Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 31 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра 2022-2025 шш. асоциал-економикатә ҿиара» Аҳәынҭқарратә Программа анагӡара амҩаԥысшьа иазкыз аилацәажәара.Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аилацәажәара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Аиҳабыра алахәцәа, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи р-Администрациақәа рхаҭарнакцәа.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аҳәынҭқарра Ахадеи аилацәажәара иалахәызи асоциал-економикатә ҿиара Аҳәынҭқарратә программа анагӡара амҩаԥысшьазы адырра рылҭеит. Ари Апрограмма анагӡашьазы инарҭбааны аинформациа ҟанаҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ишьақәырӷәӷәоу «Аԥсны Аҳәынҭқарра 2022-2025 шш. асоциал-економикатә ҿиара» Аҳәынҭқарратә Программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2022 шықәса нанҳәамзазы иаҵаҩын Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабырабжьаратә Еиқәшаҳаҭра Апрограмма анагӡараҟны ацхыраара аҟаҵаразы. Аиқәшаҳаҭра 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы ишьақәырӷәӷәан.
Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра шьаҭас иаҭаны аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма мҩаԥысуеит афинансеицзаужьра, абиуџьет иаҵанакуа аусуҩцәа ркатегориа руалафахәы ашьҭыхреи Аинвестициатә программеи убрахь иналаҵаны.
2023 шықәсазы аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма афинансеицзаужьра ашәага-загақәа шьақәырӷәӷәоуп «2023 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы» Азакәан ала.
2024 шықәсазы аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма афинансеицзаужьра ашәага-загақәа шьақәырӷәӷәахоит Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа ирыдыркылаз азыӡба ала ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа, уи 2024 шықәсазтәи абиуџьет апроектгьы ианырԥшхоит.
Апрограмма аҟәшақәа рыла:
Абиуџьеттә процесс аиҭеиҿкаара хықәкыс иҟаҵаны, Апрограммала иазԥхьагәаҭоуп абиуџьеттә усхк аҟны азакәанԥҵара аиӷьтәра, абиуџьетбжьаратә еизыҟазаашьақәа рылҵшәақәа рышьҭыхра, абиуџьеттә харџьқәа рылҵшәа ашьҭыхра, абиуџьетә система аиҵатәреи абиуџьеттә харџьқәа реизакреи, абиуџьеттә ԥхьаӡара автоматыркреи ирзынархоу ауснагӡатәқәа.
Аусмҩаԥгатәқәа рыпрограммала иазԥхьагәаҭоу анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала 2022ш.20.07. Ақәҵара №87 аҟнытә ишьақәырӷәӷәоуп абжьараҿҳәаратә хықәкылатәи апрограмма «2022-2024 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьеттә ԥхьаӡареи аҳасабырбеи рырҿыцра». Аԥсны афинансқәа рминистрра уи анагӡаразы аусура мҩаԥнагоит.
Абиуџьеттә система алҵшәақәа рышьҭыхразы иазырхиоуп иагьышьақәырӷәӷәоуп анормативтә актқәа:
«Абиуџьеттә кредитқәа рыҭашьа аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара 23.09.2021 ш. Ақәҵара №93 аҟнытә, «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәа рынагӡаразы аҳасабырба аҟаҵаразы аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы», «Афинансқәа рминистрра 28.09.2020ш. №90 аҟнытә Адҵа «Ҳазҭоу ашықәс азы ареспубликатә биуџьет акассатә план ашьақәыргылареи анагӡареи рзы аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәаразы».
Программала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны абанктә сектор аҟны Аԥсны Абанк ихнаркәшеит аинформациатә системақәа астандартқәа рықәыршәареи ацәгьоуратә операциақәа амониторинг рзуреи аҿагылареи рзы асистема алагалареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа.
