АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2025

Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистрцәа аҵарадырра ахырхарҭала русеицура иалацәажәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуа аҵара аминистрцәа III Жәларбжьаратәи Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылеи Аԥсни аҵара аминистрцәа Сергеи Кравцови Хана Гәынбеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит.

Аганқәа аҵарадырра ахырхарҭала русеицура иалацәажәеит.

«Апартниортә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи ихадоу ахырхарҭақәа рыла аусеицура   аҳәаақәа рырҭбаареи рзы ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы ҳхылаԥшырҭақәа рыбжьара аусеицуразы амеморандуми 2025 шықәсазы еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рыплани ҳнапы раҵаҳҩит. Ҳара иарбоу аплан анагӡаразы активла аусура ҳалагахьеит. Сара ишьақәсырӷәӷәоит иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара мацара акәымкәа, урҭ рырҿиарагьы ҳшазхиоу. Ҳара аҵарадырра аусхкқәа зегьы рҿы акыршықәсалатәи аусеицуразы ҳаартуп», - ҳәа инаҵгьны иазгәеиҭеит Сергеи Кравцов.

Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр дара аҵарадырра аусхкқәа зегьы рҿы акыршықәсалатәи аусеицуразы ишаарту ирҵабыргит.

Иара иажәақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа 63 еиҿыркаахьеит, урҭ рыбжьара иҟоуп Аԥсны 27 школ рҟынетәи  540-ҩык инарзынаԥшуа арҵаҩцәа рзы аинтерактивтә рҵаратә цхыраагӡақәа рыла аусура иазку акурсқәа, иара убас  800-ҩык рҟынӡа злахәхо аурыс бызшәазы аолимпиада, уи аҿы аиааира згаз ацентр «Смена» аҿы имҩаԥысраны иҟоу аурыс бызшәеи акультуреи рфестиваль иалахәхар рылшоит.

2025 шықәсазы азԥхьагәаҭоупаҵарадырратә аԥшьгарақәа, аԥснытәи астудентцәа рзы Жәларбжьаратәи аҵарадырратә школи ареспублика ашколхәыҷқәа рзы аурыс бызшәеи алитературеи рзы аолимпиадеи уахь иналаҵаны.    

2021 – 2023 шш.Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра  УА Ахада инапынҵала Аԥсныҟа ашколқәа рахь арҵагатә шәҟәқәа раагара еиҿнакааит. Зынӡа иааган 228 556 екземплиар арҵагатә  материалқәа.

Жәабранмза, 2025 шықәсазы адыррақәа рцентр «Машук» аҿы Аԥсны аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәа рзы раԥхьатәи аусмҩаԥгатә  «ПРО Образование» мҩԥысит. Сергеи Кравцов анаҩстәи аусмҩаԥгатә аиҿкаареи уи аусуратә программа аиқәыршәареи рҿы ацхыраара шыҟаиҵо иҳәеит.

Иаарту аҵарадырра Ацентр абазала Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа ирхысит 630-ҩык инарзынаԥшуа арҵаҩцәа. педагогов. Кравцов Аԥсны иҟоу Иаарту аҵарадырра ацентр аҟны 400-ҩык арҵаҩцәа разыҟаҵараҿы ацхыраара аҟаҵара ишазхиоу азгәеиҭеит.

Иара убас, аусмҩаԥгатәқәа ирылоуп зцәажәара еилагоу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы аспециалистцәа рзы акурсқәа рымҩаԥгара.

 

 

 

 


Read 216 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.