АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Абҵара.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аминистрцәа реилазаара Аԥыза-министр Актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба дыдирдырит.

Аҟәа. Абҵарамза 02,2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара Аԥыза-министр Актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба дыдирдырит.

«Иацы сара Аусԥҟақәа ҩба снапы рыҵазҩит. Актәи Аусԥҟа  Аԥыза-аминистр актәи  ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа хатәгәаԥхарала имаҵзура ааныжьра иазкуп. Исҭахуп  иҭабуп ҳәа иасҳәарц.  Ҳара ҳкомандаҟны ақыҭанхамҩа аминистрс дынхоит. Аҩбатәи Аусԥҟа Џьансыхә Нанба Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵара иазкуп. Ари ауаҩ шәара ибзианы дыжәдыруеит. Агәыӷра сымоуп, арҭ акадртә ҽыԥсахрақәа аиҳабыра русура аритм иаԥырхагахарым, рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбара иахәап ҳәа»,- иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Беслан Џьапуа Џьансыхә Нанба  иусураҿы аихьӡарақәа изеиӷьеишьеит.

Ахәҭакахьала, Џьансыхә Нанба атәыла анапхгара иҭабуп  ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз агәрагаразы. 

«Сара исылшо зегьы ҟасҵоит, сдырра, сымч-сылша аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб инапхгарала Аминистрцәа реилазаара аусура ахаҭабзиара аиӷьтәра иазыскуеит»,- ҳәа иҳәеит иара.

Џьансыхә Нанба Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵаразы Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2023 шықәса, абҵарамза 1 азы.

 

 


Read 337 times - Ахәаша, 03 Абҵара 2023 11:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.