АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Рашәара.2025

Даанкылоуп Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рыла имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, рашәарамза 14 рзы даанкылан Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа. Уи иаанкылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбари аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Раԥхьатәи амшқәа инадыркны ауаажәларра рыҩныҵҟа аарезонанс ду зауз ари аус Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба хаҭала ахылаԥшра аиҭон.  

Фымз инареиҳаны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи роперативтә маҵзурақәа Адгәыр Ҳаразиа дахьыҟоу аҭыԥ аилкааразы мҽхакыҭбаала аусура мҩаԥыргон.

Адгәыр Ҳаразиа иԥшаара хацыркын, 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Апарламент ахыбра аҩныҵҟа дахьхысыз иахҟьаны адепутат Вахтанг Гәаланӡиа ишьреи адепутат Кан Кәарҷиеи ихәреи аныҟала ашьҭахь. Усҟан Адгәыр Ҳаразиа ацәгьоура аныҟаиҵа ашьҭахь аҭыԥ аҟынтәи иҽӡаны дцеит.

 


Read 208 times - Амҽыша, 15 Рашәара 2025 15:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.