АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» астанциа маҷ «Тҟәарчал-Аӡфымцастанциа» аиҭарҿыцра мҩаԥнагоит. «Амшынеиқәафымцамч» Егрытәи Аӡфымцатә Станциа  аҟынтәи Ԥсоунӡа Аԥсны егьырҭ араионқәа рахь афымцамч назго астанциа маҷ «Тҟәарчал-Аӡфымцастанциа» аиҭарҿыцра мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

«Уаанӡа ахәшатә арцәага дуқәа ықәгылан. Урҭ рыхәҭак аус руӡом, егьырҭгьы рхархәара аамҭа иахысхьеит. Уажәы ҳара урҭ ҳаамҭазтәи асистемақәа рыла иҳаԥсахит. Арелеитә хьчагақәа раркреи рырцәареи иаҳа имариахеит", – ҳәа еиҭеиҳәеит астанциа маҷ аиҳабы Сосо Езыгәбаиа.

Астанциа маҷ аҿы анапхгараҟаҵаратә ԥырак ҿыц азы ахыбра дыргылахьеит, иқәыргылахоит амыруга ҿыцқәа.

Аԥхьаҟа иазгәаҭоуп Очамчыра инаркны 110 кВ иҟоу ацәаҳәа амҩангара, ЕгрыГЕС аҿы аиԥҟьараан абонентцәа лашарада иаанымхаларц.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 14 рзы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминимстрраҿы Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа Ареспублика хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз реидгыла ахантәаҩы Игор Кокоеви Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи реиԥылара мҩаԥысит.  

Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа Ареспублика хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз реидгыла ахантәаҩы Игор Кокоев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба амедал "Уаԥстәыла ахьӡ-аԥша азы" инапаҿы ииркит ареспублика ахада Сергеи Мениаило ихьӡала.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Жәаф шықәса раԥхьа Урыстәылатәи Афедерациа ҳтәыла аганахь ала аҵак ду змаз аӡбра аднакылеит. Нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Дмитри Медведев Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп ҳәа изшьоз Аусԥҟа инапы аҵеиҩит», - ҳәа Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара амш 16-шықәса аҵра иазкны РИА-Новости иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа.

Уи иажәақәа рыла, нанҳәамза 26, 2008 шықәса ҳҳәынҭқарра ашьақәырӷәӷәара, егьырҭ адунеи атәылақәа рганахь ала азхаҵара амҩа, аҿиара иашьагәыҭхеит. Урыстәылатәи Афедерациа ахаганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқаррақәоуп ҳәа разхаҵара жәларбжьаратәи азхаҵара змоу ажәларқәа рхалахатәҳәаақәҵара азин анагӡареи ажәлар рыхьчареи иазырхан.

«Урыстәылатәи Афедерациа Ареспублика Аԥсни Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәынҭқарратә хьыԥшымреи рсуверенитети разхаҵара азы иаднауылаз Аӡбамҭа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа иузақәымҭхо, жәларбжьаратәи азхаҵара змоу ажәларқәа ахҳәаақәҵара азы рзин ахьчара иазкын», – ҳәа иазгәеиҭеит аԥснытәи адипломат.

Иазгәаҭатәуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп ҳәа азхаҵара ашьҭахь Урыстәыла ишашьҭарақәлаз егьырҭ ЕАР-атәылақәагьы.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   2024 шықәса, нанҳәа 26 азы Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара иалахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицураз Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Сергеи Шамба Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара 16 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәырц арахь раара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.

Иазгәеиҭеит «ҳажәларқәа рзы иҭоурыхтәу амш азы Аахыҵ Уаԥстәылатәи ҳашьцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәара гәыҟаҵагоуп» ҳәа. «2008 шықәса абри амш азы, Аахыҵ Уаԥстәыла ашьаарҵәыратә хҭысқәа рышьҭахь, Аԥсны аҵакыра зегьы шьаҭанкыла ахы ианақәиҭха ашьҭахь, иазхаҵан Аԥсны ахьыԥшымра. Ари амш ааигәахарц аџьабаа рбахьан аԥсуа абиԥарақәа жәпакы, урҭ ахақәиҭра, ахьыԥшымра, ҳзинқәа ирзықәԥон. Аԥсадгьыл аҵеицәеи аԥҳацәеи аӡәырҩы рхы ақәырҵеит ҳмилаҭқәа рҭынч ԥсҭазааразы. Раԥхьа ари ҟалеит Аахыҵ Уаԥстәыла, нас Аԥсны», – ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада Алан Гаглоев Арсепублика Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Арсепублика Аԥсны ахьыԥшымра Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Ареспублика Ааахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала, Шәареи аиашьаратә аԥсуа жәлари гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит амилаҭтә ныҳәа ду – Арсепублика Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш.

