АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Лаҵара.2025

Жәлар Реизара-Апарламент аҿы 2024 шықәсазы абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьетқәа рынагӡаразы азакәан апроектқәа рыдыркылеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы 2024 шықәсазы абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьетқәа рынагӡаразы азакәан апроектқәа рыдыркылеит. Убас:

Ихымԥадатәиу амедицинатә аԥгаԥсаҟаҵара Афонд:

– Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха –  8 млн.  336,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон;

– Ахашәалахәқәа рыла Афонд абиуџьет анагӡара – 82 млн. 40,3 нызықь мааҭ, аныхтәқәа рыла – 80 млн. 876 нызықь  мааҭ  рҟынӡа инаӡоит;

– Ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха – 9 млн. 500,8 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд абиуџьет:

– Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха –  62 млн. 511,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон;

– Ахашәалахәқәа рыла Афонд абиуџьет анагӡара –  207 млн. 862,2 нызықь мааҭ, аныхтәқәа рыла – 237 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

– Ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха –  33 млн. 373,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Арепатриациа Афонд абиуџьет:

– ахашәалахәқәа рыла – 267 млн. 894 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтәқәа рыла –  377 млн. 850 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха – 6 млн. 333,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Амҩатә фонд абиуџьет:  

– Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха –  27 млн. 711,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон;

– Ахашәалахәқәа рыла Афонд абиуџьет анагӡара –  116 млн. 858,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтәқәа рыла – 132 млн. 443,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха –12 млн. 126,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

1992-1993 Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рзы Аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи Афонд:

– Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха – 20 млн. 621,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон;

– Ахашәалахәқәа рыла Афонд абиуџьет анагӡара – 213 млн. 78,0 нызықь мааҭ, аныхтәқәа рыла  – 227 млн.  299,9 нызықь мааҭ  рҟынӡа  инаӡоит;

– Ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха – 6 млн. 399,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Атәанчаҩратә фонд абиуџьет:

– Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха – 207 млн. 358,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон;

– Ахашәалахәқәа рыла Афонд абиуџьет анагӡара – 1 млрд. 587 млн. 771,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит,  аныхтәқәа рыла - 1 547 253,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит;

– Ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха – 247 млн.  876,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 

 

 

 

 


Read 149 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.