
pressadmin-2
Анатоли Лагәлаа иажәабжь «Сольвейг» ажурнал «Литературные знакомства» аномер ҿыц аҿы иркьыԥхьит.
Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа шәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иажәабжь «Сольвейг» ажурнал «Литературные знакомства» аномер ҿыц /№8 (95) 2024/ аҿы иркьыԥхьит. Ажәабжь аԥсшәахьынтә аурыс бызшәахьы еиҭеигеит ажурналист, ашәҟәыҩҩы, апублицист Витали Шариа (26.12.1951 – 14.07.2024шш.).
Анатоли Ианкәа-иԥа Лагәлаа (1961 ш. рзы ииз.) — аԥснытәи апоет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ.
Ажәеинраалақәеи астатиақәеи рыҩра далагеит ашкол аҿы аҵара аниҵоз аамҭазы. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла (1989ш.), Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла (1999ш.) алахәыла, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ.
Ниарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 16 шықәса ҵит.
Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 3 рзы 16 шықәса ҵит Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи. Ареспублика Никарагуа – Урыстәылатәи Афедерациа ашьҭахь Аԥсны асуверентә ҳәынҭқарраны иазхазҵаз аҩбатәи ҳәынҭқарроуп.
Цәыббрамза 3, 2008 шықәса рзы Никарагуа Ахада Даниель Ортега иара итәыла официалла Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра шазханаҵо азы алаҳәара ҟаиҵеит. Иара Манагуа ақалақь аҿы имҩаԥысуаз атәыла арбџьармчқәа раԥҵара 29-шықәса ахыҵра иазкыз амитинг аҿы аруаа рҿаԥхьа дықәгыло идикылаз аӡбамҭа азы алаҳәара ҟаиҵеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҿы аҵарашықәс ҿыц алагеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҿы ашәахьа, цәыббрамза 2 рзы, аҵараиурҭа аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҿы аҵарашықәс ҿыц алагара иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхреи аҳәынҭқарратә гимн анагӡареи рышьҭахь, еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит алицеи-интернат адиректор Лариса Қаԥба. Лара аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа аныҳәа рыдылныҳәалеит.
Лара лажәақәа рыла, сынтәа актәи акласс ахь ицеит 18-ҩык ахәыҷқәа, егьырҭ – 12-ҩык ари аҵараиурҭа аҿы ҿыц аҵара зҵало роуп. Зынӡа аинтернат аҿы аҵара рҵоит 210 – ҩык аҵаҩцәа.
Бедиатәи аныхабаа ахь инаргеит Влахернтәи Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа лныхачаԥа.
Аԥсны акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Х Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи ауьтуратә форум аҿы ажәахә ҟаҵо дықәгылараны дыҟоуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр Санкт-Петербург имҩаԥысуа X Жәларбжьаратәи акультуратә форум аусура лхы алалырхәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны Жәлар Реизара–Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба аҟәатәи ашколқәа №14, №6 дырҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба А.П.Чехов ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 даҭааит. Иара ишкол гәакьа ахь днеит ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәаларц, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент апресс-маҵзура.
«Раԥхьа иргыланы срыдныҳәаларц сҭахуп ашкол ахь раԥхьаӡа акәны зшьапы еихызгаз ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи. Дара рзы иахьа ҷыдала агәыхыҭхыҭра зцу мшуп. Зегьы ирзеиӷьасшьоит аҵараҿы аихьӡарақәа, ақәҿиарақәа, аманшәалара», - ҳәа иҳәеит иара.
180-ҩык актәи акласс ахь ицеит Очамчыра араион аҿы.
Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адыррақәа рымш аҽны Очамчыра араион ашколқәа рахь раԥхьаӡа ршьапы еихыргеит 180-ҩык ахәыҷқәа, даҽа 100-ҩык – аҽазыҟаҵаратә классқәа рахь. Аныҳәатә цәаҳәақәгылареи раԥхьатәи аҵәҵәабжьи рышьҭахь ишьақәгылаз атрадициа ала, сынтәа ашкол иалгараны иҟоу рзы еиҿкаан акатер иақәтәаны мшынла аныҟәара.
