
pressadmin-2
Виктор Фисенко аԥхынтәи аамҭахәҭазы урыстәылатәи аҳақьымцәа амаҵураныҟәара аҳасабала Аԥсныҟа раашьҭра аеффективра злоу ԥышәаны иԥхьаӡоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисинкои реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Виктор Фисенкои Едуард Быҭәбеи агәабзиарахьчара иадҳәаланы аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ирылацәажәеит иара убас иааиуа акурорттә сезонгьы.
Урыстәылатәи аколлегацәа ихадоу азҵаарақәа зегьы рыла ацхыраара аҭара ишазхиоу азгәарҭеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амаругақәа рыла аиқәыршәара азы иаарту аконкурс мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахылаԥшратә абжьараҽҳәаратә хықәкытә программа «2023-2025шш. амҩаҿы аныҟәаратә ԥҟарақәа реилагара автоматтә фиксациа асистема аҿиара» анагӡаразы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҭаххрақәа рзы амаругақәа рыла аиқәыршәара азы иаарту аконкурс мҩаԥнагоит.
Аҳәынҭқарратә ҿаҵа зызку - Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҭаххрақәа рзы амаругақәа рыла реиқәыршәара ауп.
Иаарту аконкурс аиҿкаара ахахьы иагоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу аконкурстә комиссиа. Уи аилазаараҿы иҟоуп Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, афинансқәа Рминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.
Беслан Ешба Аиааира Амшныҳәа 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа аобиектқәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥигеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәреи Аиааира агара Амшныҳәеи 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьхыркәшаз, мамзаргьы иахьымҩаԥысуа аобиектқәа ргәаҭара мҩаԥигеит.
«Ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра аҳҭнықалақь ақалақьуааи асасцәеи ишахәҭоу ала ахаҿра ԥшӡаны ирԥылароуп. Ареспублика аҿы аӡынтәи аамҭахәҭазы акаҭран ҭзыжьуа азауадқәа рҟынтәи акгьы аус ахьамуаз инамаданы, уажәраанӡа акаҭран ашьҭаҵаразы алшара ыҟамызт. Уажәы Аҳабла Ҿыц, Кьараз имҩаҿы аусурақәа ирылагеит", - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Ансамбль «Ерцахә» Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы аҳасабырбатә концерт мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 17 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысит Очамчыра ақыалақь аҟынтәи иааз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль «Ерцахә» аҳасабырбатә концерт. Еицырдыруа ансамбль абзиабаҩцәа рнаҩс Аԥсны иаҭааз асасцәеи злаз ахәаԥшцәа идырбан иԥшӡоу, акыр аемоциа зныԥшуа амузыкатә номерқәа.
Акәашарақәа – аԥсуа, ауаԥс, «Нарҭаа рыкәашара», «Ашарккара», уҳәа егьырҭ – рыбжьара адирижиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аахыҵ Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист Нодар Кәарҷиа инапхгарала инагӡаз ахор ашәаҳәарақәа дырбан. Иара убас, жәаҳәарада, зегьы хызхыз аиқәҿыҭра ацны инагӡаз адаулқәа рыла аномер ԥшӡа.
Сынтәа аколлектив иахыҵит 49 шықәса. 1974 шықәсазы акомпозитор Константин Ченгелиа ила иаԥҵаз ансамбль «Ерцахә» «Ахьӡ-ԥша» аорден III аҩаӡара анашьоуп, ибеиоу абиографиа амоуп. Уи аҟыбаҩ злоу анагӡаҩцәеи Ҭырқәтәыла, Румыниа, Иугославиа, Урыстәыла, уҳәа атәылақәа рҿы қәҿиара дула рықәгыларақәа, хыԥхьаӡара рацәала аҳамҭақәеи аинтерес зҵоу ақәыргыламҭақәеи иаалукаша автортә костиумқәеи роуп.
