
pressadmin-2
Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа “Аҟәа” аусзуҩцәа адекларациа зызум асувениртә аалыҵ аҭира ааныркылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Аҟәа» аусзуҩцәа аҳазылхратә гәаҭара ахысразы иааз атауарқәа рыиагара иазкыз амашьына агәаҭараан адекларациа зызум – 5585 цыра рҟынӡа инаӡоз асувениртә аалыҵ рыԥшааит..
Аԥсни Урыстәылеи Аҳәынҭстандарт анапхгаҩцәа аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы, Жәларбжьаратәи аметрологиатә форум «Метрология без границ 2023» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиеи Урыстәыла аметрологиеи атехникатә еиҿкаареи рзы Афедералтә агентра (Росстандарт) анапхгаҩы Антон Шалаеви официалла реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭстандарт апресс-маҵзура.
Аганқәа наҟ-ааҟтәи аинтерес зҵоу аусура аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылараҿы иара убас Аԥсны Аҳәынҭстандартә аеталонтә база арҿыцра азҵаарагьы шьҭыхын.
Аиҿцәажәарақәа реихшьаалақәа рыла урыстәылатәи аган аамҭалатәи ахархәара аҳасабала ашәаразы ахархәагақәа хәыда – ԥсада Аԥсны Аҳәынтандарт аҭаразы адгалара ҟанаҵеит.
«Урыстәыла Аҳәынҭстандарт иамоу алшарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥснытәи рколлегацәа адгылара рыҭара иазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Антон Шалаев.
Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа арҭҟәацратә усурақәа мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, лаҵарамза 16 рзы, Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апиротехникатә ҟәша аусзуҩцәа аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа арҭҟәацратә усурақәа мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
«Иҿыбгаз ахра ахәҭак амҩа иахаԥеит. Иара убри ала ииасуа апассаџьырцәа рзы ашәарҭара ду аԥнаҵеит. Автомашьынатә ыиасра зынӡа иаанкылахар ауан. Ахылаԥшырҭа аусзуҩцәа иаанхаз ацаҟьа ԥыржәеит, иара убри ала ашәарҭарагьы аԥырхит», - ҳәа иазгәаҭоуп аацҳаҭа аҿы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра азгәанаҭоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵан 1992 – 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы. Лаҵарамза 17, 1993 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵаразы Ақәҵара инапы аҵаиҩит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа напхгара арҭон Саид Ҭаркьыл, Сократ Џьынџьал, Леонид Лакербаиа, Константин Озган, Игорь Ахба, Сергеи Шамба, Максим Ӷәынџьиа, Виачеслав Чыркба, Даур Ақаҩба.
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа зегьы раԥхьаӡа дрыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. «30 шықәса раахыс Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра қәҿиарала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитикатә интересқәа рыхьчаразы анапы иану аусура мҩаԥнагоит. Ҷыдала, ААР аҵак ду змоу алагаламҭа ҟанаҵеит урыстәыла-аԥснытәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны. 2008 шықәсазы ҳтәыла аҭоурых аҟны акрызҵазкуа ахҭыс ҟалеит – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәа жәпаки» – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҳәеит: «Аԥсуа дипломатиа аиҿкаареи аҿиареи мҩаԥысуан имариамыз аҭагылазаашьақәа рзы, усҟан адипломатиатә маҵзура аветеранцәа хацәнымырха аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчон.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟоу аԥышәа ҵаҵӷәыс иганы иахьагьы аҳәынҭқарра аинтересқәа ахьчоит, ихырхарҭа хаданы иаԥхьаӡоит:
аусбарҭа аусура аиӷьтәра, аматериал-техникатә еиқәыршәара, аӡбарақәа рыдкылара асистема, жәларбжьаратәи аинформациатә политика арцыхцыхра, Амедиацентр аусура ахацыркра, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара, рырҭбаара – Мрагылара Ааигәа, Африкеи Латинтәи Америкеи ртәылақәагьы налаҵаны, иҩызам атәылақәа атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа анырра арҭартә алмыршара, аҿар жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы адгылара рыҭара».