Очамчыра ақалақь, Ф.Х.Ешба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол N2 аҿы хыԥхьаӡарала ахԥатәи актәи акласс аадыртит. Хыԥхьаӡара рацәала аҵаҩцәа рыҟазаара азгәалҭеит ашкол адиректор Илона Дамениа. Сынтәа ашол аҿы апартақәа ирхатәараны иҟоуп 500-ҩык ашколхәыҷқәа.
Аԥснытәи ашколқәа рҿы игеит раԥхьатәи аҵәҵәабжьы.
Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 29 нызықьҩык рҟынӡа аҵаҩцәа иахьа Аԥсны ашколқәа рахь ицеит. 2,5 нызықьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа раԥхьаӡа акәны ашкол ахь ршьапы еихыргеит. Дара рзы ауп атәыла 153 школ рҿы раԥхьатәи аҵәҵәабжьы згаз. Ареспублика аҿы иҟоуп 40 ақалақьтә, 113 ақыҭа школқәа.
Иу. Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 иахьа ашәқәа аанартит 121-ҩык актәи акласс ахь ицаз ахәыҷқәа рзы. Сынтәа ари ашкол аҿы иҟоуп 30-ҩык аушьҭратә 11-тәи акласс аҵаҩцәа.
Лаша Ашәба: «Арҵареи аҵареи - акыр зҵазкуа, иуадаҩу усуп».
Аҟәа. Нанҳәаза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Адырра амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа, аҵаҩцәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа – аҵарашықәс ҿыц алагамҭа!
Ари зегьы ҳзы аҵак ду змоу мшуп. Агәырӷьара, агәыхыҭхыҭра зцу ари амш акыр шықәса иаҳхамышҭуа ҳгәалашәараҿы инхоит.
Аслан Бжьаниа арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи астудентцәеи урҭ рҭаацәеи аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи астудентцәеи урҭ рҭаацәеи аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәа, астудентцәа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит игәырӷьахәу аныҳәа – Адыррақәа рымш!
Адыррақәа рымш – ари есымша агәырӷьареи ҷыдала агәыхыҭхыҭреи зцу, адырра ҿыцқәеи аихьӡарақәеи иҿыцу аартрақәеи рахь амҩа анылара символра назыгӡо ныҳәоуп.
Иалагаз аҵарашықәс ҿыц азы ашкол иалгараны иҟоу роума, актәи акурс ахь зшьапы еихызгаз астудентцәа роума, шәара зегьы шәгәҭакқәа нагӡахааит. Доусы шәыԥсҭазаараҿы ишәыцзааит аманшәалара. Абри аныҳәамш азы аҵаҩцәеи астудентцәеи ишәзеиӷьасшьоит адыррақәа инарываргыланы, аиҩызара, аҵараҿы агәацԥыҳәара. Ижәдыруазааит, дасу шәылшарақәа шмаҷым шәхы аус адужәлалар. Шәхы агәра жәгала, аҵара шәҵала, аҿыц аартрақәа шәрызнеила. Шәахьыҟазаалак аԥеиԥш бзиа змоу Аԥсны шәахаҭарнакуп.
Ҳара қәҿиарала аҵареи аҿиареи рзы зхаҭабзиара ҳараку аҵарадырратә система аиҿкаара иаҵоу аҵакы ахадара еилаҳкаауеит. Атәыла анапхгара ирылшо зегьы ҟарҵоит ашколқәеи арҵаҩцәеи рҭагылаазашьа аиӷьтәразы, аҵаратә система аиҿкааразы. Аҵара — аҵак ду амоуп, уи азы ари ахырхарҭа адгылареи ацхыраареи аҳҭоит.