Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ахысырҭатә дәы Ҵабал имҩаԥысуаз акомандаҟаҵара-штабтә зыҟаҵарақәа ахыркәшаратә ахԥатәи аетап амҩаԥысшьа гәеиҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Арратә зыҟаҵарақәа рхы аладырхәуеит 6-тә́и, 7-тәи ахысратә бригадақәеи ирласны анырразы аҟәшеиҵақәеи.
Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада анапхгаҩы, аинрал-леитенант Владимир Савченко Аҳәынҭқарра Ахада иарбоу арратә зыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоу атәы изеиҭеиҳәеит.
Амобилизациатә ҽазыҟаҵарақәа иалахәуп арратә авиациа (арратә ҳаирпланқәеи аҵәиԥрыгақәеи), аԥырҩы дзықәтәам аппаратқәа, акәылӡтанктә ҟәшеиҵақәа, ареактивтәи агәыцәтәи артиллериа, аминоршәгақәа.
Арратә ҽазыҟаҵарақәа раан атактикатә ҳаиртә десант аҵәиԥрыгақәа рыла рыртәара мҩаԥган, ажәыларатә гәыԥқәа арратә хыдҵақәа нарыгӡон.
Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥгаз арратә усмҩаԥгатәқәа ахәшьа ҳарак аиҭеит.
«Акомандаҟаҵаҩцәа рыла иқәыргылаз арратә хыдҵақәа зегьы қәҿиарала инагӡоуп, акоманда-штабтә зыҟаҵарақәа иахәҭоу аиҿкааратә ҩаӡараҿы имҩаԥысит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Арратә зыҟаҵарақәа реихшьаалақәа рыла еиҳа зҽалызкааз арезервистцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.
Иарбоу арратә зыҟаҵарақәа ирылагеит жьҭаарамза 23 рзы. Арҭ азыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас Гагреи Гәдоуҭеи атерриториалтә хьчара амчрақәа адыԥхьалахеит.
Аусмҩаԥгатә иара убас рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа, амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Рауль Лолуа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.