
pressadmin-2
Арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра азы ишьақәыргылоу ахараԥса 30 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Лоу Инал-иԥа ареспублика ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Уи зегьы адырра риҭеит Жәлар Реизара-Апарламент аҿы арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра азы административтә ҭакԥхықәра еиҳа арӷәӷәара азԥхьагәазҭо ауснагӡатәқәа рзы Азакәанеидкыла аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы азакәан шрыдыркылаз.
«Убас, ахәҭаҷ 119 аиҭакрақәа алагалоуп. Арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра азы ишьақәыргылоу ахараԥса шьҭарнахыс 30 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит. Иара убас аилагара ҟазҵаз ахаҿы 6-мыз аҽҳәара аманы амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭга имххоит», -ҳәа адырра ҟаиҵеит Лоу Инал-иԥа.
Арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы зку аҩнтәраан иаанкылараан 15 мши-ҵхи ирылагӡаны аҭакрала админитративтә хьырхәра дақәыршәахоит, иара убас шықәсык ҳәа амашьына арныҟәцразы аршаҳаҭха имххоит.
Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы Олег Бебиа иҭахара инамаданы адышшылара ҟанаҵоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу арратә операциа анагӡраҿы Донбасс фырхаҵарыла дҭахеит гәылрыԥшьтәи абокс ашкол ааӡамҭа, Аԥсни Урыстәылеи аспорт азҟаза Бебиа Олег Борис-иԥа.
Аԥсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аколлектив Бебиа Олег Борис-иԥа иҭахара инамаданы гәалсра дула иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит. Уи игәалашәара лаша дыздыруаз зегьы наунагӡа ргәаҵаҿы иаанхоит.
Аслан Бжьаниа: 30 шықәса раахыс Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра қәҿиарала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитикатә интересқәа рыхьчаразы анапы иану аусура мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә еилатәара мҩаԥысуеит Аминистрацәа Реилазаара аконференц-зал ахыбраҟны. Аилатәара ааиртит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи алипломатиатә маҵзура аусзуцәеи Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аҧҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра арыцхә рыдиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа, ҳаҭыр зқәу Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аусзуцәа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәа ахыҵра.
Аԥсуа дипломатиатә маҵзура акыр иуадаҩыз, аинтерес зҵаз ашьақәгылареи аҿиара амҩеи ирнысит. Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аԥҵан аибашьра ашыкьымҭазы, 1993 шықәса лаҵарамза 17рзы.
Амацәаз ҳанҭакыз, аекономикатәи аполитикатәи блокада аныҟаз, Қырҭтәыла аганахь ала ақәыларазы аҽазышәарақәа анцоз, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра имариамыз адәныҟаполитикатә усура мҩаԥнагон.
Есаамҭа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаԥсаз анапхгаҩцәа аман.
30 шықәса раахыс Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра қәҿиарала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитикатә интересқәа рыхьчаразы анапы иану аусура мҩаԥнагоит. Ҷыдала, ААР аҵак ду змоу алагаламҭа ҟанаҵеит урыстәыла-аԥснытәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны. 2008 шықәсазы ҳтәыла аҭоурых аҟны акрызҵазкуа ахҭыс ҟалеит – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәа жәпаки».
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Аминистрра алагаламҭа дууп жәларбжьаратәи аренаҿы Аԥсны адәныҟаполитикатә позициа арӷәӷәара аус аҟны, арегионалтәи, жәларбжьаратәи аконтекст аҿы иара иақәнагоу аҭыԥ алыршараҟны.
Аҵак ду змоу абри амш аҽны Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟаполитикатә усбарҭа аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала адипломатиатә усураҟны аихьӡарақәа!».
Алхас Кәыҵниа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааколлектив атәыла адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аԥҵара 30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа атәыла адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аԥҵара 30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы иҳәоуп:
«30 шықәса рыла Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра актуалра злоу адипломатиа ахыдҵақәа назыгӡо зыгәрагоу еиҿкаау амеханизмны аҟалара алшеит. Адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭа хадара злоу аусура ашықәсқәа рыла, Аԥсны азы иуадаҩыз аамҭақәа рзы, аԥснытәи адәныҟатәи аполитика ҳастратегиатә ҩыза, ҳпартниор – Урыстәылатәи Афедерациа раԥхьа инаргыланы, Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵарала имаҷымкәа ақәҿиарақәа аиуит».
Акассациатә инстанциа аӡбарҭа «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа ишшыбӷьыц анагӡарада иааннажьит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 19 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа административтә усқәеи админитративтә зинеилагарақәеи рзы Акассациатә коллегиаи иаарту аӡбаратә еилатәара аҿы Алеқсандр Анқәаб «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианашьара азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа азакәанмчы амам ҳәа азхаҵара азы административтә ус ала Иреиҳаӡоу аӡбарҭа хәажәкыра 22, 2023 шықәсазы иаднакылаз аӡбамҭа азы 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа хазхаҭалатәи изыҳәамҭа иахәаԥшит. Акассациатә коллегиа аилазаараҿы иҟан: ахантәаҩы - Лииа Адлеиба, аӡбаҩцәа - Мадина Логуеи Ҭемыр Ҭарбеи.
