АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:50

Аҟәа ақалақь аделегациа Тамбов ақалақь Амш азгәаҭара ахы аланархәит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе зхадараҿы дыҟоу Аҟәа ақалақь аофициалтә делегациа Тамбов ақалақь Амши Урыстәыла Амши азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ахы аланархәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Аделегациа алахәылацәа Тамбов ақалақь ахада Максим Косенков иԥылеит.

Аганқәа ақалақьқәа рыбжьара аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара аперспективақәа ирылацәажәеит, аекономикатәи агуманитартәи аусхқәа уахь иналаҵаны.

Аиҿцәажәара рхы аладырхәит иара убас Тамбовтәи аобласт аекономикатәи аинвестициатәи аполитика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ольга Камневеи  Г. Державин ихьӡ зху Тамбовтәи Аҳәынҭқарратә Университет жәларбжьаратәи аусура азы апроректор Елена Зуевеи. Тамбови Аҟәеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аҩ-қалақьк акультуратәи аҵарадырратәи аусхкқәа рҿы аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.

«Иааит аамҭа аекономикатә еимадарагьы аҿиаразы. Агәра ганы сыҟоуп аҩ-ганк уи азы иахәҭоу апотенциал шамоу. Иарбоу ахырхарҭала аусеицура шьақәҳаргылароуп», - ҳәа иҳәеит Тамбов ақалақь ахада Максим Косенков.

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақалақь аделегациа иалахәыз Асовет Еидгыла Афырԥҳәызба Зоиа Космедемианскаиа лбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, Тамбовтәи адоуҳатә семинариа иаҭааит, Тамбовтәи апарк аҿы еиҿкааз аныҳәатә еизара ахы аланархәит.

2012 шықәса раахыс Аҟәеи Тамбови аиашьаратә қалақьқәаны иҟоуп.  


Read 129 times - Ахәаша, 13 Рашәара 2025 14:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.