Ашәба Лаша адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра 30-шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30-шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа! Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аппарат хада, ацҳаражәҳәарҭақәа, аҳәаанырцәтәи аусбарҭақәа русзуҩцәа!
Аԥсны Жәлар Реилазаара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьақәгылеижьҭеи 30 шықәса аҵра!
Ҳара ҳазгәдууп ҳдипломатиа знысыз хьӡи-ԥшеи згым аҭоурыхтә мҩа. Шәара имҩаԥыжәго аусура ҳреспублика жәларбжьаратәи ахаҿра ашьақәыргалараҟны аҵак ду амоуп, ҳтәылазы илахьынҵаӡбаганы иҟоу азҵаарақәа акыр аӡбоит.
Ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рымҩаҟны акрызҵазкуа ак акәны иҟоуп 1993 шықәса лаҵарамза 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба инапы зҵаиҩыз «Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵара. Аԥсуа дипломатиа апрофессионалтә еизҳара аҳәынҭқарратәра ианыԥшуан, уи арӷәӷәара иацхраауан. Иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раангьы шәара хьаҳәа-ԥаҳәарада атәыла аинтересқәа рыхьчаразы шәгылан.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ҳтәылазы еиҳа иуадаҩыз ашықәсқәа рзы аԥсуа дипломатиа ауасхыр азышьҭазҵаз, уи аусуразы априцип хадақәа аԥызҵаз адәныҟаполитикатә усбарҭа аветеранцәа
Абаџь ахшәаарада Урыстәылантәи Аԥсныҟа апропан аагаразы Апкаанҵа азинмчы аиуит.
Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абаџь ахшәаарада Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа апропан аагаразы Апкаанҵа азинмчы аиуит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра.
Лаҵарамза 28, 2012 рзы «Атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра» аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа» аҳазылхратә баџь ахшәаарада Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа иаагахо атауарқәа рсиа иалагалахоит апропан.
Аԥсны Афорум «Урыстәыла – Африка» иалахәхоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Афорум «Урыстәыла – Африка» иалахәхоит, ҳәа Амедиацентр азы адырра ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Лаҵарамза 25 рзы иазгәарҭоит Африка Амш.
Инал Арӡынба африкатәи аҩызцәеи апартниорцәеи ари амш рыдиныҳәалеит. «Ари африкатәи аконтинент аколонизм аиааиреи африкатәи ажәларқәа аҭынчреи аизҳазыӷьареи рашьҭазаареи символра зуа ихадоу ныҳәоуп», –ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.
Ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымзазы Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербург ақалақь, аҩбатәи асаммит «Урыстәыла-Африка» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа афорум «Урыстәыла-Африка» аусура иалахәхоит.
Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аҿы иазгәарҭеит аҵараиурҭа 160-шықәса ахыҵра аиубилеи.
Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол 160-шықәса ахыҵра иазкны Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҵара аминистр Инал Габлиа ашкол арҵаҩратә коллективи аҵаҩцәеи аҵараиурҭа 160-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, ақәҿиарақәеи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.
Уи ҷыдала иазгәеиҭеит ари ашкол аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу ареспублика аҿы еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруа ауажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа, аҵарауаа, акультура аусзуҩцәа, аҳақьымцәа.
Ашкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи дрыдныҳәаларц арахь дымҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
«Ари акырӡа зҵазкуа хҭысуп шәара шзеиԥш, ҳреспублика аҵара асистема зегьы азы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада еизаз иргәалаиршәеит Ашьхарыуаа рышкол 1863 шықәсазы ишаԥҵаз.
«Шәышықәса ҵуеит Ашьхарыуаа рышкол Аԥсны аҵеи хьӡырҳәага Нестор Лакоба ихьӡ ахыижьҭеи. Абрантә иалагеит иналукааша Аԥсны аҵарауаа аӡәырҩы рымҩа», - ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ари ашкол аушьҭымҭацәа рлагамҭа шдуу ҳнаукеи ҳкультуреи рыҿиараҟны. Урҭ активла иалахәын ҳтәыла аполитикатә ԥсҭазаара, Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны иԥхьагылаҩцәан.
