
pressadmin-2
Москва ақалақь аҿы нанҳәамза, 2008 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз атрагедиа аҿы иҭахаз ргәладыршәеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса рзы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәла амш 16 шықәса ахыҵит. Алахьеиқәҵаратә Мшы инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа аҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа ала агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаан.
Москва ақалақь, Қьырса Аԥсеиқәырхаҩ ихьӡ зху аныхабаа аҿы Аахыҵ Уаԥстәыла жәаф шықәса раԥхьа иҟалаз атрагедиа иахҟьаны иҭахаз аҭынч уааԥсыра, Цхьынвал ахьчаҩцәа, ауаԥстәии урыстәылатәии Абжьаҟазаратә мчрақәа рыруааи, иара убас урыстәылатәи ар асолдатцәеи афицарцәеи, зыԥсҭазаара ақәҵаны Аахыҵ Уаԥстәыла ақәхра иацәызыхьчоз зегьы ргәалашәара иазкны апанихида мҩаԥыргеит.
Ари агәалашәаратә церемониа даҭааит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа. Уи иколлега, Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Знаур Гассиев дидышшыло аиашьаратә Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рахь имоу аҳаҭырқәҵареи адгылареи ааирԥшит.
Лаша Ашәба зыԥсҭазаара иалҵыз Иури Кәакәасқьыр иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Жәлар Реизара II ааԥхьара адепутат Иури Владимир-иԥа Кәакәасқьыр иԥсҭазаара алҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.
Адышшыларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент 87-шықәса дшырҭагылаз зыԥсҭазаара иалҵыз Иури Владимир-иԥа Кәакәасқьыр – аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәи аусзуҩ, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент II ааԥхьара (1996–2002шш.) адепутат иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.
Иури Владимир-иԥа аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьреи активла ихы алаирхәан. Иара Ауаажәларра-политикатә Еиҿкаара «Аидгылара» Очамчыратәи аҟәша далан, 1989 шықәсазы ақырҭуа националистцәа ирҿагылаз дреиуан. Аџьынџьтәылатәи еибашьраан Иури Владимир-иԥа Кәакәасқьыр Маркәылатәи абаталион акомиссарс дыҟан. Иури Владимир-иԥа Кәакәасқьыр иааԥсарақәа рзы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ианашьоуп.
SwimSukhum-2024: Аҟәа имҩаԥысит зегь реиҳа адемократиатә ҟазшьа зҵоу аӡсаратә еицлабра.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 10 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит аӡсаратә еицлабра SwimSukhum 2024.
Уи ихы аладырхәыр ҟалон аӡсашьа здыруа зегьы. Аицлабрақәа мҩаԥысуан 6 шықәса зхыҵуа инадыркны 90 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара. Аицлабрақәа рҿы абарҭ аӡсратә стильқәа: брасс, баттерфлиаи, зхы иақәиҭу, бӷала рыла иӡсон.
Аусмҩаԥгатә алагаанӡа аӡсра аҵакыра ашәарҭадара агәаҭара мҩаԥган. Атриатлон Афедерациа апрезидент Борис Барцыц иажәақәа рыла, ари иаарту аӡы аҿы ԥшьынтәны имҩаԥысуа еицлаброуп.
«Раԥхьа ҳара аӡсразы аицлабрақәа рымҩаԥгара ҳалагеит 2018 шықәсазы. Апандемиа аныҟаз аамҭазы урҭ мҩаԥаҳамгаӡеит. Уажәы апандемиа аныҟам, ҳтәылауааи ҳреспублика иаҭаауа асасцәеи ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара азы агәазыҳәара аадырԥшуа иалагеит. Убас ала ҳара ҩаԥхьа аӡсразы аицлабрақәа рымҩаԥгара азы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.
