АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Жьҭаара.2023

Лӡаа ақыҭан ҩ-еихагылак змоу аҩны амца акит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Лӡаа ақыҭан, Речнаиа амҩала игылоу ҩ-еихакылак змоу аҩны амца акит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Амцакра шыҟалаз азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь иҟалеит 10 сааҭи 15 минуҭи рзы.  

«Амца арцәара иалахәын Гагра араиони Гагра ақалақьи рыхьчара азы Аԥшаара-еиқәырхаратә Отриад амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба. Иҟалаз абылра иахҟьаны аҩны ахыб блит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит», - ҳәа иаҳәоит адырраҭара аҿы.


Read 213 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.