«Уамеигәырӷьар залшаӡом актәи акласс ахь ицо рхыԥхьаӡара ахьацлаз. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы урҭ рхыԥхьаӡара еиҳа еиҵан», - ҳәа иазгәалҭеит Лариса Қаԥба.
Лара аинтернат аушьҭымҭацәа, аҵыхәтәантәи хышықәса рыла арбагақәа уахәаԥшны иуҳәозар, аиҳарак аекономика, асахьаркыратә ҟазара, ажурналистика, аԥсуа бызшәеи алитературеи ирыдҳәалоу азанааҭқәа алырхуеит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.
Аҵараиурҭа анапхгаҩы аинтернат аҿы акадртә еилазаара аганахьала ауадаҩрақәа ыҟаӡам ҳәа илҳәеит.
«Уадаҩрақәак ыҟан алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа разымхара аганахьала, аха уажәы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, арҵаҩцәа разымхара апроблема ҳамаӡам», – ҳәа лажәа иацҵо иазгәалҭеит лара.
Ахәыҷқәа аурокқәа рышьҭахь раамҭа шԥархыргои ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Лариса Қаԥба, аинтернат аҿы аус руеит акарате, зхы иақәиҭу аиқәԥара, амҵәышәмпыл, ашьапылампыл, уҳәа рзы аспорттә секциақәа, иҟоуп иара убас ахореографиатә секциеи жәлар рмузыкатә инструментқәа рыла ахәмарра азы акружоки ҳәа иазгәалҭеит.
«Аҵаҩцәа аспорт, мамзаргьы аҟазара ахь аинтересс аадырԥшуазар, ҳара урҭ алшара раҳҭоит иарбоу ахырхарҭала аҿиаразы. Ҳара даара ибзиоу арҵаҩцәа ҳамоуп, аихьӡара шьахәқәагьы ҳрылаҽхәартә ҳаҟоуп. Иаагозар, 10-тәи акласс аҵаҩы Лана Гамгьиа акарате азы амаҟа еиқәаҵәа, актәи адан ланашьахеит, жәларбжьаратәи аспорт азҟаза ҳәа аҟазараҩаӡарагь лоуит», – агәаздухара аарԥшуа иазгәалҭеит ашкол адиректор. Лара иара убас аҵарашықәс ҿыц алагара аламҭалазы ашьҭаларҭатә корпус аҿы асантехника аиҭашьақәыргылара мҩаԥган ҳәа иазгәалҭеит.
«Зегьы цқьаӡа, еиҿкааны иҟоуп. Ҳара аҵарашықәс ҿыц инагӡаны ҳазхиоуп. Аныҳәатә гәалаҟазаарагьы ҳамоуп», – ҳәа илҳәеит лара.