Сынтәатәи аӡсаратә еицлабра SwimSukhum 2024 агәыҳалалра иазкуп — идырҳауа аԥара зегьы алимфобласттә леикоз ҳәа изышьҭоу ашьа ачымазара бааԥсы здырбалаз Фридонна Аҩӡԥҳа лыхәшәтәра иазырхахоит. «Раԥхьаӡа акәны асплотқәеи аусмҩаԥгатә асимволика зну егьырҭ атауарқәеи рзы ахә ршәо иҟаҳҵеит. Урҭ зегьы рыҭира иахҭныхыз аԥаратә хархәагақәа Фридонна Аҩӡԥҳа лыхәышәтәразы идәықәҵахоит. Убри аан ҳара зегьы агәыҳалалратә ус ҳхы алаҳархәыртә алшара ҳауеит, изҭаху зегьы хаҭала иарбоу аицлабрақәа рхы аладырхәырц рылшоит. Ари аспорт абзиабаратә еицлабрақәоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Борис Барцыц.
Ахәԥсақәа ақәратә категориа иадҳәаланы ишьақәгылон: зегьы реиҳа еиҵбу рылахәхара азы ишәатәхон – 100 мааҭк, аиҳабацәа рзы адистанциа изеиԥшроу инамаданы – 1 000 мааҭ рҟынтәи 1 500 мааҭ рҟынӡа.
Апассаџьырцәа рнысралшареи рхыԥхьаӡареи аизҳара: Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа имҩаԥнагаз ареид иаанарԥшыз.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аусзуҩцәа нанҳәамза 10 азы Автоҳәынҭинспекциа ақәыршаҳаҭра ада зеибыҭашьа аиҭакрақәа алагалоу атранспорттә хархәагақәа раарԥшра иазырхоу ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Абџьааԥны еиҳа иуԥыло аџьипинги атуристцәа рыиагареи знапы алаку амашьынарныҟәцаҩцәа рмашьынақәа реибыҭашьа «инацҵаны аус анадыруло» ауп. Иарбоу аибыҭашьа аиҭакра аиҳарак автомашьынақәа рыиасралшара ашьҭыхреи апассаџьыртә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ацҵареи иазырхоуп.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа Даль иҩны ареспубликатә хатәтәразы аҭаразы мап ацәыркит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Пушин имҩала игылоу анџьныр Даль иҩны амуниципалтә хатәраны ишыҟц иаанхоит. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдырылеит Ақалақьтә Еизара адепутатцәа.
Аҭоурыхтә хыбра еилаҳаны иҟоуп. Ари ахыбра Акультура аминистрра иаҵанакуеит, аха асоветтә аамҭақәа раахыс уа ауаа ҭаҩын, уи азы иара аиҭашьақәыргылараз аԥаразоужьра мҩаԥыргомызт.
Аиҳабыра азинтә зҵаарақәа рзы рабжьгаҩ Лаша Цаава иажәақәа рыла, аӡбратә еилатәарақәа жәаха мҩаԥысхьеит. Аибашьра ашьҭахь Аԥсныҟа имааз ауаа ашәҟәы иҭыган, егьырҭ рыхәҭа аахәан. Убри аан иаразнак ауадақәа аҳәынҭқарра иазгомызт, дара ақалақь ахадара иахатәтәны иҟаҵазар акәын.
Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа аӡы ахархәаразы ахәԥсақәа рыԥсахра азҵаара иахәаԥшит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа реилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, нанҳәамза 8 рзы. Аилатәара аҿы ишьҭыхыз атемақәа ируакуп ӡыла аиқәыршәареи аӡымҩахгареи рзы атарифқәа ртема.
Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба ажәалагала ҟаиҵеит кубометрк азы 4 мааҭк рҟынтәи хә- мааҭк рҟынӡа ашьҭыхразы. Уи иажәақәа рыла, аӡы ахархәаразы ауааԥсыра имаҷны ахә ршәоит, уи аан дара ӡыла реиқәыршәаразы ахарџь маҷымкәа иаҭахуп.
Азҵаара аимак-аиҿак цәырнагеит. Аилацәажәара алҵшәақәа рыла, еиуеиԥшым ахархәаҩцәа ркатегориақәа рзы аӡы кубометрк ахархәаразы есымзатәи ахәԥсақәа шьақәыргылан:
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Сергеи Шамба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара идиныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара Сергеи Шамба идиныҳәалеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
«Шәара, ари аҭыԥ Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых еиҳа иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раан иахагылаз, аҽаӡәы еиԥшымкәа ибзианы ижәдыруеит ари амиссиа анагӡара ишаҭаху апрофессионалтәии ахаҭалатәии ҟазшьа ҷыдақәа.
