Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит «Аинвестициатә усура азы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара. Ахәҭакахьала:
– еиҳа аԥыжәара змоу аинвестициатә проектқәа рынагӡара зылшо, иара убри ала иазԥхьагәаҭоу азинҷыдақәеи апреференциақәеи раиура зылшо ахаҿқәа рыаарԥшра;
– аҳәынҭқарра-хазхаҭалатә партниорра азы аиқәшаҳаҭра азы аҭагылазаашьақәа, астратегиатә инфраструктуратә проектқәа рынагӡараан аинвестициатә усура аҷыдарақәа аазырԥшуа анормақәа рышьақәыргылара.
Азакәан апроект инақәыршәаны, апреференциатә инвестициатә проектқәа аԥснытәи еиԥш аҳәаанырцәтәи аиуристтә хаҿқәа рыла инагӡахоит. Иара убас уи аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи апартнирра азы аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа шьақәзыргыло анормақәа рыла ихарҭәаахоит.
Апарламенттә Еилакы иарбоу азакәан апроект ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Жәлар Реизара-Апарламент асессиа амшхәаԥштә алагалареи уи актәи аԥхьараҿы адкыларазы абжьгара аҟаҵареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит.