АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Абҵара.2023

Анхаразы аршаҳаҭга азинмчы аҽҳәара хәы-шықәса рҟынтәи жәа-шықәса рҟынӡа ацҵара азы ажәалагала ҟаҵоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа.

Уи иарбоу азакәан апроект «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы» иҟоу азакәан хазы игоу анормақәа еиҳа инҭкааны аилыркаареи ашьақәыргылареи, иара убас иҟоу абжьахақәа рырҽеиреи азԥхьагәанаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иарбоу азакәан апроект «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы» иҟоу азакәан ахәҭаҷқәа 10, 34 аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азԥхьагәанаҭоит. Убас ала: Ирыҭоу анхаразы аршаҳаҭга азинмчы аҽҳәара хәы-шықәса рҟынтәи жәа-шықәса рҟынӡа ацҵареи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Апаспорттә Усбарҭеи уи атерриториалтә ҟәшеиҵақәеи рыла ирыҭахо аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа ихымԥадатәиу ашықәсқәа ирылагӡаны рынхара зырҵабыргуа аусшәҟәқәа рсиа ашьақәыргылареи рзы ажәалагала ҟаҵоуп» – , ҳәа иазгәаҭоуп аилыркаага  дырранҵа аҿы.  

Адепутатцәа еицҿакны ирыдгалаз аиҭакрақәа рзы рыбжьы рҭиит. 

 


Read 406 times - Ахәаша, 03 Абҵара 2023 11:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.