АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Рашәара.2025

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Ахәыҷтәы кризистә центр даҭааит.

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани аҵара аминистр Хана Гәынбеи асоциалтә еқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьбеи рашәарамза  26 рзы Аҟәа иҟоу ахәыҷтәы кризистә центр  иаҭааит. Дара аусбарҭа аусура шеиҿкаау еилыркааит, ахәыҷқәеи аусзуҩцәеи ирыҿцәажәеит, ацентр ахыбра аҭагылазаашьа гәарҭеит.

Аусбарҭа аусзуҩцәа еиҭарҳәет иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз ахәыҷқәа рыцхыраара иазку русура атәы, Ацентр имоу ауадаҩрақәа иазааҭгылеит.

2025 шықәса цәыббрамзанӡа ацентр ахарџьқәа шәахоит аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи.

Аиԥылараҿы иара убас анаҩсгьы адгылареи ацхыраареи рзы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.  Ацентр аусзуҩцәа асасцәа  иҭабуп ҳәа рарҳәеит иаадырԥшыз ахшыҩзышьҭра азы.

Аԥсны ахәыҷқәа рзы акризистә центр аадыртит 2024 шықәсазы. Ацентр ахь инаргоит аҭаацәараҿы аҭагылазаашьа уадаҩ иақәшәаз ахәыҷқәа. Ацентр адҵаалара алшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7940-995-02-07, +7940-911-03-02.

 

 


Read 136 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.