АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жьҭаара.2023

Фрида Лазба Ауаажәларратә Палата алахәыла далхуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аекономикатә наукақәа ркандидат Лазба Фрида Аркади-иԥҳа имаӡоу абжьыҭирала Ауаажәларратә Палата алахәылас далырхит.

Ауаажәларратә Палата ахь инацҵаны алхрақәа рымҩаԥгара азы аӡбамҭа Ауаажәларратә Палата алахәыла Абесалом Кәарҷиа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс иҟаҵара иадҳәаланы  ирыдыркылеит.  

Ауаажәларратә Палата алахәылас аҟаларазы аконкурстә лыԥшаара алахәхаразы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи азыҳәамҭақәа фба алаҵахеит, аха алхрақәа раламҭалазы ҩ-кандидатурак арзаҳал алазҵаз рыла ирхынҳәхеит.

 

 


Read 297 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.