«Акрызҵазкуа абри амш аҽны ашкол иазеиӷьасшьар сҭахуп аихьӡара дуқәа, аизҳара иҿыцу ахырхарҭақәа рыла. Сгәы иаанагоит, Ашьхарыуаа рышкол аушьҭымҭацәа аԥхьаҟагьы Аԥсны аҭоурых иацырҵап, еихарҳап ҳәа», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ашкол 160-шықәса ахыҵра инамаданы авидеодныҳәалара аалышьҭит Урыстәылатәи аҵара Академиа апрезидент Ольга Василиева.
Рышкол гәакьа аиубилеи азы адныҳәалара ҟарҵеит ари ашкол аушьҭымҭацәа, Аурыс драматә театр анапхгаҩы хада Иракли Хьынҭәбеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениеи.
Ашколхәыҷқәа аиубилеи иаздырхиеит аныҳәатә программа: урҭ ажәеинраалақәа ирыԥхьон, аԥсуа шәақәа нарыгӡон, икәашон.
Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аҭоурыхи еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы, аетнограф, алитературадырҩы Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа игәалашәарақәеи ирызкны адокументалтә фильм дырбан.
Ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа иахьа иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 70 шықәса.
Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист Даур Занҭариа иԥсы ҭазҭгьы 70 шықәса ихыҵуан.
Ари аиубилеитә рыцхә иазкуп И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы имҩаԥысыз аконференциа.
Астол гьежь рхы аладырхәит аԥснытәи урыстәылатәи алитература ахаҭарнакцәа, ажурналистцәа, ашәҟәыҩҩы иколлегацәеи иҩызцәеи Владимир Занҭариа, Даур Наҷкьебиа, Ричард Ҷкадуа, Леонид Бахнов, Игорь Сид, Владислав Отрошенко, Анил Џьанвиџьаи, Надежда Венедиктова, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Анатоли Лагәлаа, Арда Инал-Иԥа, Аида Ладариа, Лиана Кәарҷелиа, Баҭал Кобахьиа, Адгәыр Ӡиӡариа.
Аԥсны 1777-ҩык аушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит.
Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәбжьы. Сынтәа ашкол иалгаз рхыԥхьаӡара 1777-ҩык рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә ԥшьҩык ахьтәы медал ала иалгеит.
Аԥсны раԥхьаӡатәи ашколқәа иреиуоу – Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аҟны иахьа иҟаз зегьы шьыжьырнахыс аныҳәатә гәалаҟазаара рыман. Аушьҭымҭацәа иахьа ҷыдала рҽырхианы, актәи акласс аҵаҩцәа рзы анкьаԥышҭақәеи аҳамҭақәеи ааргеит, урҭх – зышкол гәакьа ааныжьны ицо 11-тәи акласс аҵаҩцәа рзы ашәҭқәа дырхиеит. Сынтәа ажәабатәи ашкол иалгоит 66-ҩык. Урҭ дрыдныҳәалеит ашкол адиректор Аида Кәарҷелиа.
«Шәара иахьа ашкол шәалгоит. Уи сынтәа, атәылауаа нагақәа иакымкәа абиԥарақәа зааӡаз ашкол 160-шықәса ахыҵра иақәшәеит. Шәара шәышьҭахьҟа иааншәыжьуеит шәхәыҷра аԥсҭазааратә мҩа ду ахь шәшьаҿа еихыжәгоит. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит аҭынч ԥсҭазаара, агәабзиара, ахирра, ақәҿиарақәа рацәаны», – ҳәа илҳәеит Аида Кәарҷелиа.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе ашкол аушьҭымҭацәеи урҭ рҭаацәеи дрыдныҳәалеит. Уи арҵаҩцәа 11 шықәса ирылагӡаны рҵаҩцәа адыррақәеи рыҭареи рааӡареи рнапы алакын ҳәа иазгәеиҭеит.