АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2025

Дмитри Занҭариа: раԥхьатәи афизиулиаж ҭбаа змоу аҳаирплан аара – ари Аԥсны азы, ахәҭакахьала атуристтә индустриа азы акыр зҵазкуа хҭысуп.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы уи аиҭашьақәыргалара ашьҭахь раԥхьатәи афизиулиаж ҭбаа змоу аҳаирплан иаԥылоз Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Занҭариа атәыла атуристтә индустриа азы ари акыр зҵазкуа хҭысуп ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы итәаз аҳаирплан ахь апутиовкақәа рыла абилеҭқәа аазхәаз атуристцәа роуп. Рашәарамза 28 инаркны аԥхынра зегьы ари ареис мышкахьы ҩынтә инагӡахалоит.

Аҟәаҟа аԥырра еиҿызкааз атуристтә еилахәыра Библио-Глобус ауп. Ҳара ҳазыԥшуп хара имгакәа хаҭалатәи ариесқәа мҩаԥызго атуроператорцәа зегьы Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь асасцәа ааргалоит ҳәа», - иазгәеиҭеит Дмитри Занҭариа.

Заанаҵы амаҵзурақәа реизак азԥхьагәазҭо апутиовкақәа аазхәахьоу атуристцәа раара Аԥсны ианаҭои ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Дмитри Занҭариа иҳәеит: «Араҟа хра злоу аганқәа рацәоуп. Уи, раԥхьа иргыланы аҳәаа иамоу ақәыӷәӷәара армаҷра, еиҳа аинтерес аҵоуп, еиҳагьы иманшәалоуп уаанӡа еиԥш аҳәаа аҿы акыр аамҭа агәараан уқәгыланы, уааԥса-укараха акәымкәа,  ушиашоу ареспублика аҭаара еиҳа иманшәалоуп. Ҳара ҳақәгәыӷуеит иарбоу ареисқәа раԥхьа иргыланы зхала Шәачатәи аҳаирбаӷәаза ахь иаауа атуристцәа рзы аҳәаа ахысра еиҳа имариахоит ҳәа».

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит зтур еиҿкаау атурист иаара еиҳа изеиӷьу, раԥхьа иргыланы дара атуристцәа ршәарҭадара аганахьала ауп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Атуристцәа ршәарҭадара аганахьала уахәаԥшуазар, ус еиҳа аусура мариоуп: ҳара иаҳдыруеит урҭ ахьаанкылаз, иахьцо-иахьаауа, урҭ рекскурсиақәа заанаҵы иазԥхьагәаҭоуп. Иара убас хра злоу акакәны иҟоуп иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара ацлара», – ҳәа иҳәеит Дмитри Занҭариа.

Уи иажәақәа рыла, аекскурсиақәа еиҿызкаауа раԥхьа иргыланы Библио-Глобус ауп, избан акәзар иарбоу ареис аҿы иԥыруа дара ртуристцәа роуп.

«Сара иахьынӡаздыруа атуристцәа зегьы еиҿкаау аекскурсиатә турқәа змоу роуп. Уаҟа иҟоуп иахьынхо аҭыԥқәа заанаҵы иаанызкыло аха аекскурсиақәа зцым атурқәа змоу атуристцәа. Иҟоуп атуристцәа аҭыԥан, апрограмма ахәаԥшрала аекскурсиақәа ртур аазхәарц зҭаххазгьы», - ҳәа иҳәеит иара.

Дмитри Занҭариа иажәақәа рыла, атуроператор «Библио-Глобус» амаҵзурақәа алызхыз атурист, егьи атуристтә еилазаара аҿы атур аазхәаз атурист дызлаеиԥшым маҷуп, избан акәзар, бжьаратәла уахәаԥшуазар, уаагьы араагьы ахәԥса акоуп.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ атуристтә индустриа ахаҭарнакцәа жәпаҩык ахәқәа рдемпинг ӷәӷәала агәҭынчымра рызцәырнагоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Атуризм Аминистрра рашәарамза 20 рзы аделегациа ду  иазыԥшуп. Уи иалоуп атуроператорцәа дуқәа, урҭ рнапхгаҩцәа, Библио-Глобусгьы уахь иналаҵаны. Ҳара иарбоу атемала ҳаилацәажәараны ҳаҟоуп. Сара сгәаанагарала ари азҵаара ӡбашьа змоу ауп. Ҳара ҳақәгәыӷуеит ари аиԥылара хра злоу алҵшәақәа аиуп ҳәа», - иажәа хыркәшо иҳәеит Дмитри Занҭариа.

 

 

 

 


Read 141 times - Аԥшьаша, 12 Рашәара 2025 15:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.