АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жьҭаара.2023

Роберт Киут Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә гвардиа архәҭақәа Рфедералтә маҵзура адиректор ихаҭыԥуаҩ Олег Плохим диԥылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Москва ақалақь аҿы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, аинрал-маиор Роберт Киути Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә гвардиа  архәҭақәа Рфедералтә маҵзура адиректор ихаҭыԥуаҩ, астат-маӡаныҟәгаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә гвардиа акомандаҟаҵаҩ Хада, аинрал-полковник Олег Плохими реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара аҿы аганқәа актуалра злоу аҩганктәи амшхәаԥштә зҵаарақәа ирылацәажәеит, алицензиа-зинҟаҵаратә усура аганахьала акадрқәа разыҟаҵареи анапхгарабжьаратәи усеицура азинтә шьаҭақәа рышьақәыргылареи уахь иналаҵаны.


Read 199 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.