АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Абҵара.2023

Аҟәа ақалақь Апрокуратура амилициа аусзуҩцәа рганахьала амч зхы иазырхәаз атәылауаа рзы аусеилыргара хацнаркит.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Апрокуратура амилициа аусзуҩцәа рганахьала амч зхы иазырхәаз атәылауаа рзы аусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Жьҭаара 23 рзы, ахәылбыҽха, 18 сааҭ  инарзынаԥшуа, амилициа аусзуҩцәа административтә хьырхәра иаҵаркыз Асҭамыр Сабекиа изыԥҵәаз аҿҳәара ахьынҵәаз азы иаанкылара рҽазыршәеит. Асҭамыр Сабекиеи Павел Теребови еицын, анаҩс урҭ ирыцлеит гәыԥҩык ауаа. Дара зегьы еидгыланы азинхьчаҩцәа иреисит. Анаҩс Асҭамыр Сабекиеи Павел Теребови аҭыԥ аҟынтәи рыҽӡаны ицеит.

Иара убри аҽны ахәылбыҽха, 19 сааҭи 40 минуҭи инарзынаԥшуа, Аҟәа ақалақь, Чалмаз имҩаҿы игылоу аҩнеихагыла ашҭаҿы азинеилагаҩцәа раанкылара рҽазыршәеит. Амилициа аузуҩцәа аҿагылара рырҭеит 50-ҩык рҟынӡа ауаа.

Ԥыҭрак ашьҭахь амилициа аусзуҩцәа рыла даанкылан Нестор Зурик-иԥа Џьопуа. Уи иақәшаҳаҭымыз атәылауаа Киркинаӡе И.В., Џьынџьал Д.Д., Лабжаниа Л.Р., Сабекиа А.Д., иара убас зхаҭара шьақәыргылам егьырҭ ахаҿқәеи амилициа аусзуҩцәа иааныркылаз игараҿы ирԥырхагахеит, амилициа аусзуҩцәа равтомашьынақәа напыла, шьапыла иасуан, еиуеиԥшым амаҭәарқәа агәыдырҵо иалагеит, иара убри ала Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа аҟәша № 1 (ОУР ОМ-1 УВД) ӷәӷәала аматериалтә ԥхасҭа арҭеит.

Иара убри ауха, 20 сааҭи 05 минуҭи инарзынаԥшуа, ақәыларатә гәҭакы змаз гәыԥҩык ауаа, уаанӡа амилициа аусзуҩцәа рганахьала амч зхы иазырхәаз атәылауаагьы уахь иналаҵаны, Аргәын имҩала иҟоу Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа аҟәша № 1 ашҭахь инеит. Урҭ Амилициа аҟәша ахыбрахь мчыла аҩналара рҽазыршәеит. Убри аан, дара ҩаԥхьа   амилициа аусзуҩцәа рганахьала амч рхы иадырхәуеит.

Аҟәа ақалақь апрокуратура Асҭамыр Сабекиа, Павел Теребов, Нестор Џьопуа, Т.Б. Дарсалиа, И.В. Киркинаӡе, Д.Д. Џьынџьал, Л.Р. Лабжаниа рганахьала аусеилыргара хацнаркит.

Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбрала Лабжаниа Л. Р., Сабекиа А. Д., Дарсалиа Т. Б., Џьынџьал Д. Д. ырбаандаҩуп.

 Заанаҵтәи аусӡбаратә усбарҭа Џьопуа Н.З.     ирбаандаҩразы азыҳәа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь инанашьҭит.

 


Read 235 times - Ахаша, 01 Абҵара 2023 22:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.