
pressadmin-2
Ҩ-плошьадк: ҩ-митингк.
Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа уажәы иҟоу амчра иадгыло рмитинг мҩаԥысуеит. Еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит аскульптор Амиран Адлеиба, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Валери Аҩӡба, аҭоурыхдырҩы Геннади Ҵулаиа.
Амиран Адлеиба зегьы еидгыланы ицәырҵуа ауадаҩрақәеи азҵаарақәеи ӡбалатуп, усҟан ауп акахьы ҳанцәырҵуа ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳаанкыланы, цқьа ҳазхәыцроуп ҳаԥсҭазаара еиӷьхарц азы иҟаҵатәу», - ҳәа иҳәеит иара.
Аветеран Валери Аҩӡба иқәгылараҿы аветеран Вианор Ашба иахь ааԥхьара ҟаиҵеит, убри аан уи иара хаҭала дшидыруа, насгьы диԥыланы иацәажәара дшазхиоу азгәеиҭеит.
Уи еизаз иргәалаиршәеит Вианор Ашбеи ԥыҭҩык арԥарцәеи аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы фырхаҵарала аӷа итанк шааныркылаз, иара убри ала аӡәырҩы рыԥсҭазаара шеиқәдырхаз атәы.
«Сара, ветеранк иаҳасабала, хаҭала издыруа Вианор Ашба уахь схы рханы исҳәоит уара акыр афырхаҵара аазыԥшхьоу ҳаҭыр-пату зқәу ауаҩы шуаку, сара хаҭала уԥылареи уацәажәареи сазхиоуп, ҳара араҟа иҟоу зегьы ҳаишьцәоуп, еилаҳхуа-еилаҳҵо ҳәа акгьы ҳамам! Иахьа иааҳакәыршаны адунеи зегьы аҿы акыр аҭагылазаашьа аибарххара ананыԥшуа аамҭазы, ҳара ҳаицны ҳәажәлар ҳрызхәыцроуп, реизҳазыӷьара ҳашьҭалароуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Аҭоурыхҭҵааҩ Геннади Ҵулаиа зегьы еидгыларц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.
Уи 30 шықәса раԥхьа ҳабацәеи ҳашьцәеи зегьы еидгыланы иааргаз Аиааира ҳара еиҵагыло абиԥарақәа ирызнаҳгалароуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Убри аамҭазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысуеит аоппозициатә аполитикатәи ауаажәларратәи аиҿкаарақәа рмитинг.
Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа даԥылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа даԥылеит. Аделегациа хадара алҭоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика акультура аминистр Радмила Ӡагоева.
Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистр Аԥсныҟа дааит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура Амшқәа Аԥсны рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа Аԥсны раартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит лаҵарамза 31 азы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥсуа драматә театр аҿы. Ахәаԥшцәа идырбахоит К. Хетагуров ихьӡ зху Аахыҵ Уаԥстәылатәи Аҳәанҭқарратә драматә театр инанагӡо, уаԥстәылатәи адраматург Георги Хугаев еихьӡылоу иҩымҭа ала иқәыргылоу аспектакль «Ауапа еиқәаҵәа». Ахәаԥшцәа ирзыԥшуп даара аинтерес зҵоу гәыкала аҟазаареи ачарҳәареи абзиабареи ауалԥшьа анагӡареи ирызку аҭоурых. Артистцәа ауаа ртипаж аазырԥшуа еиуеиԥшым аԥстәқәа рсахьақәа рыла рҽеиҭаркуеит. Аспектакль асааҭ 18:00 рзы иалагоит. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа даԥылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа даԥылеит. Аделегациа хадара алҭоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика акультура аминистр Радмила Ӡагоева.
Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистр Аԥсныҟа дааит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура Амшқәа Аԥсны рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа Аԥсны раартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит лаҵарамза 31 азы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥсуа драматә театр аҿы. Ахәаԥшцәа идырбахоит К. Хетагуров ихьӡ зху Аахыҵ Уаԥстәылатәи Аҳәанҭқарратә драматә театр инанагӡо, уаԥстәылатәи адраматург Георги Хугаев еихьӡылоу иҩымҭа ала иқәыргылоу аспектакль «Ауапа еиқәаҵәа». Ахәаԥшцәа ирзыԥшуп даара аинтерес зҵоу гәыкала аҟазаареи ачарҳәареи абзиабареи ауалԥшьа ан
Афедерациа Ахеилак атәылахьчара акомитет ахада аколлективтә шәарҭадаразы Аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара (ОДКБ) иалоу атәылақәеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликеи рҿы рыҟазаара арӷәӷәара азы ажәалагала ҟаиҵеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Вашингтон Урыстәыла аганахьала инанагӡо аҿагыларатә политика ессааира арӷәӷәара инамаданы ҳарратә базақәа аҳәаанырцә рышьақәыргылара хымԥадатәны иҟалоит, Урыстәыла арегионалтә жәларбжьаратәи аиҿкаара аколлективтә шәарҭадаразы Аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара (ОДКБ) иалоу атәылақәеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликеи рҿы аҟазаара арӷәӷәара азы аҭакԥхықәра адуп, ҳәа игәаанагара иҳәеит Афедерациа Ахеилак атәылахьчара акомитет ахада Виктор Бондариов.
«Еиду Америкатәи Аштатқәа Урыстәыла аганахьала имҩаԥнаго аҿагыларатә политика ессааира арӷәӷәара урыстәылатәи арратә базақәа аҳәаанырцә рышьақәыргылара хымԥадатәны иҟанаҵоит. «Аибашьра хьшәашәа» аан Асовет Еидгыла Мрагыларатәи Европа иахьаҵанакуаз, иара убас Алада-Мрагыларатәи Азиеи (Вьетнам) Кубеи арратә базақәа аман», – абри азы ихатәы телеграм-канал аҿы асенатор иҳәаз иажәақәа аанагоит РИА Новости.
