pressadmin-2
Михаил Галузин Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала амч ахархәара мап ацәкразы аҩ-ганк еидызкыло аиқәшаҳаҭра аԥҵареи анапаҵаҩреи, иара убас Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәааи Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәааи рделимитациа апроцесс ахацыркреи, анаҩс урҭ рдеморкациеи рыла Ареспублика Аԥсни Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәылеи иҭышәынтәалоу ршәарҭадара алыршара.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр амедусҳәарҭақәа акурорттә аамҭа ишазыхиоу агәаҭара мҩаԥигоит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр амедусҳәарҭақәа акурорттә аамҭа ишазыхиоу агәаҭара мҩаԥигоит. Иара Гагратәии Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭақәа, иара убас Афон Ҿыци Пицундеи рхәышәтәырҭақәа дырҭааит, иарбоу амедусҳәарҭақәа акурорттә аамҭа ишазыхиоу гәеиҭеит.
Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, иахәҭоу амаҭәахәқәеи, ахәшәқәеи, ацхыраара лас амашьынақәеи рыла еиқәшәоуп, аха зхырхарҭа ҭшәоу аусдырцәа рызхаӡом.
Аԥсны имҩаԥысит автоеиԥхныҩлара «Аамҭақәа реимадара, абиԥарақәа реимадара».
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкын рашәарамза 6 рзы Аԥсны имҩаԥысыз автоеиԥхныҩлара «Аамҭақәа реимадара, абиԥарақәа реимадара».
Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә бираҟқәа рыла иҩычаз автомашьынақәа идықәлеит асааҭ 8:00 рзы Аҟәа ақалақь, аихамҩатә станциа «Гәыма» аҟынтәи. Урҭ рмаршрут: ақалаққәа Афон Ҿыц – Гәдоуҭа – Гагра – Аҟәа. Уи ашьҭахь акциа алахәылацәа Аҟәаҟа ихынҳәит.
Артиом Табариан ашахматтә турнир «Очамчыра опен 2025» аҿы аиааира игеит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 8 рзы имҩаԥысыз ашахматтә турнир «Ochamchira open 2025» аҩбатәи амш азы аԥхьахәтә ҭыԥқәа рзы еиндаҭлон 16 шықәса зхыҵхьоу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аиҳабацәеи. (Атурнир А).
Ахацәа рыбжьара атурнир А аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Табариан Артиом, аҩбатәи аҭыԥ – Хәырхәмал Аинар, ахԥатәи аҭыԥ – Ӡаԥшьба Руслан; аҳәса рыбжьара – актәи аҭыԥ аанылкылеит Лакәатаа Сарида, аҩбатәи аҭыԥ – Ԥлиа Сабина.
Бадра Гәынба Аҟәа ақалақь Гәымсҭатәи амҩала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа гәеиҭеит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҟәа ақалақь, Гәымсҭатәи амҩала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа гәеиҭеит.
Бадра Гәынба еиҭашьақәыргылоу таитәи абокс азы азал даҭааит.
Аҟәа. Рашарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҟәа ақалақь аҵара Аусбарҭа ахыбраҿы иҟоу, ааигәа еиҭашьақәыргылаз, таитәи абокс аҽазыҟаҵаразы азал даҭааит.
Шьҭарнахыс аспортсменцәа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рҿы рҽазыҟарҵалоит: азал аҿы иԥсахуп адашьма, иҿыцу аспорттә маругақәеи аренеи шьақәдыргылеит.
Аԥсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара мҩаԥысит Москва ақалақь аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь, рашәара 6, 2025 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҟәа Алеқсандр Пушкин иира Амш азгәарҭеит.
Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 6 рзы Алеқсандр Сергеи-иԥа Пушкин (06.06.1799 – 10.02.1837 шш.) диижьҭеи 226 шықәса ҵит.
Абар шьҭа акыр шықәса раахыс традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, аурыс поет дуӡӡа иира Амш аҽны Пушкин имҩала игылоу апоет ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ауцеремониа мҩаԥысит.
Апоет ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов, ашәҟәыҩҩцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи аусзуҩцәа, ашколхәыҷқәа, астудентцәа.
Аԥсны аинтересқәа азырхоуп ишалшо ала ирацәаны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыла асуверенитет азхаҵара.
Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аинтересқәа азырхоуп ишалшо ала ирацәаны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыла асуверенитет азхаҵара. Аԥсны иара убас уи ахьыԥшымра азхазҵахьоу аҳәынҭқаррақәа рпартниортәи рдипломатиатәи аизыҟазаашьақәа еиҷаҳарала иазнеиуеит. Абри азы ТАСС аинтервиу аҭо адырра ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Бырцыц.
Олег Барцыц Сергеи Лавров иԥылара шымҩаԥысыз азы: акыр аинтерес зҵаз, гәаартыла адиалог мҩаԥысит.
Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиԥылара акыр хра злоу, хырҳагара злоу алҵшәақәа аанарԥшит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Сколлега, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Виктор-иԥа Лаврови сареи ҳабжьара акыр аинтерес зҵаз, гәаартыла адиалог мҩаԥысит. Ҳаиҿцәжәара аҿы ҳара ҳарзааҭгылеит Ареспублика Аԥсны ауааԥсыра рзы акыр зҵазкуа, актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы. Ҳара иара убас аконсултә усеицура азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, хазы ҳарзааҭгылеит ҳауаажәлар, аиҳарак аҿар ргәы иҵхо, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ҩынттәи атәылауаҩра азы Аиқәшаҳаҭра иадҳәалоу алкаақәа», – ҳәа иҳәеит Олег Барцыц.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр арҭ азҵаарақәа аус рыдуларазы иахәҭоу ахылаԥшырҭақәа анапынҵақәа риҭеит.





