Избан Николаи Писарчук иусумҭақәа еиҳа изалухыз ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, иара иазгәеиҭеит: «Раԥхьа иргыланы, сара иара хаҭала дыздыруан. Иҩбахазгьы, иара заҵәык иоуп ари атема шьҭызхызгьы».
Уажәы Геннади Ромин-Гамгьиа ақәҭыхразы Николаи Писарчук иусумҭақәа хәба алихит.
«Сара ари аус акыр аҵак ду амоуп ҳәа исыӡбеит, избан акәзар, уи мацара аиҭарҿиара акәӡам изыдҳәалахо, ари сара сыблаҿы ишааиуа – рыхәсахьак иаку азеиԥш пентаптих аҿы еидызкыло схатә стиль, аԥшшәытә гаммеи аконцепциақәеи рацҵарала имҩаԥысуа аиҭарҿиара акәхоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит асахьаҭыхҩы.
Асахьақәа иацклаԥшны рыҭҵаара ашьҭахь аескизқәа ҟаҵан. ГенЕрген ихаҭа ибеит, еиликааит ари ахыдҵа анагӡара аиашазы ишхымԥадатәиу. Уажәы асахьаҭыхҩы ари агәҭакы аԥсҭазаараҿы анагӡара шалыршатәу дазхәыцуеит. Ас еиԥш зымҽхак ҭбаау аусура анагӡара афинанстә дгылара ахьаҭаху инамаданы, асахьаҭыхҩы уи азы афинанстә хыҵхырҭақәа рыԥшаара даҿуп.
Николаи Писарчук исахьақәа реиҭарҿиара ашьҭахь ГенЕрген аретроспективтә цәыргақәқәа амҩаԥгара игәы иҭоуп.
***
Геннади Ромин-Гамгьиа (апсевдоним ГенЕрген) - асахьаҭыхыҩ-аскульптор. Диит Аҟәа ақалақь аҿы. Далгеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аграфика акласс ала. Анаҩс В. М. Мухина лыхьӡ зху Ленинградтәи Иреиҳаӡоу асахьаҭыхра-ааглыхратә ҵараиурҭа (уажәы А.Л.Штиглиц ихьӡ зху Академиа) «аметалл асахьаркыратә усдулара» азанааҭҵара ала адекоратив-хархәаратә ҟазара афакультет аҿы аҵара иҵон.
2019 шықәса раахыс Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәылас дыҟоуп. Асахьаҭыхыҩ иинтересқәа рыспектр акыр еиуеиԥшым: аҿыханҵа, адекоративтә ҟазара, аскульптура, ацифратә графика, уҳәа убас иҵегьы. Апублика аҿы аиҳарак еицырдыруеит иара иусумҭақәа – Очамчыратәи аԥшаҳәа аҿы ишьақәыргылоу аскульптуратә ԥҵамҭақәа - Анцәахәы Ажәеиԥшьаа изку аскульптуратә композициа «Ажәеиԥшьаа ашәарыцара аҿы» (аԥсуа мифологиа аҿы ашәарыцара анцәахәы, абнарақәа, ашьхара, абнатә ԥстәқәа ирхылаԥшуа) аламҭалаҩ дзышьцылам ауаҩԥшра змоу ажәытә нцәахәы иоуп, аха асахьаҭыхыҩ Геннади Ромин-Гамгиа (ГенЕрген) искульптуратә композициа аҿы ари ахаҿы даҽакала аарԥшра иҽазишәеит. Автор-асахьаҭыхҩы Урыстәыла апатент змоу аусура автортә метод «ергер ацәаҳәа» ихы иаирхәаны иаԥиҵаз аиԥш-зеиԥшу аскульптурақәа имоуп. Аскульптура автор иажәақәа рыла, иара иусумҭақәа аиндустриалтә обиектқәеи аԥсабара аобиектқәа рҿы ашьақәыргыларазы иаԥиҵоит. Убри аан, аҵиаа изеиԥшразаалак аԥырхага аиуӡом, уи иамоу аиндивидуалтә силуеит азаанхоит. Амифологиатә тема иацнаҵоит ақалақь Амш аламҭалазы Очамчыра аԥшаҳәа аҿы ишьақәыргылаз аскульптура «Амшынҳәа аԥсҿыхҩы».
Асахьаҭыхыҩ - аскульптор Геннади Ромин-Гамгьиа (ГенЭрген) Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы ишьақәыргылоу атриптих «Диаскураа рсабрада» автор иаҳасабала Аԥсны деицырдыруеит.