
pressadmin-2
Атурист 45 кьыла инареиҳаны зыиагара азин ыҟам амаҭәашьар Аԥсныҟа аиагара иҽазишәеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа иааныркылеит Аԥсныҟа иаауаз автомашьына CHEVROLET CAPTIVA. Аҳазалхратә гәаҭара ахысра аламҭалазы амашьынарныҟәцаҩ апассаџьыртә ҳазалхратә декларациа хаимырҭәааӡеит, иагьалаимҵаӡеит.
Аинспектор аҳазалхратә шәҟәҭагалара зҭаху атаурақәа рзы иҟаиҵаз азҵаара аҭакс ахаҵа ус еиԥш иҟоу имаӡам ҳәа иҳәеит. Ахаҵа ианиазҵаауаз игәарҭеит агәҭынчымра шааирԥшуаз, убри азы уи дзықәтәаз амашьына амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала агәаҭарахь идәықәырҵеит. Асканерҵыхра ашьҭахь еилкаахеит атранспорттә хархәага аԥсахгатә барбал аҿы ишәшьырку азона шыҟоу, уи иаанагоз изакәанымкәа атауар аиагаразы аҽазышәара афакт ҟалар алшоит ҳәа ауп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Шәача ақалақь аҿы Краснодартәи атәылаҿацә апресс-маҵзура.
«Амашьына аидараҭыԥ аҿы иҭаз аԥсахгатә барбал аҩныҵҟа иҭаҵәахын насваи ҳәа изышьҭоу аҭаҭынтә еиларшьышьы зҭаз ааилаҳәарақәа, – ҳәа адырра ҟаиҵеит Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхра иатәу Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Алеқсеи Быков. – Абарбал аҩныҵҟа иҭыргеит 20 кьыла инарзынаԥшуа хыхь зыӡбахә ҳәаз амаҭәашар».
«Москва Аҩны» аԥкьаҭмпыл азы ахәыҷтәы турнир мҩаԥнагоит. проводит детский турнир по теннису.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, аԥкьаҭмпылтә клуб «Аҟәа» акортқәа рҿы Москва ақалақь Амш азгәаҭара инамаданы аԥкьаҭмпыл азы ахәыҷтәы турнир аатит.
Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит ақәратә категориақәа ҩба ирыҵанакуа ахәыҷқәа. «Москва Аҩны» адиректор Алеқсандр Бигәаа Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо атурнир атәы еиҭеиҳәеит.
«Ари шьҭа ахԥатәи атурнир ауп ҳара ҳкоманда аиҿкаарала имҩаԥысуа. Аԥхьанатә уи Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан, аха сынтәа уи Москва ақалақь Амш азгәаҭара иазхоит.
Иалахәуп 45-ҩык ахәыҷқәа қәрала еихшаны. Атурнир мҩаԥысуеит ақәратә категориақәа ҩба ирыҵанакуа ахәыҷқәа рыбжьара: 8 – 10 шықәса зхыҵуеи 10 – 13 шықәса зхыҵуеи рыбжьара. Аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи хазы-хазы еицлабуеит. иара убас еилоу аеихацалаку аицлабрақәагьы мҩаԥгахоит», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Бигәаа.
Абар шьҭа ҩы-шықәса инеиԥынкыланы атурнир аӡбаҩ хаданы дыҟоуп – аԥышәа ду змоу, Ашлем Дууи Аолимпиадеи рҿы уахь иналаҵаны, урыстәылатәии жәларбжьаратәии атурнир дуқәа рҿы ас зухьоу аспециалист.
«Атурнир хымш имҩаԥыслоит. Аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа – ахраҿақәеи амедалқәеи ранашьахоит», – ҳәа иеиҭеиҳәеит Алеқсандр Бигәаа.
Венесуела Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15 шықәса ҵит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 10 Венесуела Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15 шықәса ҵит. Венесуела – ахԥатәи тәылахеит ҳхьыԥшымра азхазҵаз, Урыстәылеи Никарагуеи раамышьҭахь. Анаҩс Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит Вануату, Науру, Тувалу, Шьамтәыла.
Цәыббрамза 10, 2009 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит. Уи ҟалеит Венесуела Ахада Уго Чавес Москва иҟазаараан.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Вальдрак Џьентск Уитакер Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иалхра идиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Вальдрак Џьентск Уитакер Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иалхра идиныҳәалеит.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа-адыга диаспора аҟынтәи ашколхәыҷқәа рзы агәыҳалалратә усмҩаԥгатә мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа-адыга диаспора аҟынтәи ашколхәыҷқәа рзы агәыҳалалратә усмҩаԥгатә мҩаԥнагеит. Кудсиа араион аҿы аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы, алагарҭатәи аҽазыҟаҵаратәи аклассқәа рҿы итәоу 150-ҩык ахәыҷқәа ашколтә маҭәахәқәа рыҭан. Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али ахәыҷқәа рҵараҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьеишьеит.
Теимураз Хьишба: Аԥсны атуризм еиҳа иҳараку аҩаӡара ҿыц ахь ицәырҵуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм Аԥсны акыр зҵазкуа аекономика аусхкқәа иреиуоуп, уи атәыла аекономика амодернизациа аҿы ихадоу ароль нанагӡоит.
