Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд 2023 шықәсазы абиуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Афонд анапхгаҩы Енвер Чамагәуа.
Аиҭакрақәа ирыҵанакуеит «Егьырҭ азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа» ҳәа изышьҭоу аҟәшеиҵеи «Азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа» ҳәа изышьҭоу аҟәшеиҵеи рыла Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд абиуџьет аныхтә хәҭа аизырҳара. Уи аицҵалыҵ 101 млн 781,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымш 30-шықәса ахыҵреи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш 15-шықәса ахыҵреи разгәаҭара азы 100 млн. мааҭи Аҩада Ешыра ақыҭан Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи абираҟшьаҟеи рышьақәыргылареи рзы – 5 млн. мааҭ рҟынӡа зеицҵалыҵ наӡо аныхтәқәа рыхәҭа аиҳарак ирыдыркылахьаз абиуџьеттә ԥаратә зоужьрақәа ршәага-зага иахысыз ахарџьқәа рфинанстә харҭәаара ахь идәықәҵахоит.
«Аҟәа «Амилаҭтә економика» аиҟәшеиҵа «Аргылара» ала аизырҳара 37 млн 118, 3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Арҭ аԥаратә хархәагақәа Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан иҟоу ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа рынагӡаразы идәықәҵахоит.
2023 шықәсазы адефицит 162 миллиони 900 нызықь мааҭ артәеит.
Афонд абиуџьет адефицит ахарҭәааразы ԥаразоужьра мҩаԥгахоит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 азы инханы иҟаз аԥарақәа рыла.