
pressadmin-2
Лаҵарамза 18 ауха Аҟәа ақалақь амузеиқәа хԥа рҿы акциа «Аҵх амузеи аҟны» мҩаԥгахоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 18 рзы Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы амузеиқәа хԥа рҿы акциа «Аҵх а музеи аҟны» мҩаԥгахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла акультура Аминистрра.
«Аҵх амузеи аҟны» – жәларбжьаратәи акультуратә акциоуп, уи раԥхьаӡакәны иаԥшьыргеит Франциа 1999 шықәсазы. Ари ауха амузеиқәа жәпакы рахь анеира хәыда-ԥсадоуп. 2015 шықәсазы ари акциа Аԥсны имҩаԥган Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.
Адунеи аҟны еицазгәарҭо акциа «Аҵх амузеи аҟны» иалахәхоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи, Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи.
В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аатуеит асааҭ 16:00 рзы. Амузеи аҟны аҭааҩцәа рзы ҷыдала иазырхиоуп апрограмма.
Апрограммаҿы иҟоуп ахореографиатә коллективқәеи астудиақәеи «Ритмы Кавказа», «Апсны», «Диоскурия», «Иаирума», иара убас ашәаҳәаҩцәа ҿарацәеи злахәу аконцерт. Уи ашьҭахь Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рзы 1992-1993 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибиографиеи рдырразы авикторина мҩаԥгахоит Авикторина аихшьалақәа рыла ишахоит аҳамҭақәа.
Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҿы асааҭ 18:00 инаркны аусура иалагоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30 - шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәаҵа. Иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рԥылареи, ААУ апрофессор Мзиа Кәыҵниа Аԥсны аҭоурых иазкны ллекциеи аетнолог Марина Барцыц ареспублика иԥшьоу аҭыԥқәа ирызку ллекциеи рзыӡыҩразы алшара ҟалоит. Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз «Апоезиатә сааҭ» мҩԥгахоит.
Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы 7 800 цыра асигареҭ рымхра мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿыгылара аҟәша аусзуҩцәа ҿырҳәала еиԥш шәҟәылагьы имаз атауар азы адырра ҟазымҵаз Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ дааныркылеит. Инапылаеидара агәаҭараан уи идырбалеит иагьимырхит – 7 800 цыра рҟынӡа аҭаҭын аалыҵ.
Иарбоу административтә ус ала аматериалқәа зегьы аусеилыргара аҳәаахәҭара ала Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусеилыргареи аҭҵаареи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.
Лаҵарамза 14 рзы Владислав Арӡынба иԥсы ҭазҭгьы 78 шықәса ихыҵуан.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Маи 14 – иналукааӡаша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба имшира ауп. Иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуан 78 шықәса.
Шьыжьы инаркны Владислав Григори-иԥа ҳаҭырла дыргәаладыршәарц, анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц азы иқыҭа гәакьа аҿы иҟоу Имемориал ахь инеиуеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа.
Аԥсны анапхгара Ешыра иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. Уи игәалашәара ҳаҭыр ақәырҵарц уахь инеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу, атәыла ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит 1945 шықәса маи 14 азы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Абра имҩаԥысит уи ихәыҷра, ишколшықәсқәа.
1962 - 1966 шш. Владислав Арӡынба Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт, аҭоурыхтә факультет аҿы аҵара иҵон. Уи даналга ашьҭахь Асовет Еидгыла анаукақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара Аинститут аспирантура дҭалеит. Аспирантура қәҿиарала даналга ашьҭахь, Владислав Арӡынба иара убри аинститут аҿы 1969 шықәса инаркны 1988 шықәанӡа аус иуан. Азиа Маҷ акультуреи аҭоурыхи, ахәҭакахьала ахатқәеи ахеттқәеи рыҭҵаара инапы алакын. 1985 шықәсазы иара адоктортә диссертациа ихьчеит, 1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа Ажәытә Мрагылара акультуреи аидеалогиеи рсектор анапхгаҩыс дҟаҵан.
Владислав Арӡынба 40 инареиҳаны анаукатә усумҭақәа дравторуп, амонографиа «Ажәытә Анатолиа амифқәеи ақьабзқәеи» уахь иналаҵаны.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба – асоветтә, аԥсуа аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, СССР жәлар рдепутат, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада – ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы.