Урыстәылатәи Афедерациаҟны шәара шәырдыруеит аԥышәа змоу ҳәынҭқарратә усзуҩык шәакәны, еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҿы апрофессионализм ҳарак аазырԥшуа шәакәны. Ахә ҳаракны исшьоит шәареи сареи ҳаинырра.
Алхас Чичба Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аподполковник Алхас Анатоли-иԥа Чичба Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩт.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Галтәии Ҭҟәарчалтәии араионқәа рҿы анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Галтәии Ҭҟәарчалтәии араионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәа рҿы анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Амилициа араионтә ҟәшақәа русбарҭақәа русзуҩцәа алархәны имҩаԥгаз аилатәарақәа ихы алаирхәит Беслан Ҷкадуа.
Ҳазҭоу 2024 шықәса бжьымз рыҩныҵҟа Гал араион иахьаҵанакуа ашәҟәы иҭагалан 29 цәгьоура, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иӷәӷәоу ацәгьоурақәа 6. Урҭ зегьы аартуп, ҳәа аминистр адырра иҭеит Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Аслан Чедиа.
Иҳаҩыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иалагӡаны ашәҟәы иҭагалан 30 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартуп 25, процентла иааугозар уи 83,3% рҟынӡа инаӡоит. Иарбоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аҟынтәи 9 иӷәӷәооу ацәгьоурақәа рахь иԥхьаӡоуп, ацәгьоурақәа раартра акәзар, уи процентла иааугозар 44,4% рҟынӡа ауп иахьынаӡо.
Аподполковник Аслан Чедиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан араион амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара.
2024 шықәса аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны ашәҟәы иҭагалан амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа 5, урҭ рҿы ааха роуит 7-ҩык, аԥстәбара ыҟаӡам. 2023 шықәсазы аҭыԥ рыман амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа 5, урҭ ирыхҟьаны 5 - ҩык еиуеиԥшым ахәрақәеи ахәахәарақәеи роуит.
Автоҳәынҭинспекциа ахатәы еилазаара араиотә ҟәша егьырҭ амаҵзурақәа рыцырхырааны Автоҳәынҭинспекциа астационартә ԥыԥшырҭа «Канал» аҿы, Гал ақалақь аҿы, иааизакны араион аҿы ареидтәи апрофилактикатәи усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. 2024 шықәса бжьымз рыҩныҵҟа иаарԥшуп 1 685 амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араион аҿы ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара акыр ишагхаз азгәеиҭеит. Роберт Киут иҟоу астатистика инақәыршәаны, ацифрақәа рыла уи убаратәы иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа Автоҳәынҭинспекциа араионтә ҟәша аусра аԥсыҽра азгәеиҭеит. Иара акадртә еилазаареи, иара убас ижәны амашьына аԥсҟы зку раарԥшра иадҳәалоу аусуреи рырӷәӷәара азы анапынҵақәа ҟаиҵеит.
«Аԥсны Лаит» Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо автомҩа аҿы арлашара аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо ареспубликатә мҩаду иахьаҵанакуа џьара-џьара арлашагақәа аус шамуа убаратәы иҟоуп. Уи зыхҟьаз, насгьы иҟоу ауадаҩрақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы имҩаԥгахо атәы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажә еиҭеиҳәеит Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аԥсны Лаит» адиректор Хада Мзауҷ Ԥлиа.
Мзауҷ Ԥлиа иажәақәа рыла, иарбоу автомҩа ахәҭа аҿы арлашагақәа аус ахьырымуа зыхҟьо аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыдҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа роуп.
«Ҭыԥқәак рҿы иҟалаз аиԥҟарақәа ирыхҟьаны аиқәыршәагақәа русура аанкылеит. Аҵыхәтәаны иҟалаз аҭагылазаашьа – Гагра араион абнара иахьаҵанакуа иҟалаз абылрақәа роуп изыхҟьаз. Усҟан афымцацәаҳәақәа блит», - ҳәа иҳәеит Мзауҷ Ԥлиа.