Аԥсны атуризм аконкурентлшара змоу аԥыжәарақәак амоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иманшәалоу аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа, — убас игәаанагара иҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба. Уи игәаанагара ркьыԥхьит акьыԥхьтә ҭыжьымҭа «Абхазия 24» адаҟа аҿы. Аминистр иажәақәа рыла, атуристтә усхкы аҿы аусура адырреизактә рбагақәагьы уи аҿиара хра злоу адинамика шыҟоу шьақәнарӷәӷәоит. Иазгәаҭатәуп, аԥснытәи аексперттә еилазаара атуризм амилаҭтә економика алакомотив аҳасабала ишахәаԥшуа, уи залыршахазгьы Ареспублиа Аԥсны анапхгарала мҽхакы ҭбаала имҩаԥгаз амодернизациа ауп. Уажәшьҭа иарбоу аусхкы аҿаԥхьа ахыдҵа ҿыц ықәгылоуп — уи аинтернационализациа. Уи аиҳарак актуалра аиуеит Аԥсны атуроператорцәа жәпаҩык рзы Кипр, Ҭырқәтәыла, иара убас аиԥш-зеиԥшу ахырхарҭақәа рзы аеффективра злоу альтернативаны иахьыҟало ауп.
«Аԥсны аиашазы атуристтә лыԥшаахны иҟоуп. Аха иарбоу аусхкы инагӡаны арҿиара азы (аҵыхәтәантәи ашықәсқәаа рзы иҟаҵаз акыр ишырацәазгьы) арегион атуристтә лшарақәа рзы адыррақәа еиҳа инарҭбааны Ҭырқәтәылантәи арепатриантцәа рыдагьы егьырҭ, Ааигәа Мрагылара, Азиа, Европа атәылақәагьы ирызкны аҳәаанырцтәи аудиториа рыларҵәара хымԥадатәиуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
Аус злоу атуристцәа радыԥхьалара агеографиа мацара акәӡам, Аԥсны атуризм арҿиара аинтенсификациа азы аиҳарк аеффективра злоу, адинамикатә ҟазшьа змоу, алҵшәа бзиа аазырԥшуа аинструментари аԥшаара аҭахуп. Хымԥада иаԥҵатәуп абас еиԥш иҟоу , аамҭа кьаҿ иалагӡаны аиашазы иарбоу аусхкы азы акыр аамҭа ишьақәгыланы иҟазаауа аеффект аазырԥшуа аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп. Иарбоу аинструментари иазԥхьагәанаҭозароуп истандартым азнеишьақәеи аресурсқәеи.
Ҷлоу акоманда аԥсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» азы атурнир аҿы аиааира агеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, астадион «Динамо» аҿы имҩаԥысит аԥсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» азы атурнир аҿы аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара иазкыз ацеремониа.
Атурнир афинал аҿы Ҷлоу ақыҭа акомандеи Ҭырқәтәылантәи аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵышьҭрақәа ркомандеи еиԥылеит. Уи асчиот 8:6 ала аиааира агеит, убри ала актәи аҭыԥгьы ааннакылеит.
Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит ҭырқәтәылатәи ақыҭа Балбала (Калдахәара) аҟынтәи аԥсуа диаспора акоманда. Ахԥатәи аҭыԥ еиҩыршеит Афон Ҿыц акомандеи аҟәатәи ашкол №5 акомандеи.
Оҭҳара ақыҭан аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара иалагеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа ирыалагеит. Ақыҭаҿы инхо 357 ҭаацәара еиԥҟьарада ӡыла реиқәыршәара алзыршо аӡеизакырҭа ҿыцқәа шьақәыргылахоит, ҳәа иаанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.
Очамчыра Гагрантәи ҳамҭас иаиуит иҷыдоу агәамсам ықәызго атехника.
Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Ахадара Очамчыра ақалақь ҳамҭас ианаҭеит иҷыдоу агәамсам ықәызго атехника. Афункциарацәа назыгӡо афымцамобил еихаҵәиуа арыцқьагақәеи зымчхара дуу асабеизгагеи рыла еиқәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Очамчыра-информ».
Иарбоу афымцамобил аҿы иара убас ишьақәыргылоуп: акаҭран ақәыӡәӡәаареи аҵиаақәа аӡы рхьыршареи рзы «аӡхьыршага», иара убас «аӡыршәбзарбзан». Иҷыдоу атехника ацыԥхақәа рыҭара иазкыз агәырӷьаратә церемониа мҩаԥысит Гагра ақалақь аҿы.
«Ҩ-машьынак Гагра ақалақь аҿы иаанхоит, акы ҳара Очамчыра ақалақь ҳамҭас иаҳҭоит. Иазгәоумҭар залшаӡом Очамчыра араион атуристтә регион аҳасабала хра злоу аҿиара шыҟоу. Уи даараӡа ҳаигәырӷьоит. Гагра аринахысгьы Очамчыра араион аҿиара ахы аланархәлоит. Ҳара ацхыраара ҳазхиоуп. Зегьы ақәҿиарақәеи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаҳшьоит», – ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 16 шықәса ҵит.
Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ацҳаражәҳәарҭақәа рыҩаӡараҿы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи 16 шықәса ҵуеит.
«Ари амш аҩтәылак рзы акыр зҵазкуа аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Уи иарҵабыргит ҩ-жәларык мҽхакы ҭбаала аусеицура аҿиареи арӷәӷәареи рзы ирымоу агәазыҳәара, Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара астратегиатә еидгылара аусхыр шьҭанаҵеит», – ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра.
Акырзхыҵуа аиҩызара атрадициақәеи аҩганк ирзеиԥшу аинтерессқәеи ирыбзоураны Аԥсни Урыстәылеи 2008 шықәса цәыббра 17 азы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭреи 2014 шықәса цәыббра 24 азы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи астратегиатә еилахәылареи рзы Аиқәшаҳаҭреи налаҵаны аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа змоу ганрацәалатәи ҩ-ганктәи аусеицуреи аҳәынҭқаррабжьаратәи аимадарақәеи рыргылара рылшеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иазгәанаҭоит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара атәылақәа рыбжьара аинырра ахаҭабзиара ҳарак ахь икылыргеит ҳәа.