1988 шықәсазы Владислав Арӡынба Д.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи ринститут адиректорс далырхуеит. Иара убри ашықәсан иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырхуеит, 1989 шықәсазы - Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далххоит. Уаҟа иара автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратәи рзинтәи астатус азы акомиссиеиҵа напхгара аиҭон, Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум алахәылас дҟалеит.
Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны хәҩыуаак ҭахеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны хәҩыуаак ҭахеит.
«Ахәылԥаз маи 13 азы Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан автомашьына Таиота аныҟәцаҩ, 1994 ш. азы ииз, аԥсҟы измырманшәалеит, иаԥхьаҟа иаауаз амашьына даҿаланы абетон аанда дасит. Абри иахҟьаны ԥшь-ҩык апасаџьырцәеи аныҟәцаҩи араионтә хәышәтәырҭахь инаган, иара убраҟа рыԥсҭазаара иалҵит. Иҭахаз зегьы 25 шықәса инаркны 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз ракәын»,-ҳәа Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион амилициа аҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
«Ари трагедиоуп. Уажәы аҭыԥантәи ахәышәтәырҭа аҿы ҳаҟоуп. Аҳақьымцәа автомашьына Toyota иҭаз рыхәҩык шҭахаз азы адырра ҟарҵеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Зосма Гыцба.
Очамчыра араион ашколхәыҷқәа рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы аекскурсиа мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныппресс. Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз иаарту ашәқәа Рымш мҩаԥыргеит Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны. Арахь иааргеит Очамчыра араион ԥшь-школк рҵаҩцәа.
Амузеи аусзуҩцәа Баслахә, Мықә, Тамшь, Аӡҩыбжьа ақыҭақәа рҟнытә ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ахҭыс хадақәа, амузеи аекспонатқәа ддырбеит, урҭ рахьтә ихадароу – Раԥхьатәи Ахада иавтомашьына «Волга».
Абарҭқәа рышьҭахь ашколхәыҷқәа Ешыра ақыҭан иҟоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба Ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаиҵеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, лаҵарамза 14 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу, Аԥны Афырхаҵа Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 шықәса аҵра амш инамаданы Алада Ешыра ақыҭаҿы Амемориал аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.
76-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ажурналист, апублицист Валери Ҷолариа.
Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 76-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ажурналист, апублицист Валери Ҷолариа.
Валери Ҷолариа (диит ԥхынгәымза 25, 1947 шықәса рзы, Очамчыра араион Агәы-Бедиа ақыҭан) – аԥснытәи амилаҭтә сахьаркыратә культура аусзуҩцәа нагақәа дреиуоуп.
1960-тәи ашықәсқәа рзы Агәы-Бедиатәи жәлар рхор асолистны дҟалеит. 1972 шықәсазы, аҟыбаҩ злоу ашәаҳәаҩ иаҳасабала Аԥсны жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль ахь ааԥхьара иоуит. Ҩажәижәохә шықәса инареиҳаны аԥсуа жәлар рҟазара апропаганда назыгӡоз еицырдыруа арҿиаратә коллектив ахор аҿы ашәа иҳәон.
1976 шықәсазы Валери Ҷолариа А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә Институт афилологиатә факультет далгеит. Аамҭак азы уи Аҟәатәи атипографиеи агазеҭ «Аԥсны Ҟаԥшь» аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩыси аус иуан, алитературатә усура инапы алакын. Хазы шәҟәны иҭыҵыз аповест «Аиԥылара» иҩит. Иашәаҳәаратә зҟазазаареи аҟазаратә усуреи еилеигӡон.
Валери Ҷолари
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩи уи ихаҭыԥуаҩцәеи иааныркылоз амаҵурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба амҩаҿы шәарҭадарада аныҟәара азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара ҷыда мҩаԥигеит, акадр рганахьала аԥсахрақәа жәпакы ҟаиҵеит.
Иааныркылоз амаҵурақәа рҟнытә рхы иақәиҭтәуп аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ГАИ аиҳабы Родик Базба, уи ихаҭыԥуаа Рауль Ҳагба, Алхас Еныкь, иара убас аҩнуҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭатәи рраионтә ҟәша Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Инал Агрба.
