«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазылхратә Закәанеидкыла азакәанмчы аҭара азы» Аԥсны Аҳазылхратә Закәанеидкыла апроект, аҳазылхратә уси аелектронтә усшәҟәқәеи рганахьала азинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аусбарҭа автоматизациа зызу аинформациатә система иадҳәалоу Аҳазылхратә Закәанеидкыла аԥҟарақәа азинмчы роуеит ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны.
02.Абҵара.2023
Жәлар Реизара-Апарламент аҩбатәи ахыркәшаратә аԥхьараҿы Аԥсны Аҳазылхратә Закәанеидкыла рыдыркылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи ахыркәшаратә аԥхьараҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазылхратә Закәанеидкыла азакәанмчы аҭара азы» Аԥсны Аҳазылхратә Закәанеидкыла апроект рыдыркылеит.
Апроект аҳазылхратә ҳәаа ала атауарқәеи атраспорттә хархәагақәеи рыиагареи, урҭ рышәҟәҭагалара амҩаԥгареи, иара убас хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атауарқәа рганахьала аҳазылхратә операциақәа рымҩаԥгара, уҳәа ҳәаақәнаҵоит.
Аҳазылхратә Закәанеидкыла аҳазылхратә усбарҭақәа рыструктура, аҳазылхратә шәатәқәа рымҩаԥгара аԥҟарақәа, иҷыдоу абаџьтә шәатәқәа рыҟаҵара, атауарқәа рҭыжьра ашьҭахь аҳазылхратә гәаҭара амҩаԥгара шьақәнаргылоит.
Аҳазылхратә Закәеиндкыла иалагалоуп 65 хи 488 хәҭаҷи.