Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 25 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысыз иҷыдоу анапынҵақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ, I акласс абжьгаҩ, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ртеориеи аҭоурыхи ркафедра арҵаҩы Адгәыр Чегиа игәалашәаратә хәылԥазы иаҭааит.
ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, иара иҿы аҵара зҵоз ԥыхьатәи астудентцәеи шықәсырацәа инеиԥынкыланы аус зциуаз иколлегацәеи Адгәыр Чегиа жәа ҟәандала дыргәаладыршәеит.
Агәалашәаратә хәылԥазы амодератор иаҳасабала дықәгылеит афилологиатә наукақәа рдоктор, ажурналистика акафедра апрофессор Екатерина Бебиа. Лара Адгәыр Чегиа иԥсҭазаара, изанааҭтә усура, иҟазара далацәажәеит, аԥсуа дипломатиа аҿы илагалақәа азгәалҭеит.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Адгәыр Чегиа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы анапхгаратә маҵураҭыԥқәа ааникылон. Иқәгылоз Адгәыр Чегиа иуаҩра, иаамсҭашәара, иинтеллигентра азгәарҭон.
Ахәылԥаз аҿы ААУ астудентцәа Адгәыр Виктор-иԥа ииҩыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.