АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза  5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылаз аҟәатәи аҵаҩы иганахьала ашьауӷатә ус ахацыркразы ахҳәаа ҟалҵеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура 01.08.24 шықәсазы абжьаратәи ашкол № 6 аҵаҩы иаанкылареи, уи  иганахьала ашьаус ахацыркреи рзы официалла иҟанаҵаз адырра инамаданы, сара, Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу лаҳасабала, еиҵагыло ҳабиԥара ркибершәарҭадара аганахьала ӷәӷәала агәҭынчымра аасырԥшуеит», - ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит лара.

Мактина Џьынџьалԥҳа Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат зықәра наӡам асоциалтә ҳақәеи амессенџьерқәеи рҿы ишәарҭоу онлаин-ресурсқәа ралагалара  аԥхьырҟәҟәаара азы активла арккара-рдырратә усура шымҩаԥнаго атәы азгәалҭеит. Аҵарашықәс ҿыц алагара инаркны ари аусура еиҳагьы ирӷәӷәахоит.

Ишәарҭоу аонлаин ресурсқәа  ҿыцны рактуализациа инамаданы, ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы, Азинмчы змоу аҭаацәа рахь аҳәара ҟалҵоит доусы рхәыҷқәа макьаназы иӷәӷәам рыпсихика ишакәым ала анырра азҭарц зылшо атәымуаа рҳәатәы иақәныҟәаны азакәан иаҿагыло ахымҩаԥгашьа рацәыхьчаразы иахәҭоу ахылаԥшра рырҭаларц.

Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны афымцамчи атранспорти Рминистрра аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ареконструкциа азы аконкурс изахымсыз аинвестор аҽԥынкылара  иахцәажәеит.

«Аԥсны афымцамчи атранспорти Рминистрра асоциалтә ҳақәа рҿы Акционертә Еилазаара «Аэро Менеджмент» (аинвесторс иҟаларц зылшоз, аха В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ареконструкциа апроект анагӡаразы аконкурстә лыԥшаара иахымсыз) апроекттә документациа аиқәыршәара азы имҩаԥгаз аусурақәа ирыцыз ахарџь ахарҭәааразы  аҽԥынкылара  алаҵәара шаиуаз азгәанаҭоит.

Убри инамаданы адырра ҟаҳҵоит, жьҭаарамза 27, 2023 шықәса рзы Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаареи Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаареи «Инфраструктурное развитие» (аинвестициатә проект анагӡара азы аконкурсттә лыԥшаара иахысыз аинвестор)  рыбжьара «В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза амазаратә комплекс аиҭашьақәыргылара азы аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи апартниорра азы Аиқәшаҳаҭра» анапаҵыҩра мҩаԥган.  Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, Хазхаҭалатәи апартниор (Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Инфраструктурное развитие») апункт 8.8 инақәыршәаны Акционертә Еилазаара «Аэро Менеджмент» апроекттә документациа аиқәыршәараан иаиуз ахарџь ахарҭәаара азы аҭакԥхықәра ахахьы иагеит», - ҳәа иазгәаҭоууп ахцәажәара атекст аҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роман Ҵкәуа зыхьӡ нагоу аԥснытәи атлетхьанҭа  Елҟан Гәазаа дидикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аәари апорти рсқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Ааигәа Елҟан Гәазаа Урыстәыла ачемпионат аҿы араӡнытә аԥхьахә игеит.  Ачампионат мҩаԥысуан ԥхынгәамзазы Новосибирск ақалақь аҿы.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ицхырааҩ Рафаель Амԥар, аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оглы, иара убас Аҳәынҭеилакы егьырҭ аспециалистцәа.  

Аҟәа. Нанҳәамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. II Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль - 2024  хыркәшахеит нанҳәамза 3, асабша, Пицундатәи аныхабаа аконцерттә зал аҿы. Афестиваль асахьаркыратә напхгаҩи адиректор хадеи, апионист қәыԥш, адирижиор Барас Кәыџба иоуп. Уи Аԥныпресс акорреспондент диҿцәажәо имҩаԥысыз афестиваль азы игәаанагарақәеи ҳаԥхьаҟа иҟоу азԥхьагәаҭарақәеи дрылацәажәеит.