Нанҳәамза 26, 2008 шықәса ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи рҭоурых аҿы илахьынҵаӡбагоу ахҭыс – Урыстәылатәи Афедерациа ала аҩ-республикак – Ареспублика Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылатәи Арсепубликеи рсуверенитети рҳәынҭқарратә хьыԥшымреи азхаҵара аныҟала амш аҳасабала наунагӡа иаанхоит.  Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни разхаҵара азы аӡбамҭа адкылараан Урыстәыла ҳтәылақәа рҳәынҭқаррара жәларбжьара-иазхаҵоу акритериақәа рашьашәалара, иара убас урҭ рдемократиатә шьаҭақәа, шықәсырацәа ирҭагӡоу ихьыԥшымкәа қәҿиарала аҿиара иадҳәалоу аԥышәеи акырынтә ишьақәырӷәӷәаз ҳреспубликақәа ахақәиҭреи ахҳәаақәҵареи рзы рзин ахьчара азхиара  ҳасаб азнауит.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи  аԥсуа жәлари Урыстәылатәи Афедерациа ала Арсепублика Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара Амш рыдиныҳәалеит.

«Аԥсуа жәлар рпатриотизми рфырхаҵареи  рхацәнымырхареи русуралшареи ирыбзоураны, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара, аҳәынҭқарратә суверенитети атәыла жәларбжьаратәи апозициақәеи рырӷәӷәара амҩала ашьақәгылара иаҿуп.  

Приднестровиа-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа иӷәӷәоу ашьаҭа амоуп. Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа ҳтәылақәа рыбжьара аҿиара иаҿуп ҵакыла игәылҭәаау аполитикатә диалог, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла хра злоу аусеицура.  

Агәра ганы сыҟоуп аринахысгьы ҳажәларқәа ринтересқәа ирықәшәо ҳусеицура есааира аҳәаақәа шарҭбаало», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев напхгара зиҭо, Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш  16-шықәса ахыҵра азгәаҭара азы Аԥсныҟа иааз Ааахыҵ Уаԥстәыла аделегациа идикылеит.

Аиԥылара аҿы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа Рминистррақәа 2024-2025 шықәсқәа рзы аконсультациақәа рыплан рнапы аҵарҩит. Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Сергеи Шамбеи Ахсар Џьиоеви.

«Ари аусшәҟәы адипломатиатә усхкы аҿы ҳусеицуреи ҳаизыҟазаашьақәеи рыҿиара иацхраауеит, - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Шамба.  

Ахсар Џьиоев, ахәҭакахьала, Сергеи Шамба Аахыҵ Уаԥстәыла аус ацуреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи дахьадгыо азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.  Иара убасгьы аринахысгьы ахырхарҭақәа зегьы рыла аусеицура дшазхиоу азгәеиҭеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара Аминистрра араионқәа рышколқәа рахь идәықәнаҵеит 15 нызықь инарзынаԥшуа Аԥсны иҭрыжьыз арҵагатә цхыраагӡатәқәа. Аҵара Аминистрра ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Аслан Кәыҭелиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, асиа иарбоуп 20 хьӡы инареиҳаны.   Атәыла ашколқәа рахь идәықәҵаз арҵагашәҟәқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – «Аурыс литература», «Аԥсуа бызшәа» Аматематика», аиашаҩыразы атетрадқәа, «Афинанстә ҵарадырра», иара убас алагарҭатә ҽазыҟаҵарақәа рзы акомплект «Аҟәыбҷа», уи иалагалоуп «Анбан», алакәқәа, арҵаҩцәа рзы альбомқәеи арҵагатә цхыраагӡақәеи.

Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба Европа Аԥхьахәгара аҿы 13-14 шықәса зхыҵуа рыбжьара араӡны медал занашьахаз Сандро Цымцбеи уи иазыҟаҵаҩ Едгар Қриеи идикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

Ҭарашь Ҳагба аспортсмен нанҳәамза алагамҭазы Баниа-Лука (Босниеи Герцеговинеи) имҩаԥысыз Европа Аԥхьахәгараҿы қәҿиарала иқәгылара идиныҳәалеит.

«Ҳара гәык-ԥсыкала иудаҳныҳәалоит уԥсҭазаараҿы иҟалаз ари аыр зҵазкуа ахҭыс ду , аринахысгьы ақәҿиарақәеи аманшәалареи узеиӷьаҳшьоит», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы.

Сандро Цымцба Европа Аԥхьахәгара алахәхара аҟынтәи иоуз ацәаныррақәеи иаԥхьаҟа имоу агәҭакқәеи ртәы еиҭеиҳәеит.

«Аԥхьахәгара аҿы сара сыҟан хымш: актәи аиндаҭлара хорваттәи аспортсмени сареи имҩаԥаагеит, уаҟа сара гхада зегьы насыгӡеит, сагьаиааит. Аҩбатәи аиндаҭлара болгариатәи аспортсмени сареи имҩаԥаагеит. Уи еиҳа иуадаҩын, избан акәзар аспортсмен классла еиҳа деиҳан уаанӡатәи иаасҭа.  Ахԥатәи аиндаҭлара аҿы сара дсықәшәеит Ермантәылантәи иааз аспортсмен. Уи еиндаҭлара атактика ииашаны ишьақәыргылан, аха иҟан сара сылшарақәа ирыдҳәаламыз амоментқәагьы», –  ҳәа еиҭеиҳәеит аспортсмен.

Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хьыбла Мықәба С. Иа. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр адиректор Хада аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп. Уи азы Адҵа лнапы аҵалҩит акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.  

Мықәба Хьыбла Леонид-иԥҳа – ашәаҳәаҩ, С. Иа. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр  актриса, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи Зҽаԥсазтәыз артистка. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.