Едуаорд Быҭәбеи Пиотр Глобычкои Аԥсны азы амедицинатә кадрқәа разыҟаҵара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москваҟа иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны И. М. Сеченов ихьӡ зху Актәи Москватәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аректор Пиотр Глыбочко диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Едуард Быҭәбеи Пиотр Глыбочкои Аԥсны азы амедицинатә усзуҩцәа разыҟаҵареи, Аԥснынтәи апациентцәа ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны ауниверситет иатәу ахәышәтәырҭа аҿы рыстационартә хәышәтәреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр “Агастроль дуқәа” Горно-Алтаиск ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳынҭқарратә аурыс драматә театр рашәарамза 24 -25, 2023 шықәсазы Горно-Алтаиск ақалақь аҿы «Агастроль дуқәа» мҩаԥысраны иҟоуп.
П.В. Кучиак ихьӡ зху Амилаҭтә театр асцена аҿы имҩаԥысуеит аспектакльқәа рырбара. Убас: рашәарамза 24, асааҭ 17:00 рзы – «Ишьаарҵәыроу ачара» , рашәарамза 25, асааҭ 16.00 рзы – «Ахаҵа ԥшӡа», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Алтаи акультура Аминистрра.
Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳынҭқарратә аурыс драматә театр – Аԥсны иҟоу аурыс театр заҵәык ауп. Уи 1981 шықәсазы Аҟәатәи ахәаԥшыҩ қәыԥш итеатр аҳасабала иаԥҵан. 1991 шықәсазы аурыс драматә театр астатус аиуит.
Лаҵарамза 27 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль аконцерт.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 27 рзы Москва ақалақь, П. И. Чаиковски ихьӡ зху Аконцертә зал аҟны имҩаԥысуеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль аконцерт. Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы – Аԥсни Ҟарачы-Черкесиаеи жәлар рартист Валери Ҭаниа.
«Урыстәыла аҳҭнықалақь, адунеи аҿы еицырдыруа азалқәа руак аҿы ақәгылара – ари даара гәырӷьара дууп, акыр аҭакԥхықәрагьы ацуп. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аԥсуа кәашарақәеи ашәаҳәарақәеи ирыҵоу иҷыдоу акалорит аарԥшра шҳалшо. Ас еиԥш иҟоу акультуратә проектқәа даара акыр аҵанакуеит. Урҭ ҳтәылақәа рыбжьара егьырҭ аусхкқәагьы рҿы аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азы ашьаҭа ӷәӷәа аԥырҵоит», - ҳәа Феисбук аҿы идаҟьа аҿы ианиҵеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата Апрезидент жәларбжьаратәи аекономикатә Фороум лхы алалырхәуеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәахәҭра-ааглыхратә Палата Апрезидент Тамила Мерцхәлаа Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада Рустам Минниханов иааԥхьарала XIV жәларбжьаратәи аекономикатә Форум «Урыстәыла– Исламтәи адунеи: KazanForum» лхы алалырхәуеит.
Лаҵарамза 17 рзы Афорум «Урыстәыла– Исламтәи адунеи: KazanForum» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аконгресс-зал аҿы Ареспублика Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Сергеи Катырин ихантәаҩрала ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа жәларбжьаратәи афорум аартра мҩаԥысит. Сынтәа Афорум еизнагеит Урыстәыла арегионқәеи исламтәи аусеицура Аиҿкаара иалаху атәылақәа рҟынтәи 250 инареиҳаны алахәылацәа.
Иара убри аҽныҵәҟьа, лаҵарамза 17 азы, Анапхгара Аҩны аҿы Рустам Минниханови аҳәаанырцәтәи апалатақәа рнапхгаҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит. Ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала аҳәаанырцәтәи апалатақәа рнапхгаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахада Тамила Мерцхәлаа.
Аԥснытәи 37-ҩык астудентцәа Нижни Новгород аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәыла Приволжтәи афедералтә округ ҳаҭыр зқәу аконсул Владимир Литвинчуки Аԥсни Нижегородтәи аобласти рыбжьара еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Ҳаҭыр зқәу аконсул ишазгәеиҭаз ала, аганқәа аҵарадырратә усхкы аҿы русеицура қәҿиара аҿиара мҩаԥысуеит: иахьа Нижегородтәи аҳәынҭқарратә анџьныр-економикатә Университет аҿы аҵара рҵоит Аԥснынтәи 20-ҩык астудентцәа – апрограммаҟаҵара, афатәтә ааглыхра атехнологиақәа, афымца-нџьныр, анџьныр-механикцәа, амаҭәа адизаинерцәа, уҳәа. 17-ҩык ареспублика атәылауаа Нижни Новгород ақалақь аҿы Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Академиа аҿы иҷыдоу иреиҳаӡоу аҵарадырра роуеит, абжьаратәи ашколқәа рҵаҩцәа реиҭныԥсахлара апрограмма ашьақәгылара иаҿуп.