АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Абҵара.2023

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ареконструкциа аинвестор 11 млрд мааҭ рҟынӡа изтәоит.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ареконструкциа азы аинвестициақәа ршәага-зага  11 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 2024 шықәса анҵәамҭазы аусура иалагоит, атехниатә ԥыррақәа  рашәарамзазы ихацыркхоит. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы аҳәынҭқарратә программа анагӡара иазкны имҩаԥгаз аилатәара аҿы абри азы адырра ҟалҵеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аеконоика аминистр Кристина Озган.  

Жьҭаарамза 27, 2023 шықәса  рзы Аҟәа ақалақь аҿы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза акомплексттә еиҭашьақәыргылара азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа мҩаԥысит.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Зҭаԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаареи «Инфраструктурное Развитие» аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи апартниорра азы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.      

Рашәарамза 14, 2023 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны урытәылатәи аиуриттә хаҿы ила В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» амазаратә комплекс ареконструкциа амҩаԥгара азы аинвестициатә проект анагӡаразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.  

Аинвестор зоура 3 100 метра, зыҭбаара 45 метра рҟынӡа инаӡо ашҭыԥраарҭа-тәаратә цәаҳәа ареконструкциа мҩаԥигоит, уи иабзоураны ҳаамҭазтәи урыстәыла иҭрыжьыз реиԥш аҳәаанырцә иҭрыжьызгьы аҳаирпланқәа рыдкыларазы алшара ҟалоит. 

Ашьҭԥраара-тәарҭатә цәаҳәаҿы аҭатәаразы аинструменталтә ҭаларазы амыруга, иара убас ИКАО актәи акатегориа иаҵанакуа аԥыррақәа   алашарасигналтә реиқәыршәара алзыршо асистема. Апроект ала иазԥхьагәаҭоуп аеродром аҿы иҿыцу амашәыр-еиқәырхаратә станциа аргылара, иара убас аӡышьҭратә-дренажтә система, арыцқьаратә еиқәыршәыгақәа рышьақәыргылара, аҳаирпланқәа аҵаа рықәлара  аҟынтәи аус рыдулара иазу аплошьадка аргылара, уҳәа убас жәларбжьаратәи астандартқәа  инарықәыршәаны егьырҭ аобиектқәеи аусмҩаԥгатәқәеи.   

Иргылахоит иара убас иҿыцу апасаџьыртә терминал, ирҿыцхоит аҳаирбаӷәаза аҭоурыхтә хыбра аҭеиҭыԥш. Атерминал ҿыц акәша-мыкәша еиҿкаахоит зымҽхак ҭбаау апарктә зона. Аҳаирбаӷәаза аҭоурыхтә хыбра аҿы аофициалтә хаҿқәеи аделегациақәеи рыдыркылалоит. Иҿыцу аҳаирбаӷәазатә комплекс ҿыц  сааҭк иалагӡаны иаунажьыр алшоит 1300-ҩык апассаџьырцәа.

Атерминал ҿыц аргылара инаваргыланы, аҳаиртә баӷәазаҟны иргылахоит ма еиҭашьақәыргылахоит административтә-усеиҿкааратә хыбрақәа, иҷыдоу атранспорти арҽеиратә усурақәеи ирызку амаҵзурақәа рзы аргыламҭақәа, абылтәыҭаҭәарҭатә комплекс.

 

 


Read 259 times - Аԥшьаша, 02 Абҵара 2023 15:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.