Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит - Сергеи Миносиан (ақ.Очамчыра), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит - Константин Ҭыжәба (ақ. Аҟәа).
16 - шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Нестор Багаҭелиа (ақ.Аҟәа), аҩбатәи – Богдан Турков (ақ. Аҟәа), ахԥатәи – Георги Георгиан (ақ.Гагра).
Аҭыԥҳацәа рыбжьара атурнир аҿы аиааира лгеит Сарида Лакәатааԥҳа.
16 - шықәса зхымҵыц аҭыԥҳацәа рыбжьара аиааира лгеит Сариа Лакоба (ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит - Мирра Смырԥҳа (ақ.Афон Ҿыц), ахԥатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп - Лана Гәынԥҳа ( ақ.Гәдоуҭа).