Аҟәа. Нанҳәамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Чечентәи Ареспублика Ахада Рамзан Кадыров Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлари ареспублика ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:
«Аҩызцәа!
Иахьа ҳара ҳтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра аназханаҵаз амш ауп.
Жәаҳәарада, ари акыр зҵазкуа аҭоурыхтә хҭысуп аҩ-республикак рзы. Сара самеигәырӷьар ауӡом, Урыстәыла иахьа арҭ зеиӷьаҟам арегионқәа рҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылареи урҭ анаҩстәи рыҿиара аҿы ацхыраареи рзы ахәдықәҵара ахьынанагӡо. Ҳҳәынҭқарра Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни реизҳазыӷьара иазырхоу аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара акурс активла адгылара анаҭоит.
Гәахәарыла иазгәасҭарц сҭахуп, Чечентәи Ареспубликеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи акыр аамҭа раахыс аиҩызареи аиашьареи аусеицуреи наҟ-ааҟтәи аидгылареи рыла ишьаҭарку аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьоу. Даараӡа ишьахуп ҳрегионқәа рыбжьара хра злоу аизыҟазаашьақәа есааира иахьыӷәӷәахо. Агәра ганы сыҟоуп, ҳажәларқәа ирыбжьоу аиҩызара аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа ишыӷәӷәахало.
Ахьымшымра азхаҵара Амш инамаданы, сара Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоеви Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи ҳаиашьаратә аҩ-республикак рыжәларқәеи гәык-ԥсыкала срыдныҳәалоит. Ирзеиӷьасшьоит зегьы раԥхьа иргыланы аҭынчра, анасыԥ, аизҳазыӷьара, ахирра!»