АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ареспублика ахьыԥшымра азхаҵаразы Урыстәыла иҟоу адипломатиатә миссиақәа рҿы аиҿцәажәарақәа мҩаԥнагоит, ҳәа Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа иахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит   Аинформациатә Маҵзура «ТАСС».

«Урыстәыла анаҩс ҳара ҳхьыԥшымра азханаҵеит егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәакгьы. Ҳара иарбоу ахырхарҭала активла аус аауеит. Аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит Урыстәыла иҟоу адипломатиатә миссиақәа рҿы. Ари аус аҿы аиашазы аихьӡарақәагьы ҳамоуп», - ҳәа есышықәса, нанҳәамза 26 рзы иазгәарҭо, Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аныҟала Амш инаркны 16-шықәса аҵра инамаданы имҩаԥгаз авидеоцҳа «Москва-Аҟәа ала дықәгыло иҳәеит иара.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахьӡала ареспублика ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара инамаданы адныҳәаларатә цҳамҭа дәықәнаҵеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Урыстәылатәи  Афедерациа 2008 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара аганахьала иҟанаҵаз ашьаҿа ус имариамызт, аха уи ҳәажәларқәа рлахьынҵа зчаԥаз аӡбамҭа, аҭоурыхтә иашара еиҭашьақәзыргылеит, ҳажәларқәа ршәарҭадара ахьчеит, аҭынчра шьақәнаргылеи

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ашьапылампыл азы азыҟаҵаҩ, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз абаҩарҵәыратә культура аусзуҩ Иури Логәуа игәалашәара иазку, 2016 шықәса рзы ииз ахәыҷқәа рыбжьара ашьапылампыл азы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә  турнир.   

Атурнир аихшьаалақәа рыла, актәи аҭыԥ ааннакылеит акоманда «Динамо» Аҟәа, аҩбатәи аҭыԥ – Ахәмаррақәа рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ, ахԥатәи аҭыԥ – Гәдоуҭа ақалақь ахәмаррақәа рзы Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ.  

Аҟәа. Нанҳәамза 26,  2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 26, Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш аҽны, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Џьгьиарда даҭааит. Араҟа анышә дамадоуп Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь.  

Аҳәынҭқарра Ахада, Ахада Ихаҭԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа Сергеи Багаԥшь иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы аԥкьаҭмпыласҩы қәыԥш Нестор Цужба иԥылара мҩаԥысит.  

«Ҳара гәахәара дула иудаҳәныҳәалоит қәҿиарала уқәгылара. Ааигәа уара европатәи аԥкьаҭмпылтә турнир  TE BATD Cup #1 La Cure U12 афиналтә матч аҿы Бельгиатәи иԥхьагылоу аԥкьаҭасҩи уареи шәеицлабра ашьҭахь араӡнытә аԥхьахә угеит. Уи ашьҭахь уара Аԥсны Афырхацәа Арзамеҭ Ҭарбеи Салыбеи Арӡынбеи ргәалашәара иазкны имҩаԥгаз Иаарту ареспубликатә турнир аҿы зхала иҟоу ахәмарра аҿы аиааира угеит, аихацалактә хәмарра аҿы араӡнытә аԥхьахә угеит.  Ҳара есымша ҳаигәырӷьоит уқәҿиарақәа, уара уеихьӡарақәа иазҿлымҳауп, иаргәырӷьоит милаҭрацәала еилоу ҳажәлар зегьы. Уқәраҿы иҟоу ахәыҷқәа уҿыԥшуеит, уара уеиԥш иҟаларц рҭахуп. Ҳара иузеиӷьаҳшьоит ақәҿиара дуқәа, аманшәалара», - ҳәа иҳәеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы  Ҭарашь Ҳагба.

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аспорттә хьыӡқәеи аҟазараҩаӡарақәеи ранашьаразы акомиссиа аӡбамҭа ала, аԥснытәи аспортсменцәа гәыԥҩык ахьӡқәеи аҟазараҩаӡарақәеи ранашьахеит.

«Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи акласс иаҵанакуа аспорт азҟаза» ҳәа ахьӡ ранашьахеит:

– самбо азы – Ислам Абитов, Мураҭ Аров, Инал Гаделиеи   Мураҭ Коготови;

– карате-до азы  – Тариел Чежьиа;

– абокс азы  – Русҭам Аиба, Денис Барчан, Погос Зопуниани Саид Смыри.  

 «Ареспублика Аԥсны аспорт азҟаза» ҳәа ахьӡ ранашьахеит:

– абокс азы – Даур Габриа, Гьаргь Гогохиеи  Баграт Ҭаниеи;

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш аҽны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспублика Актәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу днеит. Араҟа уи Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремоиа ихы алаирхәит.

Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремона ашьҭахь, Аслан Бжьаниа аибшьра аҿы аиааира агареи иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа раан иҟаз хыԥхьаӡара рацәала  ауадаҩрақәа рахгареи зыхьӡ адҳәалоу, Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит. 

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы, Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 16-шықәса аҵра инамаданы,  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит. 

Аибашьраан иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы Рауль Лолуа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Асхар Џьиоев, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Нанҳәамза 26  рзы Аԥсны иахьаҵанакуа ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара Амш азгәарҭоит.

16  шықәса раԥхьа, нанҳәамза 26, 2008 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Дмитри Медведев Иусԥҟа ала Урыстәылатәи Афедерациа Ареспублика Аԥсни Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәылеи  официалла иазханаҵеит. 

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26 – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара иамшуп. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аҽны адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш!

2008 шықәса нанҳәамза 26 Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара иазку ажәабжь ҳзаазгаз аҭоурыхтә ҵакы змоу мышны иҟалеит. Ари амш Аԥсны жәлар зегьы рзы ныҳәа дууп. Ашәышықәсақәа раахыс аԥсуа жәлар зеиԥхыӡуаз, гәҭыхас ирымаз наӡеит – иахьа зхы иақәиҭу ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны инхарт-инҵыртә аҭагылазаашьа рымоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.    Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәеи аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәеи аӡиа Риҵа ахь узланеиуа Бзыԥтәи аҩхаа иахьаҵанакуа ареидтә усмҩаԥгатәқәа еицымҩаԥыргеит. Ареидқәа рымҩаԥгараан аџьипқәа аанкыланы урҭ рконструкциа аԥсахрақәа алагалоу иалагаламу  гәарҭон, иара убас апассаџьырцәа рымҩаԥгара аԥҟарақәа рықәныҟәара ахьынӡааларшоуи, иара убас иарбоу аусура ахкы анагӡара азакәантә шьаҭас иамоуи  еилыркаауан.   

Аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи апассаџьырцәа рыиагара знапы алаку амашьынарныҟәцаҩцәа рыла ӷәӷәала амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара аганахьала лассы-лассы агәынамӡара аадырԥшуеит. Амашьынарныҟәцаҩцәа аӡәырҩы алицензиеи иахәҭоу аусшәҟәқәеи рыда аекскурсиатә ныҟәарақәа мҩаԥыргоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.