Ҩымш рышьҭахь, цәыббрамза 5, 2008 шықәса рзы, Даниель Ортега иӡбамҭа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра азхаҵара азы адекретқәа рыла ишьақәирӷәӷәеит. Апарламент аҿы инацҵаны ашьақәырӷәӷәара зҭахым, аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара азы аофициалтә зиншәҟәқәаны иҟалаз Адекретқәа Никарагуа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциа аҿы рыдгалара мҩаԥысит.
Ахәҭакахьала, цәыббрамза 10, 2009 шықәса рзы Аԥсни Никарагуеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит. Ԥхынгәымза, 2010 шықәса рзы Ниарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Самуель Сантос, Манагуа Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аартра азы формалла иаԥу апроцедурақәа зегьы нагӡоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны рхьыԥшымра азхаҵара аҭак аҳасабала, Қырҭтәыла абҵарамза 28, 2008 шықәса рзы Қырҭтәылеи Никарагуеи ирыбжьаз адипломатикатә еизыҟазаашьақәа раԥыхразы аӡбамҭа аднакылеит.