АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2025

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгаҩцәа Урыстәыла Амшныҳәа рыдиныҳәалеит. Валентина Матвиенко Урыстәыла Амшныҳәа лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгаҩцәа Урыстәыла Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.

УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко ихы лықәкны Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, ҷыдала, иҳәеит: «Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа! Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала Шәаргьы шәколлегацәа - УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак алахәцәагьы ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа ду -  Урыстәыла Амш. Урыстәыла адунеитә политика, аекономика, акультура аҿы ароль ду назыгӡо, зқьышықәсалатәи аҭоурых змоу ҳәынҭқарроуп.  Иахьагьы уи аҿиарамҩа иануп, аҳәынҭқарратә институтқәа арӷәӷәареи жәларбжьаратәи арена аҿы ахатә интерессқәа рыхьчареи иаҿуп.

Идуӡӡан иҭабуп ҳәа сҳәар сҭахуп Урыстәыла Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аганахьала иҳауо аиҩызаратә дгылареи астратегиатә партниорреи рзы. Ҳара агәра ҳгоит аԥсны-урыстәылатәи апарламентбжьаратә усеицура аԥхьаҟгьы арӷәӷәара Аԥсны Урыстәылеи рыжәларқәа ринтересқәа инарықәыршәаны ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа реизырҳара ишацхраало».

Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин изырханы Лаша Ашәба иҳәеит: «Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа акультуратә хкырацәареи атрадициатә хәдуқхәеи рышьаҭала аҿиара иаҿуп. Урыстәылатәи Афедерациаҿы иахьа аҳәынҭқарра арӷәӷәара ҵакыс иҟаҵаны, амилаҭбжьаратәи аконфессиабжьаратәи ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа рыдгылареи реиӷьтәра аҵак ду рыҭаны, аекономика ашьҭыхра, атәылауаа рсоциалтә хьчареи атәыла жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи рзы хада злоу амилаҭзеиԥштә  уснагӡатқәа рыӡбара иаҿуп. Ҳара ҳаҭыр ду ҳзақәуп Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума  аҟынтәи ҳпарламентбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара азы инанагӡо аусура. Гәахәарала иазгәаҳҭоит астратегиатә усеицура аганахьала аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рырӷәӷәара наҟ-ааҟгьы азҿлымҳара шаҳҭо. Аилибакаареи аҳаҭыреиқәҵареи рыла ишьаҭарку ҳпарламентбжьаратәи аусеицура Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи астратегиатә партниорреи рырӷәӷәара аҿы хадара злоу ароль нанагӡоит».

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Афедерациа Ахеилак алахәылацәа, Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, Урыстәыла ажәлар зегьы  ирзеиӷьеишьеит аихьӡарақәа руснагӡатәқәа рыӡбараҟны, аҭынчра, аизҳазыӷьара. 


Read 163 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.