Гәдоуҭа араион амилициа аҟәша аиҳабы Зосма Гыцба лахьы иҭан.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра излаанацҳауа ала, ахәылԥаз маи 13 азы Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан автомашьына Таиота аныҟәцаҩ, 1994 ш. азы ииз, аԥсҟы измырманшәалеит, иаԥхьаҟа иаауаз амашьына даҿаланы абетон аанда дасит. Абри иахҟьаны ԥшь-ҩык апасаџьырцәеи аныҟәцаҩи араионтә хәышәтәырҭахь инаган, иара убраҟа рыԥсҭазаара иалҵит. Иҭахаз зегьы 25 шықәса инаркны 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз ракәын.
Аусӡбарҭақәа еиҿыркааижьҭеи 100 шықәса ҵит.
Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2923 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаараҿы аԥшьашаҽны имҩаԥысит Аԥсны азеиԥш иурисдикциа аусӡбарҭақәа еҿыркааижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатә. Аиубилеи азгәаҭаразы Аҟәаҟа иааит Урыстәылеи Аахыҵ-Уаԥстәылеи Иреиҳаӡоу русӡбатәқәа рхаҭарнакцәа рделегациа.
Аиԥылара аартуа, Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Ахантәаҩы Саида Быҭәба аусӡбарҭақәа русзуҩцәеи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит, дрылацәажәеит аусӡбарҭақәа реиҿкаара амҩақәа, дазааҭгылеит ҳазну аамҭазы аусӡбаратә система аҭагылазаашьа, иалылкааит ԥхьаӡатәи апланқәа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Ахантәаҩы иазгәалҭеит, 100 шықәса рыҩнуҵҟала аусӡбарақәа зегьы иуадаҩыз аԥышәарақәа ишырхысыз. Уи ианыԥшит 1923 шықәсазы аусӡбарҭақәа иаку рсистема аԥҵара, 1931 шықәсазы ареспублика аполитика-зинтә статус аԥсахра, 1990 шықәсазы ихьыԥшым аусӡбарҭа ацәырҵра, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә усӡбарҭақәа рганахьала ахылаԥшра ҷыда змамыз, 1994 шықәсазы Аконституциа адкылара. Уаҟа ишьақәырӷәӷәан азакәанԥҵаратә, анагӡаратә, аусӡбаратә ҳәа амчрақәа реизшара апринцип.
Ҳаамҭазы, Быҭәба лажәақәа рыла, автоматизациала еибарку аусӡбара-информациатә система (АСИС) аларҵәарала азинусӡбара цифрала аиԥшьра, иаҿуп.
«Ҳазну аамҭазы иазгәаҭоуп АСИС-и азеиԥш иурисдикциа аусӡбарҭақәа рсаитқәеи реимадара», – иазгәалҭеит лара.
Аусӡбарҭақәа рветеранцәеи русзуҩцәеи дрыдныҳәалауа, Быҭәба иазгәалҭеит: «Аусӡбарҭақәа рыҟазаара аамҭала ирыхьчон атәылауаа рзинқәа, раҳаҭыр, рзакәантә интересқәа. Сара сеигәырӷьоит абри азал аҟны иахьызбо еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа анапхгаҩцәа рҭаацәарақәа. Аусӡбаратә система арҿиараҿы хәы змаӡам алагаламҭа ҟарҵеит Мирон Шамба, Шамил Лакоба, Шалуа Аршба, Мџьыҭ Аргәын, Рауф Коруа, Даҭикәа Ҟәырасқәуа, Анри Џьергениа реиԥш иҟаз аиуристцәа. Урҭ рыхьӡ наунагӡа ҳҳәынҭқарра аҭоурых иагәылаҩуп. Абри аныҳәа аҽны гәык-ԥсыкала ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа анапхгаҩцәас иҟаз Георги Колбаиа, Алла Аҩӡба, Роман Мышәба, Зураб Агәмаа», – лҳәеит лара.
Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 12 рзы – Аԥсни Адыгееи жәлар рартист , «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба (лаҵарамза 12, 1917ш. – жәабранмза 25, 2004 ш.). иира Амш азгәарҭоит.
Аҟәа ақалақь, апоет ихьӡ зху апарк аҿы ашәҟәыҩҩы анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.