АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Абҵара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы ll Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа аадыртит.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, "Москва Аҩны" аҿы ll Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа аадыртит. Уи мҩаԥыргоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны аҵара Аминистрреи.  

Ацәыргақәҵа хақәкыс иамоуп иреиҳау аҵарадырра аусхк аҿы аихьӡарақәа раарԥшреи урыстәылатәи арҵаратә программақәа ауаажәларра радԥхьалара, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иаку аинформациатә ҵарадырратә ҵакыра ашьақәыргылара, урыстәылатәи аԥснытәи  аҵарадырратә еиҿкаарақәа рыбжьара аусуратә еимадара абжьаҵара, иара убас ашколқәеи Иреиҳау аҵараиурҭақәеи роушьҭымҭацәа Урыстәыла иҟоу аҵаразы аҭагылазаашьақәеи ихадоу ахырхарҭақәеи деилыркаара.  

Аусмҩаԥгатә аофициалтә хәҭа аартуа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны абитуриентцәа арҵаратә программақәеи урҭ рхырхарҭақәеи рдырра шрылшо азгәеиҭеит: «Ари агәахәара ду ҳазҭо аҩбатәи цәыргақәҵоуп. Аиашазын, арҭ ацәыргақәҵақәа ус баша имҩаԥысуам. Уаанӡатәи ацәыргақәҵа алҵшәақәа рыла, атехнопарк "Кванториум" алахәыла ареспубликаҿтәи акультуратә ргыларақәак иԥхьаӡациркит. Аха зегь реиҳа ихадарахаз, иара убри атехнопарк Аԥсныҟа иааны ақалақьқәа рҿы амастер-классқәа мҩаԥнагеит. 1600-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа иарбоу амастер-классқәа рҿы анаука аусхкы аҿы иҟоу еиуеиԥшым аихьӡарақәа ртәы аилкаара азы алшарақәа рзаԥҵан. Сара сгәы иаанагоит, иахьатәи ацәыргақәҵа ахәыҷқәа рзы акыр хра злоу, аинтерес зҵоу усмҩаԥгатәны иҟалоит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Федотов.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин аҵараиурҭабжьаратә аҵаратә цәыргақәҵа амҩаԥгара традициа бзианы иҟалоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит:

«Иахьа араҟа хыԥхьаӡара рацәала абитуриентцәа ахьалаху, урҭ ацәыргақәҵа ахь азҿлымҳара  шрымоу аанарԥшуеит. Аԥшьгамҭа ахаҭагьы адгылара зҭаху усуп. Агәахәара унаҭоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь рхы ахьдырхо аԥснытәи аушьҭымҭацәа. Ҳаргьы иалшо ҟаҳҵалоит аҵараиурҭақәа рҿы аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара азырҳаразы. Агәыӷра сымоуп иахьатәи ҳусмҩаԥгатә қәҿиарала ишымҩаԥысуа азы», - ҳәа иҳәеит Михаил Шургалин.

Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ  Сергеи Шамба абитуриентцәа, арҵаҩцәеи аҭаацәеи ацәыргақәҵа аартра рыдиныҳәалеит.

«Шықәсырацәа инеиԥынкыланы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра ҳхәыҷқәа Урыстәыла аҵара рҵартә еиԥш алшара рынаҭоит. Уи урыстәылатәи абиуџьет ахарџь ала имҩаԥысуеит. Уи азы даара иҭабуп ҳәа ҳҳәоит. Сара ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит. Зегьы ирыцку, зегьы хымԥада аҵараиурҭақәа шәҭалара акәӡам, шәтәыла аизҳазыӷьара иазкны аусура зылшо уааны шәыҟалара ауп зегьы ирыцку. Мҩамш, ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәыцзааит шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рҿы», – ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ  Ада Кәарҷелиа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгара иҭабуп ҳәа ралҳәеит аԥснытәи абитуриентцәа ирырҭо алшарақәа рзы.

«Убас ала шәара аҵарадырратә ҵакыра аҳәаақәа шәырҭбаауеит.  Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп – зҵарадырра аҩаӡара ҳараку, зтәыла аизҳазыӷьара азы аусура зылшо аҵеи иашақәа рааӡара. Ари ацәыргақәҵа ҳхәыҷқәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш азы амҩа алхра аҿы хра злоу плошьадканы иҟалоит», – ҳәа илҳәеит лара. 

Сынтәа аҵараиурҭабжьаратә аҵаратә цәыргақәҵа рҽаладырхәырц Аԥсныҟа иааит Урыстәыла 12 Иреиҳау аҵараиурҭақәа: Державин ихьӡ зху Тамбовтәи ауниверситет, Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет, Курсктәи аҳәынҭқарратә Университет, Ҟәбантәи аҳәынҭқарартә Университет, Н. И. Пирогов ихьӡ зху Урыстәылатәи амилаҭтә ҭҵаарадырратә амедицинатә Университет, Санкт-Петербургтәи атехнологиақәеи адизаини руниверситет, Челиабинсктәи аҳәынҭқарратә Университет, Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә иреиҳау аҵарадырратә еиҿкаара «Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиа», Иаарту иреиҳаӡоу агуманитартә школ Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә асоциалтә Университет, уҳәа назлоу.  

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны ашкол аушьҭымҭацәа, аҭаацәа, арҵаҩцәа Урыстәыла аҵараиурҭақәа рхаҭарнакцәа хаҭала рыҿцәажәара, азҵаарақәа рыҟаҵареи урҭ рҭакқәа раиуреи, уҳәа рзы алшара роуеит. Аужьҭымҭацәа рзы иара убас имҩаԥгахоит азанааҭлхратә (апрофориентациатә) лекциақәа, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҵаратә программақәа рӡыргара.

Ацәыргақәҵа абҵарамза 3 аҟынӡа аус аулоит.

 


Read 276 times - Ахаша, 01 Абҵара 2023 21:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.