АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2025

Кәыдрытәи аҩхааҿы атоннелгьы ацҳагьы реиҭашьақәыргылара иалагоит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Сынтәа Кәыдрытәи аҩхаа аҿы атоннельгьы ацҳагьы реиҭашьақәыргылара иалагоит, ҳәа рашәарамза 25 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба  инапынҵақәа рынагӡаразы адыррақәа иҭо иазгәеҭеит Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Дамир Гамсаниа.  

«Кәыдрытәи аҩхаа, уахь узго амҩа, уи аҭагылазаашьа астратегиатә ҵакы еилкаауп. Атәыла ахадара аҿаԥхьа иқәнаргылеит адҵа араҟа иҟоу аҭагылазаашьа ҭҵааны, мҽхакыҭбаалатәи аусурақәа рымҩаԥгара ахацыркра.

Кәыдрытәи аҩхааҿы иҟоу атоннель аҭагылазаашьа амашәыр ахылҿиаар алшоит. 2023 шықәсазы иадыԥхьалан урыстәылатәи апроектҟаҵаҩцәа, Кәыдрытәи аҩхааҿы атоннели  ацҳаи шьаҭанкыла реиҭашьақәыргыларазы апроект-харџьырҵатә усшәҟәқәа  еиқәыршәан. Иарбоу апроект анагӡара ҳара ҳазҭоу ашықәс азы ҳалагоит» ҳәа иҳәеит Демир Гамсаниа.

Кәыдрытәи аҩхааҿы амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргылара апроект х-етапкны еихшоуп.

«Раԥхьа иргыланы аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥгахоит, атоннель аиҭашьақәыргылара ҳалагаанӡа. Уи азы хымԥада аҭыԥ аҿы абетонтә узел еиҿкаатәуп, иара Лаҭа ақыҭан иҟалозар акәхап»,  - ҳәа иҳәеит Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы.

Иара убас араҟа авахта ҳсабла аус зуло рзы азеиԥшеиланхарҭа еиҿкаатәуп.

Раԥхьа атоннель аиԥшьрақәа рӷәӷәатәуп, избан акәзар уаҟа аҭыԥ аиуа иалагахьеит аҿыбгарақәа.

Дамир Гамсаниа иажәақәа рыла, амҩеи атоннели реиҭашьақәыргылара альтернатива ыҟаӡам, избан акәзар уи ада Кәыдрытәи аҩхаа ахь уназго адгьылхыхьтәи амҩа ыҟаӡам.


Read 72 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.