АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц XI Петербургтәи жәларбжьаратәи азиндырратә форум ихы алаирхәуеит.

Санкт-Петербург имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи азиндырратә форум  - ҳаамҭазтәи азиндырратә еилазаара аҿаԥхьа иқәгылоу актуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәара азы зымҽхак ҭбаау плошьадканы иҟоуп.  

Афорум лаҵарамза 11- 13 рзы имҩаԥысуеит. Сынтәа уи рхы аладырхәуеит 20-ҩык  аиустициа аминистрцәа, иара убас 34 ҳәынҭқарра аҟынтәи иреиҳаӡоу анапхгара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа. Еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәеи аобластқәеи рҟынтәи азиндырҩцәа ҳаамҭазтәи азиндырра иадҳәалоу азҵаара хадақәа жәпакы рыла ргәаанагарақәа еибырҳәоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 11, 2023 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциатә Ӡбарҭа Жәларбжьаратәи аконференциа. Уи аусура ахы аланархәит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Ӡбарҭа аделегациа. Аделегациа аилазаараҿы иҟан Ахантәаҩы Хоџьашьвили Лиудмила Платон-иԥҳа, Ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Ԥлиа Диана Едуард-иԥҳа, аӡбаҩ Бигәаа Алиса Зураб-иԥҳа.

Ахантәаҩы «Аконституциеи аконституциатә хылаԥшреи: адоктрина ҳарҿиоит апрактикагьы еиӷьаҳтәуеит» атема ала ажәахә ҟалҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Даниил Ԥлиа 16 шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Афинал аҿы Даниил Нхыҵ Уаԥстәыла - Аланиа аҟынтәи аспортсмен Тунџьаи Вердиев асчиот 5:2 ҳәа дииааит. Аспортсмен 57кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылеит.

Аспортсмен дазыҟарҵоит Адам Цәеиба, Дауҭ Лазбеи Асланбек Гәарамиеи.

Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аӡбаратә мчра аусзуҩцәа «Аԥсны зҽаԥсазтәыз аиурист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.   

Алан Бжьаниа Иусԥҟа ала, аӡбаратә мчра арӷәӷәареи атәылауа рзакәантә зини ринтересқәеи рыхьчареи иҳараку рзанааҭтә ҩаӡареи рзы, аӡбаратә мчра аусбарҭақәа русзуҩцәа «Аԥсны зҽаԥсазтәыз аиурист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьахеит.

Убас аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьахеит:

  • Акаба Гьаргь Нури-иԥа;
  • Хасаиа Белла Константин-иԥҳа;
  • Трещиова Лидиа Евгени-иԥа;
  • Ануа Марина Спиридон-иԥҳа. 

Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба дырԥылеит аусӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра иазкны иааз Урыстәыла Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аделегациа.

Аделегациа иалоуп: Урыстәыла Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Адисциплинартә колегиа ахантәаҩы Сергеи Рудаков, Урыстәылатәи Афедерациа аӡбаҩцәа Рхеилак ахантәаҩы, Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Апленум амаӡаныҟәгаҩ, Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аӡбаҩ Виктор Момотов.

Аԥсны аганахьала аиԥылара рхы аладырхәит Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы актәи лхаҭыԥуаҩ Сафарбеи Мқанба, Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Ада Касланӡиа.

Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент аҟны иахәаԥшуеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистикатә усуразы» Азакәан аԥсахрақәа ралагалара. Беслан Ҳалуашь ихантәаҩрала Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара.

Аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа аиҳабы Кама Гогьиа.

Иалацәажәеит 2023 шықәса мшаԥымза 19 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Акцизақәа рзы» азакәан апроект. 

Азакәан апроект атауар ахәԥсеи аахәаҩ зыхәԥса ишәо иаҵанакуеи инахықәшаны ашәахтә ақәҵара аԥҟара аиӷьтәра иазкуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реиԥылара мҩаԥысит.

Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы Рауль Лолуа ихантәаҩрала имҩаԥысит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реиԥылара.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан аоппозициатә еиҿкаарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара рахь иқәдыргыло азҵаара хадақәа.

Аоппозициа ззаҭгыло атезисқәа аекономика-социалтә усхк, агәабзиарахьчара, атәылахьчара, адәныҟатәи аполитика, афымцамч, аҳәаанырцәынтәи аинвестициақәа, аиҳабыра раргамара уҳәа ирызкын.

Аԥсны Ахада азеиԥш иурисдикциа змоу аӡбарҭақәа аԥҵоижьҭеи 100 шықәса аҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа адныҳәаратә шәҟәы ишьҭит Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Саида Быҭәба лахь азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбарҭақәа аԥҵоижьҭеи 100 шықәса аҵра инамаданы.

 

Адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Бадра Гәынба.

 

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

 

Ҳаҭыр зқәу Саида Рушьни-иԥҳа!

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала иахьа аус зуеи ԥхьатәара иҟоуи аӡбаҩцәа, азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбарҭақәа раппаратқәа русзуҩцәеи рветеранцәеи ишәыдысныҳәалоит азеиԥш иурисдикциа змоу аӡбарҭақәа аԥҵоижьҭеи 100 шықәса аҵра амш!

Ари акрызҵазкуа рыцхәны иҟоуп азеиԥш иурисдикциа змоу аӡбарҭақәа реиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарра амчхара аӡбаратә махәҭа зегьы азы.

Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аделегациа идикылеитИахьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алеишәатә коллегиа ахантәаҩы Сергеи Рудакови аӡбаҩцәа Рхеилак Ахантәаҩы, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апленум, УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа р-Маӡаныҟәгаҩ Виктор Момотови дырԥылеит.

Аԥсуа ган аҟнытә аделегациа аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы, Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, адепутат Алхас Ҳагба,  Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.

Аҟәа. Лаҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 12 инаркны 17 аҟынӡа Аԥсны араионқәа хәба рҿы ақыҭатә территориақәа рыҿиара азы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи Европатәи атәылақәа Реидгылеи Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа рҟынтәи аԥшьгаратә гәыԥқәа иаадырԥшыз адгыларалеи еиҿкаахо  аспорт-арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа  мҩаԥыслоит.

Гагра араион аҿы (лаҵарамза 12 азы), Гәдоуҭа араион аҿы (лаҵарамза 13 азы), Гал араион аҿы (лаҵрамза 15 азы), Ҭҟәарчала араион аҿы лаҵарамза (16 азы), иара убас Очамчырара араион аҿы (лаҵрамза 17азы) раионцыԥхьаӡа иалкааз ф-ҩык рыла еилоу акомандақәа хәба рыбжьара алԥшааратә етапқәа мҩаԥысуеит. Аспорт-арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа раионцыԥхьаӡа ақалақьтә стадионқәа рҿы имҩаԥыслоит. Алахәылацәеи асасцәеи аестафетатә еицлабрақәа, амузыка, анимациатә шоу, иара убас ачеиџьыка агьма абара рзыԥшуп. Аусмҩаԥгатә алагалара аамҭа асааҭ 10:00 рзы.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.