pressadmin-2
Ауаажәларратә Палата иҭацәыз аҭыԥ ахарҭәааразы азыҳәамҭақәа рыдкылара ишалаго азы адырра ҟанаҵоит.
Аҟәа. Рашәарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата иҭацәыз аҭыԥ ахарҭәааразы аконкурстә алкаара аҳасабала Ауаажәларратә Палата VI аилазаара ахь адкыларазы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи азыҳәамҭақәа рыдкылара ишалаго азы адырра ҟанаҵоит.
Лашькьындар ақыҭан идырҿыцыз Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа иалахәыз рбаҟа аадыртит.
Аҟәа. Рашәарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иалахәыз афырхацәа рбаҟа арестоврациа ашьҭахь аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭан. Ари ақыҭа иалҵны Рыԥсадгьыл ахьчаразы еибашьра ицеит 62-ҩык аибашьцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ochamchira_inform.
Аԥснытәи акоманда «Аԥснытәи Нарҭаа » Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) аушьҭымҭацәа реиԥылара рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Рашәарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 20 рзы Екатеринбург ақалақь, азал «MTC Live Холл»аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) аушьҭымҭацәа реиԥылара. Уи ахы аланархәуеит Иреиҳаӡоу Алига 2005 шықәса ачемпион, акоманда «Аԥснытәи Нарҭаа». Иара убас аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылараны иҟоуп Иреиҳау Алига акомандақәа «Четыре татарина» (Ҭаҭарсҭан), Москватәи Авиациатә Институт еизгоу акоманда («Сборная МАИ», ақ.Москва).
Аҟәа ақалақь аделегациа Тамбов ақалақь Амш азгәаҭара ахы аланархәит.
Аҟәа. Рашәарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе зхадараҿы дыҟоу Аҟәа ақалақь аофициалтә делегациа Тамбов ақалақь Амши Урыстәыла Амши азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ахы аланархәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.
Аделегациа алахәылацәа Тамбов ақалақь ахада Максим Косенков иԥылеит.
Аганқәа ақалақьқәа рыбжьара аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара аперспективақәа ирылацәажәеит, аекономикатәи агуманитартәи аусхқәа уахь иналаҵаны.
Ԥхынгәымза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иазгәарҭоит ақалақь Амш.
Аҟәа. Рашәарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы Адҵа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа ақалақь Амш есышықәса ԥхынгәымза актәи асабшазы иазгәарҭоит. Сынтәа ақалақь Амш азгәаҭара ԥхынгәымза 5 иақәшәоит.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Урыстәыла Амш азгәаҭара инамаданы аныҳәатә дкылара мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Рашәарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла амш – есышықәса рашәара 12 азы иазгәарҭуа аҳәынҭқарратә ныҳәамшуп. 1990 шықәсазы ари амш аҽны Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверенитет азы адекларациа рыдыркылеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Урыстәыла Амш азгәаҭара инамаданы аныҳәатә дкылара мҩаԥыргеит.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ажурналистцәа.
Аҳазалхыҩцәа Аԥсны иахьаҵанакуа 300 инареиҳаны заагареи зыҭиреи рзы азин ыҟам аелектронтә сигареҭқәа ааныркылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 10-11 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа Цандрыԥшь, Гагра, Аҟәа Аԥсны иахьаҵанакуа зыҭира ҟамло аелектронтә сигареҭқәа раарԥшра хықкыс иҟаҵаны апрофилактикатә реидқәа мҩаԥыргеит ҳәа иаанацҳауеит Аилак апресс-маҵзура.
Рашәарамза 10 рзы Цандрыԥшь аҳаблаҿы иҟоу адәқьан «Минимаркет» (ХА Тиувелева Е.А.) агәаҭараан иаарԥшын Аԥсныҟа заагареи зыҭиреи ҟамло аелектронтә сигареҭқәа «Higs Hugo 1500» хәба.
Рашәарамза 11 рзы адәқьан «Восточные сладости» (ХА Закариан Р. Р.) агәаҭараан ирыԥшааит аелектронтә сигареҭқәа, урҭ рзы акатриџьқәа, иара убас асигареҭқәа ирҭарҭәо аӡшьар, зынӡа 76 цыра.
Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алалырҵәон ҳәа гәҩарас ирымаз Красноиарск ақалақь аҿы инхо атәылауаҩԥҳәыс даанкылоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи русзуҩцәа аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан дааныркылеит Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алалырҵәон ҳәа гәҩарас ирымаз 1984 шықәсазы ииз, Красноиарс ақалақь аҿы инхо аԥҳәыс. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарратә аҭоурых-архитектуратә музеи-ҳәырԥсарра “Аҟәатәи абаа” официалла аартра ԥхынгәымзазы иазԥхьагәаҭоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ажәҩан аҵаҟа аҳәынҭқарратә аҭоурых-архитектуратә музеи-ҳәырԥсарра «Аҟәатәи абаа» официалла аартра ԥхынгәымза 1 азы иазԥхьагәаҭоуп. Абри азы адырра ҟаиҵеит амузеи адиректор Аинар Инал-иԥа.
Уи иажәақәа рыла, ажәҩан аҵаҟа иаарту амузеи аконцепциа анаукатәи атурисстәи аусура ахырхарҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иарбоу аҵакыра аиқәыршәаара иазку аусурақәа шықәсыки бжаки ицон:
Владимир Делба Михаил Мишустин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин Урыстәыла Амшныҳәа идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа ду – Урыстәыла Амш.
Ари амш идуӡӡоу аҭоурыхтәии акультуратәи аҭынхала, ашәышықәсақәа иргәылганы иаарго атрадициа шьақәқәеи ихьӡырҳәагоу Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи рыла еидкылоу Урыстәыла ажәларқәа ракзаара символра азнауеит.





