизбеи Софиа Чаабали.
2011 шықәсазы иизи урҭ иреиҵбууи аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Нестор Цужбеии Софиа Ҭарбеи, аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Сабри Нанбеи Алиа Ҵнариеи, аџьазтә аԥхьахәқәа ргеит Баграт Иванбеи Валериа Емексузиан.
Давид Сангәылиа Нонна Дорофеева лиубилеи лыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Аппарат аиҳабы Давид Сангәылиа 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Нонна Дорофеи-иԥҳа 100-шықәса лхыҵратәи либиулеи лыдиныҳәалеит.
Давид Сангәылиа аветеран агәабзиареи агәамчи лзеиӷьаишьеит.
«Ҳара шәҭаацәа рыгәҭа шәбара даараӡа ҳаигәырӷьоит. Даҽа акыр шықәса агәабзиареи агәамчи шәыманы шҳамазааит, агәалаҟазаара бзиа шәыманы Аиааира Дуӡӡа Амшныҳәа шәаԥылалааит!», - ҳәа иҳәеит Давид Сангәылиа.