Пицундатәи афестиваль ҩышықәсоуп имҩаԥыргоижьҭеи, иара аартын ԥхынгәы 29 рзы. Амузыкатә фестиваль есышықәса иаднаԥхьалоит хыԥхьаӡара рацәала амузыкантцәеи аҟаза абзиабаҩцәеи. Сынтәа уи қәҿиара дула имҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит  еиуеиԥшым атәылақәа жәпакы рҟынтәи 35-ҩык асолистцәа. Аусмҩаԥгатә амҩаԥгара аҩаӡара еиҳагьы ишьҭнахит Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла алахәхареи асахьаҭыхҩы – аиҿкааҩ Чанба илагалеи. Арҭ амшқәа ирылагӡаны Пицундатәи ауахәамаҟны инагӡан амузыкатә программақәа жәба. Афестиваль аҿы аԥснытәи еиԥш аҳәаанырцәтәи быжь-тәылак рҟынтәи артистцәа инарыгӡеит 24 аинструменталтә, авокалтәи ахортәи акомпозициақәа.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым анашанақәа мҩаԥысуан. Ус, Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи, Урыстәылантәи афестиваль иаҭааз Богдан Гуеноки, Ермантәылантәи — Жак Мартиросиани аԥсуа жәлар рашәа «Ауардын» еицынарыгӡеит.

Даҽа шәак ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Назырби Ебжьноу игәаларшәара иазыркит.

Барас Кәыџба афестиваль қәҿиарала ишымҩаԥысыз азгәеиҭеит.

«Ҳагәҭақәа рӷьырак рынагӡара ҳалшеит. Ҳконцертқәа рҟынтәи иҳарҳаз аԥаратә хархәагақәа зегьы ақалақь аҿиара иазырхахоит. Сынтәа урҭ, уажәы иҟоу ахьажәыз инамаданы, иҿыцу арлашаратә еиқәыршәагақәа раахәарагьы уахь иналаҵаны, Пицундатәи аныхабаа аконцерттә зал арҿыцрахь идәықәҵахоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа афестиваль еиҳагьы аҵакы аманы, еиҳагьы ауаа аднаԥхьало аҟаҵара гәҭакыс ирымоуп. Уи ҳаԥхьаҟа мҽхакы ҭбаала аусура азԥхьагәаҭоуп ҳәа ауп иаанаго. Барас Кәыџба ари атрадициа шьахә анаҩсгьы ацҵареи аҿиареи рзы аусура дшазхиоу азгәеиҭеит. Уи еиуеиԥшым артистцәеи аколлектиақәеи аус рыцура, рыҽрымадара азԥхьагәаҭаны имоуп. Уи анаҩсгьы, П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа аушьҭымҭаны иҟоу Барас Кәыџба иҵара аспирантура аҿы иациҵарц игәы иҭоуп.  

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аҿы афранцыз драматург Жан Ануи ипиеса ала иқәыргылоу аспектакль «Антигона» арепетициақәа мҩаԥысуеит.

Аспектакль аԥхьарбара мҩаԥгахоит нанҳәамза 7 -8 рзы.

Арежиссиор Викториа Печерникова «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо ахәаԥшыҩ «ихыхра» азы ргәы иҭоу атәы далацәажәеит.  

«70-тәи ашықәсқәа рзы абри асцена аҿы иқәдыргылахьан аспектакль «Антигона», уаҟа уажәы аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩыс иамоу Софа Агәмаа Исмена лроль налыгӡон.  Уимоу, усҟантәи аспектакль азы Еҭери Коӷониа иҟалҵаз аиҭага, имҩаԥысраны иҟоу аԥхьарбара иашьагәыҭны иҟалеит, Аԥснытәи аҿар ртеатр адиректор Аслан Михаил-иԥа Еныкь атекст агырхарақәа аҿы ацхыраара ҟаиҵон, урҭ сара аспектакль арежиссиор иаҳасабала аспектакль иалазгалеит», – ҳәа илҳәеит лара.

Арежиссиор иара убас, Софокл испетакль   «Антигона» акыр афранцызтә версиа еиԥшӡам ҳәа иазгәалҭеит. 1942 шықәсазы Париж ақалақь аҿы иҩыз  Жан Ануи ипиеса, ахәҭакахьала, афранцыз жәлар зегьы анацистцәа раккупациа аганахьала рыҩныҵҟатәи апротест аанарԥшуеит ҳәа илыԥхьаӡоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атуризм, ахәаахәҭра-економикатә усеицура, аҿартә политика, уҳәа аусхкқәа рганахьала аусеицура аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысыз Петербург агубернатор Алеқсандр Беглови Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи русуратә еиԥылара аҿы.  Абри азы адырра ҟаҵоуп Санкт-Петербург Ахадара аофициалтә саит аҿы https://www.gov.spb.ru/press/governor/283866/.

«Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин Аԥсны – ҳара ҳастратегиатә партниор, иааигәаӡаны ҳгәылара иҟоу тәылоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Петербурги Аԥсни акыр шықәса раахыс аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Шәареи ҳареи аҵыхәтәантәи ҳаиԥылара аахыижьҭеи ҩымзгьы иреиҳаӡам.  Уи ҳара ҳусеицура аҳәаақәа рырҭбаара ҳазҿлымҳауп ҳәа ауп иаанаго», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алеқсандр Беглов.