Иара убас Аԥсны абанктә система аусура ахаҭабзиара аиӷьтәразы иазырхиоуп иагьрыдыркылеит абарҭ азакәанқәа:
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә закәанеидкыла актәии аҩбатәии ахәҭақәа рыҟны аԥсахрақәа ралагаларазы», «Абанктә ҳәаақәҵара аусхк аҟны азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагларазы», «2011 шықәса №3024-с-V ҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» «Ахәԥсашәаразы аелектронтә хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы», «Аелектронтә напынҵамҭазы»
Имҩаԥгаӡам аиҭафинансыркра апроценттә зыԥҵәа аиҵатәра иазку аусмҩаԥгатәқәа. АА Амилаҭтә банк агәаанагарала, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, иҟоу абанктә система алшарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аиҭафинансыркра апроценттә зыԥҵәа аиҵатәра залшаӡом, азҵаара ахәаԥшра ҟалоит акапитализациа ианацҵаха.
Аизгареи астатистикатә информациа аус адулареи ирызкны имҩаԥысуа аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркылеит 27.07.2022 N 5431-с-VII аҟн. «Астатистикатә усуреи аҳасабеилыргаратә ԥхьаӡареи русхк аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан.
Иазырхиоуп аелектронтә информациатә система «Аелектронтә ҳасабырба», аинформациатә системаҟны аелектронтә еикәшара амҩаԥгаразы аԥҟара. Уи иҳәаақәнаҵоит аелектронтә документеикәшара алахәцәа рахь аҭахрақәеи аԥҟареи, аҳасабеилыргаратәи астатистикатә ҳасабырбеи рхырхарҭа аԥҟара.
2024 шықәса инаркны иазԥхьагәаҭоуп иналак-алакны аусурҭамазаареи аусурҭадареи аҭҵаара апрограмма азырхиаразы аусура аиҿкаара.
Ақыҭанхамҩаҟны аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны ирыдыркылеит «Ақыҭанхамҩазы» АА Азакәан, азырхиара мҩаԥысуеит «Ақыҭанхамҩатә кооперативқәа рзы», «Хазхаҭалатәи ацхыраагӡатә нхамҩақәа рзы» азакәанапроектқәа.
Аҳәынҭқарратә дгыларазы ауснагӡатәқәа ақыҭанхамҩа аусхк аҟны имҩаԥысуеит АА Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз Ахылаԥшратә хықәкытә программа «2022 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» ашьақәырӷәӷәаразы», Ахылаԥшратә хықәкытә программа «2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» ашьақәырӷәӷәаразы» Ақәҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны. Есышықәсатәи афинансзоужьра амҽхак иартәоит 100 млн.мааҭк.
Анаплакра маҷ аусхк аҟны аҳәынҭқарратә дгылара мҩаԥысуеит иашьашәалоу ахылаԥшратә программақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликатә биуџьет иазоунажьуа аҟнытә.
Зыҿҳәара дуу аинфрастуктуратә кредит адԥхьаларазы 2022-2023 шш. рзы Урыстәылеи Аԥсни еицаҳзеиԥшу аусурақәа мҩаԥган агәаҭаратә приборқәа раахәареи рышьақәыргылареи рзы. Акредиттә хархәагақәа радԥхьаларазы азыӡба макьана ирыдкылаӡам. Убри аангьы 300 млн. мааҭ рыхә афымцамч ахархәразы априборқәа аԥсуа ган аҭаразы азҵаара ақәыршаҳаҭраҟынӡа анагара мҩаԥысуеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра агазыркра асхьема азырхиара. 2021 ш. ԥхынҷкәынмзазы Аиқәшаҳаҭра иаҵаҩын аиҿкарра АУ "Газпром Промгаз" алархәны. Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа инарықәыршәаны, анагӡаҩцәа аус здырулаз аҳасабырбатә материалқәа, Аԥсуа гани Урыстәыла Афымцамч аминистрреи рыҟнытә иазҿлымҳаз аусбарҭақәа ақәыршаҳаҭын.
Апроект анагӡара хықәкыс иҟаҵаны, Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара рахь ааԥхьара шьҭын Аԥсны Ахада иҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра агазыркразы аинвестициатә проект анагӡаразы Аиҳабырабжьаратә Еиқәшаҳаҭра азырхиаразы.
