АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Абҵара.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә ныҟәарала Аҟәа ақалақь далсны ибеит.

Аҟәа. Абҵарамза 02, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Аҟәа ақалақь аҟны аусуратә ныҟәарақәа мҩаԥигеит. Аныҟәарақәа ирылахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҟәа ақалақь Администрациа Ахада Беслан Ешба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада Арӡынба имҩаду аҟны Агәмааи Титовеи амҩақәа еимадзо аҭыԥқәа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо гәеиҭеит.

Беслан Ешба арҭ амҩадукәа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ақалақь Администрациа ахарџь ала ишцо, ашықәс анҵәамҭазы иагьшхыркәшахо атәы иҳәеит.  «Амҩа даара аҭагылазаашьа бааԥсын. Ауаа рацәаҩны инхоит, иԥҽыз амҩа иҭамҳарц азы амҩа иахыкәшан ицалар акәын»,- ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.

Иара убас, аҳҭнықалақь ахада иҟаиҵаз адыррақәа рыла, арҿыцратә усурақәа анцоз аамҭазы аӡӡымҩангара шәырақәа ԥсахын, ари аусурахкы иартәеит 38 млн.мааҭ. «Аԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоуп - амҩа акаҭран ақәырҭәара, уи иақәхарџьтәхоит 15-18 млн.мааҭ. Аԥара ҳамоуп. Ацрыӡмҩангара иадҳәалаз аус цәгьан, аус аԥырхага азҭоз аҭыбгарақәа рацәан», - ҳәа иҳәеит иара. Беслан Ешба ԥхынгәымзазы излагаз аусурақәа  жәамш рыла ишхыркәшахо иҳәеит.

Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада ибеит Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҟны имҩаԥысуа аусурақәа. Аусурақәа рымҩаԥысшьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит Беслан Ешба. «Индоевропатәи ателеграф 12 ҭоурыхтә шьаҟа ареставрациа рзаҳуит. Иаарласны 80 цыра атәарҭақәа  ҳаргылоит», - ҳәа иҳәеит Аҟәа Администрациа Ахада.

Амуниципалтә усбарҭа «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, апарк аҟны иҟоу аӡыршә аиҭашьақәыргылара уажәшьҭа ахыркәшарахь инеиуеит.  «Аусурақәа цонаҵы аӡыршә иамаз раԥхьатәи ахаҿра аиқәырхара ҳашьҭан. Аусурақәа  абҵарамза 17-нӡа ихыркәшахоит», - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ԥиԥиа.

Беслан Ешба, иааиуа ашықәс азы апарк аҟны аҳәыҷқәа рзы акьанџьа дуқәеи ауаргьалеи шыҟало иҳәеит.

Анаҩс Аслан Бжьаниа даҭааит Басла аӡиас иху ашьапыламҩатә цҳа. Беслан Ешба иҳәеит, ацҳа ахи аҵыхәеи рыҟны алифтқәа раҭара ргәы ишҭоу. «Апандус ахьамам иахҟьаны, зымаха-зышьаха зыхьуа ауаа ацҳа изықәсӡом, иара убас ахәыҷтәы колиаскақәеи амаланыҟәақәеи змоу ашьаҟауаа уи рзы иманшәалаӡам», - ҳәа  иҳәеит Ешба. Аслан Бжьаниа алифтқәа рышьақәыргылара дақәшаҳаҭхеит, атәылауааи асасцәеи рзы акырӡа ишаҭаху азгәаҭаны. Ацҳа ҿыц аҟны алифт шьақәыргылахоит 2024-тәи ашықәс алагамҭазы.

Аҳәынҭқарра Ахада илаԥш иҵашәеит Басла аӡиас инаваршәны анышьтә станциа акыр иажәхьоу ахыбрақәа. «Урҭ хымԥада еиҭашьықәыргылатәуп. Ус иҟамлароуп. Анышьтә станциа рымазар рҭыхума? Ус акәзар уи аҭеиҭыԥш арҽеирагьы рылдыршааит! Ас еиԥш аҭагылазаашьа змоу астанциақәа ҳара иахьа иаҳҭахӡам», –  ҳәа иҳәеит иара.

Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада Ацҳа Ҟаԥшь дахәаԥшны ибеит. Ақалақь Администрациа Ахада иҳәеит, арҿыцратә усурақәа раԥхьа араҟа аҭыџьтәы кәырша шамамыз. Иахьатәи амш азы аусурақәа зегьы хыркәшоуп, амаакырақәа еиҭашьақәыргылоуп.

Анаҩстәи аныҟәарақәа ирыцҵан аԥшырҭатә ҭыԥи (аплошьадка) Аҟәатәи ашьхаҿы иҟоу аӡыршәи рыҟны.  Асҭамыр Ԥиԥиа Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит актәи аԥшырҭатә ҭыԥ аҟны аусурақәа шцо. «Ахыб  аевкалипт ҵла ақәҳаит, уи апроблема аԥаҳхит, уажәшьҭа аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит», - ҳәа иҳәеит иара, убри аан иазгәеиҭеит абҵарамза анҵәамҭазы  актәи аԥшырҭатә плошьадка аҟны аусурақәа зегьы шхыркәшахо.

Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит Аҟәатәи ашьхаҿы аӡыршә ааха ӷәӷәа шамаз, аха аиҭашьақәыргылара шрылшаз. Аӡыршә арҿыцра, иара иажәақәа рыла, ашықәс анҵәамҭазы ихыркәшахоит, апарк акәзар идырԥшӡоит, еиҿыркаауеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас, Аҟәа амикрораион ҿыц аҟны аусурақәа рцашьа гәеиҭеит. Ара Агрба имҩаду апарк хадаҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган, ишьҭаҵан атротуартә хаҳәцәқәеи акаҭрани, еиҭашьақәыргылан ауаажәларратә трансорт аангыларҭақәа.

Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәатәи аихамҩатә вокзал даҭааит. Аԥснытәи Аихамҩа анџьныр хада    Леонид Кәыруа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы.   «Авокзал аҩныҵҟеи адәахьи иаҳрыцқьеит – агәам-сам дәылаҳгеит. Ашә ҿыцқәа шьақәҳаргылеит, аԥенџьырқәа ҿаҳҵеит, абагьырқәа ҳарҿыцит», иҳәеит Леонид Ҟәыруа.

Иара убас уи иҳәеит аибашьра аахыс ахыбра ахыб абжа шамам. Иазԥхьагәаҭоуп авокзал ахыбра 2024 шықәса аԥхынранӡа аиҭашьақәыргылара, апассаџьырцәа рымҩангара иалагаанӡа азыԥшырҭа зал аиҭашьақәыргылара. «Авокзал ахыбра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа ирыҵанакуеит аҟнытә, аусурақәа зегьы Акультура аминистрра абжьгарақәа рықәныҟәарала имҩаԥысуеит», - ҳәа иҳәеит иара.

Леонид Ҟәыруа аихаҩатә платформа «Ԥсырцха» аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит: «Аусурақәа уаҟа ахыркәшарахь инеиуеит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иара убас имҩаԥысуеит Гагра ақалақь, аихамҩатә платформа «Абаҭаа» аҿгьы. Ҳара урҭ аԥхынра алагамҭазы рхыркәшара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», –  ҳәа иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аҟәатәи авокзал аиҭашьақәыргылара – иҿио ауаажәларра символра шазнауа.  «Ари иара авокзал мацара иахьазеиӷьу адагьы, ҳтәылауаагьы ргәы иахәоит. Уи ҳуаажәларра рыҿиара иасимволуп. Шәара аҵыхәтәантәи ҩажәижәаба шықәса раахыс абгара иаҿыз аобиект аиқәырхара шәылшеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари азы», - ҳәа иҳәеит иара. Аслан Бжания.

 

 

 


Read 358 times - Ахәаша, 03 Абҵара 2023 13:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.