Аслан Бжьаниа амчратә структурақәа имҩаԥысраны иҟоу амитинг аҿы апровокациақәа ҟамларц азы ишақәнагоу аус ауреи, ус еиԥш аныҟала, азакәан ишаҳәо аныҟәареи рзы адҵа риҭеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Иазааҭгылеит аоппозициа имҩаԥнаго амитинг закәаншьаҭала амҩаԥгара иадҳәалаз азҵаарақәа, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
«Амчратә еилазаарақәа адҵа рысҭоит азакәан ишақәнагоу аус рурц, апровокациақәа ҟамлароуп, ус еиԥш аныҟала, азакәан ишаҳәо шәныҟәароуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Прочитано 211 раз. Последнее изменение 30.05.2023.
Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/5549-aslan-bzhaniya-poruchil-ilovym-strukturam-dejstvovat-v-strogom-sootvetstvii-s-zakonom.
© АПСНЫПРЕСС.
«Анасыԥ ацҳа» атәылауаа ршәарҭадаразы еимырхит.
Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы, акаҳуажәырҭа "Амра» инаркны амҳаџьыраа рбаҟа аҟынӡа, аҳҭнықалақь Ахадара Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агара 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы иазԥхьагәанаҭаз аиҭашьақәыргылара-рҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, абетонтә фонартә шьаҟақәа еиҭашьақәыргылахоит, урҭ рҟынӡа афымцамҩангагақәеи аус зымуа афонарқәеи ԥсаххоит. Адақәқәа дырҽеиуеит, иршәуеит, ахаҳәтә багьырқәа дрыцқьоит, -ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Амуниципалтә усбарҭа «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥлиа ишеиҭаиҳәаз ала, ааигәа аплафонқәа рыҵаҟа афымцамҩангага ҿыц ашьҭаҵара хыркәшахеит.
Аӡиас хәыҷы Аҟәа ихыу аԥшахьырсратә шьаҟамҩатә цҳа еиднакыло амшын аԥшаҳәа аҿы аԥсшьарҭатә зонақәа ҩба рырҭбаареи аҭеиҭыԥш арҽеиреи азԥхьагәаҭоуп.
«Анасыԥ ацҳа» ҳәа изышьҭоу, аԥсшьарҭатә зонақәа ҩба еидызкыло аӡиас хәыҷы Аҟәа ихыу ашьаҟамҩатә цҳа ауааԥсыра ршәарҭадара хықәкыс иҟаҵаны еимырхит. Избан акәзар, уи зныкала хыԥхьаӡара рацәала ауаа рыиасра иазкӡам. Ацҳа ахаҭа аԥшахьырсратә шьаҟамҩатә цҳоуп, уи зныкала 50-ҩык ақәгылар, амҿы иалху аӷәра иазаанымкылар алшоит… Уажәы ҳара ацҳа еимыхны ацех ахь иаҳгеит. Уи ҳарӷәӷәоит, аиасратә лшара шьҭаҳхуеит, анаҩс уи ала ииасуа ауаа ршәарҭадара хьаас, хәыцырҭас иаҳмоурц азы», – ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ԥлиа.
Роберт Киут: «Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аԥсны ажәлари аконституциатә шьақәгылареи рыхьчара нанагӡоит».
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 30 рзы аоппозициатә политикатә мчрақәа рыла зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу амитинг инамаданы, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут атәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаҵо дықәгылеит.
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны ажәлари ареспублика иаҭааз асасцәеи!
Ишыжәдыруа еиԥш, Аҟәа ақалақь Ахадара лаҵарамза 30 азы амассатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы азин ҟанаҵеит. Адырра ҟаҳҵоит, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭынч массатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара иазкны аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс шынанагӡало.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра азинеилагарақәеи ацәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара иазкны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә каҭақәеи Telegram-каналқәеи рҿы иахьатәи амш иалагӡаны «иацы ахәылбыҽха инаркны ашьауӷатә ԥшаара Аусбарҭа аусзуҩцәа ауаа кны аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭақәа рахь инаргоит. Џьоукы рыҩнынтәи идәылыргоит, даҽа џьоукых адәахьы икны иааргоит» ҳәа аинформациа аларҵәара мҩаԥысуан.
Ари аинформациа ахцәажәаразы Аԥсныпресс иҟанаҵаз аҳәарала, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аштаттә режим ала аус ауеит ҳәа адырра ҟанаҵеит.
«Азинеилагарақәеи ацәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаареи ауаажәларратә зинлеишәа ашьақәыргылареи ауааԥсыреи ареспублика иаҭаауа асасцәеи ршәарҭадара алыршареи иазкны системала ишьақәыргылоу аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
Инал Арӡынба: «Иахьа Аԥсни Шьмтәылеи иҿыцу, еиҳа ииашоу адунеиеиҿкаара ашьақәгылара иазықәԥоит».
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 5-шықәса аҵреи аҩ-ҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵареи инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
«Лаҵарамза 29, 2018 шықәсазы Аԥсни Шьамтәылеи аҩганктәи азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵареи рзы алаҳәара ҟарҵеит. Убри ала урҭ аԥсныжәлари Шьамтәыла ажәлари шықәсырацәала ирыбжьаз аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи аимадареи официалла ишьақәдырӷәӷәеит.
Даанкылоуп Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ауаҩшьра аҿы игәҩароу Азербаиџьан атәылауаҩ.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьауӷатә ԥшаара Аусбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Аидын Ахмеҭ ишьраҿы игәҩароу, 1987 шықәсазы ииз Азербаиџьан атәылауаҩ Дадашов Ниџьаҭ Ибрагим-оглы.