Аԥсны Ауаажәларратә Палата аԥсытәбара ацны амҩатә машәырқәа лассы-лассы рыҟалара инамаданы агәҭчымра аанарԥшуеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аужәларратә Палата алахәылацәа даара ргәы иалоуп ҳтәылаҿы амҩатә машәырқәа ахьырацәахаз. Аҵыхәтәантәи аамҭазы абас машәырла зыԥҭазаара ҿахҵәаз рхыԥхьаӡара шьардагәышьоуп.
“Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, мышқәак раԥхьа зегьы ҳгәы ҿнакааит хәҩыуаак аҿарацәа рыԥсра иҳаҳаз. Амҩаду аҿы ақәрахьымӡакәа машәырла рҭахара ахьаа ду зызнамырҵысыз дыҟамзар ҟалап. Аибашьра аантәи ҳцәыӡқәа иахьа уажәраанӡа иаҳныԥшуа ҳаныҟоу, аӡәыцыԥхьаӡа иҭахара – рыцҳара дууп ҳажәлар рзы. Ишәымбои ҳмаҷра иахҟьо ауадаҩрақәеи ашәарҭарақәеи уажәыгьы ҳашрылымҵыц.
Даур Ақаҩба аԥснытәи амузеиқәа русзуҩцәа Жәларбжьаратәи амузеиқәа Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба аԥснытәи амузеиқәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа –Жәларбжьаратәи амузеиқәа Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аминистр амузеиқәа русзуҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ареспублика аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәархара иазкны ламысцқьала, гәык-ԥсыкала инарыгӡо рмаҵуратә уалԥшьа азы.
«Аԥсны аҭоурых аҿы иҟоуп имаҷымкәа иуадаҩу , уимоу итрагедиатәу апериодқәа. Изныкымкәа ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылахьан. Шәара иҳаҩсыз аамҭа зырҵабырго аматериалқәа реиқәырхара иазкны хамеигӡарак ҟамҵакәа инашәыгӡо шәусура иабзоураны, арҭ аҭоурых адаҟьақәа наунагӡа хашҭра рымамкәа иаанхоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Лыԥсҭазаара далҵит Лиудмила Малыиа.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 80-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Малыиа Лиудмила – Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҭоурых-мемориалтә музеи адиректор.
Лиудмила Малыиа диит лаҵарамза 5, 1944 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь, амаҵурауаҩ иҭаацәараҿы.
1963 шықәсазы далгеит Н. А. Лакоба ихьӡ зхоу Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол, иара убри ашықәсан Аҟәатәи арҵаҩратә Институт, аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет дҭалеит, дагьалгеит 1967 шықәсазы.
Аԥсны адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭа аԥҵара 30-шықәса ахыҵра инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак аилатәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 16 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҟны Аԥсны адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭа аԥҵара 30-шықәса ахыҵра инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак аилатәара мҩаԥысит.
Аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Белоруси, иара убас Аидгыларатә ҳәынҭқарреи русеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Аԥсны иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Инал Арӡынба агәраргагатә шәыҟәқәа ииҭеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҟны Урыстәыла иҟоу, иара убас аилагӡарала Аԥсны иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Хесус Рафаель Саласар Веласкес иҟынтәи агәраргагатә шәыҟәқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ила рыдкылара иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ацҳаражәҳәаҩ бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо, имаҵураҭыԥ ахагылара идиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу ацҳаражәҳәаҩ, иахьа аофициалла иалагоит шәара шәдипломатиатә миссиа, ҳара уи инамаданы гәык-ԥсыкала ҳшәыдныҳәалоит», -ҳәа иҳәеит Инал Арӡынба.
Акциаи «Аҵх амузеи аҟны» Аԥсны Абанк амузеигьы ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 18 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш ахы аланархәраны иҟоуп иара убас Аԥсны Абанкгьы.
Ари амш аҽны амузеи ашәқәа аҭааҩцәа рзы иаартхоит асааҭ 19:00 инаркны асааҭ 21:00 рҟынӡа. Амузеи аҭааҩцәа ирзыԥшуп аинтерес зҵоу аекспозициақәа рбара, афильм абара, ахатәы ԥараҿырпы аԥҟара.