АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2025

Аҟәеи Самареи жәларбжьаратәии адәныҟа-економикатәи аизыҟазаашьақәа рынагӡаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадареи Самара ақалақьтә округ Ахадареи рыбжьара жәларбжьаратәии адәныҟа-економикатәи аизыҟазаашьақәа рынагӡаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрбеи Самара ақалақьтә округ ахада Иван Носкови.

Аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламенти Аҟәа ақалақьтә Еизареи  адепутатцәа, ақалақь Амш азгәаҭаразы Аҟәаҟа иааз асасцәа.

Самареи Аҟәеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара – ари баша иформалу усмҩаԥгатәӡам, ари аиқәшаҳаҭра иҭышәынтәалоу аусеицуреи, аиҩызареи, аилибакаареи рзы иӷәӷәоу цҳаны иҟалоит, ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.  

«Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылеит арҭ амшқәа рзы Шәара ҳаизыҟазаашьақәа аимпульс ҿыц аҭаразы аамҭа ԥшааны шәахьаҳҭааз. Шәара иахьа араҟа шәыҟазаара – зеиӷьаҟам ала иаанарԥшуеит ҳара ҳагәҭакқәеи ҳпартниорра иаҵоу аҵакы ахадареи. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәоит  аделегациақәа зегьы, ақалақь Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рахь иаасыԥхьоит.  Ҳақалақьқәа шәҭыкакаҷлааит, ҳаимадара ессааира иӷәӷәахалааит», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Самара ақалақь округ ахада Иван Носков Аҟәа ақалақь ауааԥсыра ақалақь Амшныҳәа рыдиныҳәалеит, убри аан уи ари аныҳәа акыр аҵанакуеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Аҟәаҟа иаауеит ҳара ҳауаажәлар, урҭ рыԥсы ршьоит, Аԥснынтәи ианыхынҳәлак еиҭарҳәоит араатәи иблахкыгоу аԥсабара, зеиӷьаҟам асадкылара атәы. Сара шәара шәахь саацыԥхьаӡа избоит аԥсҭазаара аҽеиҭанакуа, ақалақь шаҟа аҽаԥсахуа, ишҿио. Уи гәахәарыла сахәаԥшуеит, избан акәзар, аԥшӡареи абзиабареи рыла иҭәу аԥсҭазаара, адгьыл, аҿиара, ашьақәгылара салахәзар сҭахуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа ашьҭахь адныҳәаларатә ҳәамҭақәа ҟарҵеит Москва, Санкт-Петербург, Самара, Нижни Новгород, Луганск, Тамбов, Ростов-на-Дону, Аахыҵ Уаԥстәыла ахаҭарнакцәа. Аофициалтә хәҭа анхыркәшаха ашьҭахь аганқәа агәаларшәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.

 


Read 67 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.