АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Абҵара.2023

Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Атәанчаҩратә фонд абиуџьет аиҭакрақәа аларгалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәанчаҩратә фонд  2023 шықәсазы абиуџьет азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Аиҭакрақәа иаҵанакуеит «Егьырҭ азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа» ҳәа изышьҭоу аҟәша.  25 млн. мааҭ  зыԥсҭазаара иалҵхьоу атәанчаҩцәа рыуацәа рыла изакәанымкәа иамхыз аԥарақәа рхарҭәаара азы Урыстәыла Атәанчаҩратә фонд ахь идәықәҵахоит.   Ишдыру еиԥш, Аԥсны ауаҩы иԥсҭазаара дшалҵыз ала адырра ианаамҭоу ашәҟәҭагалара аҟамҵара иадҳәалоу ахҭысқәа маҷым.  

Аҟәша «Атәанчаҩратә еиқәыршәара» 28 млн. 660 нызықь мааҭ рыла еиҳахоит. Ари аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ Аԥсны жәлар Рџьнџьтәылатәи еибашьраҟны Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра инамаданы  (1 433  – ҩык 20-20 нызықь мааҭ), зныктәи аԥаратә цхыраагӡақәа рызшәара иазырхахоит.   Ашәатәқәа рызшәахоит ԥшь-категориак  ирыҵанакуа атәанчахәы зауа атәылауаа: 

– 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу аусура злымшо доусы рыцыԥхьаӡа рзы – 21 млн 420 нызықь мааҭ;

– 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа –  1  млн 420 нызықь мааҭ;

– 1993 шықәса жьҭаарамза инаркны 1994 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа иҭахаз хатәгәаԥхарауаа рҭаацәа – 80,0 нызықь мааҭ;

– аинвалидразы атәанчахәы аиуразы азин змоу, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу ахаҿқәа, убас:

хаҭалатәи атәанчаҩцәа – 20 нызықь мааҭ., I агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа – 20 нызықь мааҭ., II агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа – 40 нызықь мааҭ, иҭахаз Аԥсны Арбџьармчқәа ррезервистцәа рҭаацәа – 4 млн 380 нызықь мааҭ, иҭахаз аррамаҵураа рҭаацәа  –  1 млн 280 нызықь мааҭ.,

Адепутатцәа еицҿакны ирыдгалаз аиҭакрақәа рзы рыбжьы рҭиит.

Аиҭакрақәа злагалоу Афонд абиуџьет ахашәалахәқәа рыла 1,48 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтәқәа рыла  - 1, 53 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  

2023 шықәсазы Аԥсны Атәанчаҩратә биуџьет адефицит  53 млн 660 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Абиуџьет адифицит афинанстәра ахыҵхырҭаны иҟоуп ажьырныҳәамза  1, 2023 шықәазы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха.  Уи аицҵалыҵ 53 млн  660 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.


Read 229 times - Аԥшьаша, 02 Абҵара 2023 17:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.