Аҳәынҭпрограммала иазԥхьагәаҭоуп ашәахтәқәа ршәара ахаҭабзиара аиӷьтәра иазку иавтоматырку асистема алагаларала. Абарҭ ахықәкқәа рзы ирыдыркылеит "Аконтроль-кассатә техника ахархәаразы" Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан 2023 ш. ажьырныҳәамза 1 инаркны амч зауыз.
Аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы иазырхиоуп ахылаԥшразы иавтоматырку асистема алагаларазы аусбарҭабжьаратә Еиқәшаҳаҭра апроект.
Апроект иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра хәыда-ԥсада ацхыраара аҭара атехникалеи программалеи аиқәыршәаразы. Анагӡара аҿҳәара - 2024-2026 шш.
Абри Аиқәшаҳаҭра апроект азы аилабжьарақәа мҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент аҟны.
Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра ақәиҭтәразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара адкылара ҳазыԥшуп.
Аинформациатә системақәа рышьақәыргыларазы иаку аҳәынҭқарратә центр аԥҵаразы Аҳәынҭпрограмма аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны, 2022ш. абҵарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала ишьақәырӷәӷәан аусбарҭатә абжьараҿҳәаратә хықәкытә программа "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аинформациа-коммуникациатә технологиақәа рмилаҭтә усхк аҿиара". 2023-3025 шш. рзы иазԥхьагәаҭоу апрограммала азеиԥш лимит аиартәоит 140 млн мааҭ. Апрограмма аус ахыркәшарахь инеиуеит.
Атранспорттә усхк аҟны аҳәынҭпрограмма ауснагӡатәқәа
Аҳаиртә баӷәаза ареконструкциа:
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы урыстәылатәи аиуристтә хаҿыс дызмоу аинвестициатә проект иаҵаҩын 2023 ш.рашәарамза 23 рзы.
Ашьақәырӷәӷәаразы Азакәан рыдкылан Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны 2023 ш. ԥхынгәымза 26 рзы.
Аиҳабырабжьаратә комиссиа аицхантәаҩцәа ирыдыркылаз Азыӡбала 2023 ш.нанҳәамза 31 рзы ишьақәырӷәӷәан Урыстәылатәи аиуристтә хаҿы дҳәаақәызҵо Аԥҟара, алхразы акомиссиа аилазаара, иара убас аҳәынҭқарра-хаҿытә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра Аԥҟара хадақәа. Аицлабразы арзаҳалқәа ралаҵара хыркәшан цәыббрамза 15 рзы.
Аиуристтә хаҿы иалхразы аицхантәаҩцәа рзыӡба иаҵаҩын 2023 ш. цәыббрамза 29 рзы.
Аҳәынҭқарра-хаҿытә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра иаҵаҩын 2023 ш. жьҭаарамза 27 рзы.
Апроект анагӡара амҩа иқәуп, ахыркәшара иамоу аҿҳәара - 2024ш. ԥхынҷкәынмза . Аинвестициа амҽхак - 11млрд.мааҭ.
Амашьынамҩатә инфраструктура иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа афинансқәа рзоужьуп Аинвестпрограммеи Амҩатә фонди рхыҵхырҭақәа рҟынтә.
2022-2023шш. рзы Аинвестпрограммақәа ирыбзоураны амашьынамҩақәа реиҭашьақәыргылара иазоужьуп 1,4 млрд.мааҭ, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ареспубликатә мҩаду лашарала аиқәыршәара иадҳәалоу аусқәа.
Амҩа аҿықәқәа ррыцқьаразы аусқәа мҩаԥгоуп, иара убас амҩатә дыргақәеи арбагақәеи шьақәыргылоуп, ацҳақәа ркәыршақәа шәуп, амҩатә ҵәаӷәа алдоуп, ахарџь иартәоит 50 млн.мааҭ.
Кәыдрытәи аҩхааи Гәмысҭатәи ацҳа аиҭашьақәыргылареи рзы апроект-харџьынҵатә документациақәа аус рыдулара хыркәшоуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы афинанстә усура ахыҵхырҭа шьақәыргылам.