Агубернатор наҟ-ааҟтәи аиҭанеиааирақәа рактивизациа шыҟоу азгәеиҭеит. Убас, петербургтәи аделегациа аԥснытәи аган ааԥхьарала Аиааира Амш  30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи азгәаҭара ахы аланархәит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла аҳәаанырцәтәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы Аминистрра Адипломатиатә Институт адиректор, адоктор  Имад Мустафа иааԥхьарала, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ, аконсул Гаис Аль-Харкии шьамтәыла-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа  80-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз асеминар рхы аладырхәит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, асеминар амҩаԥгараан азинеиҟарара, аҳаҭыреиқәҵара, ихадоу азҵаарақәа рганахьала агәаанагарақәа ракзаара рыла ишьаҭарку  шьамтәыла-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара аҭоурых иалацәажәеит.

Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али аԥсны-шьамтәылатәии аԥсны–урыстәылатәии аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа  рыҿиара аҩаӡара шыҳараку азгәеиҭеит. Убри аан уи Аҟәа Дамаски Москвеи астратегиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ишазхиоу азгәеиҭеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. ХХІ Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны - Open 2024» аатит Аҟәа ақалақь аҿы.

Ахәмаррақәа мҩаԥысуеит А.Карпов ихьӡ зху Аҟәатәи ашахматтә школ аҿы. Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба  еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәаны атурнир алагара рыдиныҳәалеит.  Уи иазгәеиҭеит есышықәса ари аусмҩаԥгатә рхы шаладырхәуа Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 150-ҩык инадыркны  350-ҩык аспортсменцәа.

«Атурнир «Аԥсны- Open» абар шьҭа 22 шықәса инеиԥынкыланы  имҩаԥысуеит. Сынтәа уи рхы аладырхәуеит 150-ҩык аспортсменцәа. Шьыжьы инарнкы ихәмархьеит   9 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа,  уажәы еицлабуеит 13 шықәса иреиҳабым аспортсмен ҿарацәа, ахәылбыҽхазы аиҳабацәа реиндаҭлара ҟалоит», - ҳәа иҳәеит Константин Ҭыжәба. 

Иара арҭ ахәмаррақәа Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа: Сибра, Урал, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа, Кранодартәи атәылаҿацә, уҳәа рҟынтәи ахәыҷқәеи аиҳабацәеи рхы аладырхәуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳҿар еибадыруеит, аиҩызара рыбжьалоит, аринахысгьы реиҩызара иацырҵоит. Ҳара ҳтурнирқәа рҿы еснагь аиҩызаратә атмосфера шьақәгыланы иҟоуп. Ҳара Урыстәылантәи иаҳзаауеит иӷәӷәоу ахәмарҩцәа, урҭ рԥышәа рымаҳдоит», – ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Константин Ҭыжәба иара убас анҭыҵтәи аусмҩаԥгатәқәа дрылацәажәеит.

«Ҳара ҳхәыҷқәа Казань имҩаԥысуаз ахәмаррақәа рхы аладырхәит. Хара имгакәа Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхьынвал имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи атурнир ду ҳхы алаҳархәраны ҳаҟоуп. Ҳара, жәаҳәарада, ҳаԥсуа бираҟ ҳаманы урҭ аицлабрақәа рахь ҳцоит», ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент.

Константин Ҭыжәба игәалаиршәеит атурнир зегьы реиҳа алахәылацәа аныҟаз 2007 шықәсазы шакәыз – 320-ҩык ашахматистцәа. Еиҳа имаҷны ахәмарыҩцәа алахәхо иалагеит, иара игәаанагарала, Урыстәыла хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым атурнирқәа ахьымҩаԥгахо иахҟьаны.

Аԥсны аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиагьы убасҵәҟьа атурнир алахәылацәа дрыдныҳәалеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр лаҵарамза, 2025 шықәсазы Ареспублика Мари Ел аҳҭнықалақь Иошкар-Олы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи амилаҭтә тетарқәа рфестиваль ахь ааԥхьара аиуит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит атеатр адиректор Хада Алхас Ҷолокуа.

Аԥшьаша, нанҳәамза 1 азы Аԥснытәи адраматә театр анапхгаҩи Ареспублика Мари Ел Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, акультура, акьыԥхьи амилаҭқәа русқәеи рзы аминистр Константин Иванови реиԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 1  инаркны нанҳәамза 1, 2024 шықәса аҟынӡа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭааит  263 230-ҩык.

Иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи иаланагалаз аԥара 172 миллион 809 нызықь 500 мааҭ ыҟоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны атуризм азы Аминистрра апресс-маҵзура.

Иҳаҩсыз 2023 шықәса абри аамҭа иалагӡаны апарк иаҭааит 278 462-ҩык ауаа, урҭ иршәаз иааидкыланы усҟан иартәеит 183 миллион 925 нызықь 400 мааҭ.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.