АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза, 2023 шықәсазы  233,1 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз аплан ала иҟаҵаз аҳазылхратә шәатәқәа  270,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убас ала, лаҵарамзазы аплан  116% рыла инагӡахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы.

Иҳаҩсыз ашықәс, лаҵарамза арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәа аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ  23,7 млн. мааҭ рыла еиҳахеит, лаҵарамза, 2022 шықәсазы уи – 223,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Анатоли Карпов ихьӡ зху Аҟәатәи ашахматқәа рышкол ааӡамҭа Сарида Лакәатааԥҳа аҳәса рыбжьара ирласу ашахматқәа рзы аицлабрақәа «Мемориал А.А. Сапфирова» рҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа абар шьҭа ҩымшуп Риҵатәи аҩхаа аҿы 1997 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ Бгеу Адгәыр Витали-иԥа иԥшаара иаҿыижьҭеи.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, уи аԥхьа Риҵатәи аҩхаа аҿы, аӡиасқәа Бзыԥи Гегеи ахьеилало аҭыԥаҿы ирыԥшааит амҩаду аҟынтәи аӡиас аӡыршьҭра иҭаҳаз автомашьына «Hyundai Accent».

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҿыцу даҽа заанаҭныҳәақәа хԥа азгәарҭалоит.  

Ашәахьа, рашәарамза 5 рзы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламнттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит. Аилатәараҿы иахәаԥшит «Аԥны Аҳәынҭқарраҿы аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект.

Уажәы излацәажәо азанааҭтә ныҳәақәа: лаҵарамза 17 – Аԥсны аҳәынҭқарра Адипломатиатә Маҵзура Амш; рышьақәыргылара азҵаара ауп. Рашәарамза 10 – Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика аусзуҩ Имш; Ԥхынгәымза 4 – Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥеиқәырхаҩ Имш.

Аҟәа. Рашәарамза 5,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә операторцәа Рассоциациа иалнакааит Урыстәыла атәылауаа аԥсшьаразы еиҳа иалырхуа атәылақәа. Урыстәылатәи атуристцәа аҳәаанырцә аԥсшьара ахәԥса 50% рыла иахьазҳаз митәык хьаас иҟамҵакәа рыԥсшьара азԥхьагәарҭоит.

Убас Ҭырқәтәыла актәи аҭыԥ ааннакылоит. Араҟа аԥсшьаразы ибжьаратәу ахәԥса 265 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамзазы иҟало «Ростелеком»  ацифратә видеосервис Wink аԥхьарбарақәа рхыԥхьаӡараҿы  иҟоуп афильм «Чик ихәыҷра» аԥхьарбара.

Арежиссиор Аслан Галазов ифильм «Чик ихәыҷра» 2021 шықәсазы иҭыхын.

Ароль хадақәа нарыгӡоит Давид Ҵулукиа, Баҭраз Засеев, Милана Ломиа,  Лавренти Ахба, Изольда Аруха,  Алхас Шамба,  Гарри Џьынџьал, Баҭал Кобахьиа,  Николаус Мавроматидис,  Џьамбул Жорданиа.

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәылбыҽха, рашәарамза 1 азы, Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аӡымҽхак аҿы 1981 шықәсазы ииз, аӡы иагаз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ амшын иамырхит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аԥсеиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

«Аҭыԥантәи аԥсыӡкыҩцәа аӡы иагаз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ амшын аҟәара ишҿықәнажьлоз гәарҭеит. Урҭ иаразнак аԥсеиқәырхаҩцәа рахь адырра ҟарҵеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа адырра шаароузҵәҟьа,  иаразнак 21 сааҭи 55 минуҭи рзы аҭыԥ аҿы  инеит»,  - ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, рашәарамза 2 рзы Аҟаа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит ахәыҷтәы литература аԥхьара зцыз арҿиаратә хәылԥазы.

«Москва Аҩны» апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аусмҩаԥгатә иалахәхеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа рхәыҷқәа. Аиԥылара аинтерактивтә формат ала имҩаԥигеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актиор Џьамбул  Жорданиа.

Аиԥыла иалахәыз бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит «Москва Аҩны» аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы асектор анапхгаҩы Мариа Соиа.

«Ас еиԥш аформат ала арҿиаратә еиԥыларақәа Москва аҩны азы шьҭа традициала ишьақәгылеит. Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит урҭ ҳахәаԥшцәа рзы аинтересс ду ахьаҵоу. Агәыӷрагьы ҳамоуп   иахьатәи ҳаиԥылара шәара шәзы хра злоу акакәны ишыҟало, насгьы уи акыраамҭа шәгәалашәараҿы ишаанхо», – ҳәа илҳәеит лара.

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аусуратә визитла Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Тамила Мерцхәлаа ақалақь Бурса Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата анапхгара ахаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аганқәа аусеицура, Аԥсны аекспорт-импорттә потенциал, иара убас ԥышәала аимадара алыршара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.  

«Адунеи зегьы Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палатақәа активла аусеицура рыбжьоуп, ҳаргьы ҳазгәдууп Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аҳәаанырцәтәи аколлегацәа рымадара ахьҳамоу. Ҳусеицура агеографиа есааира аҽарҭбаауеит, аԥснытәи аусдкылаҩцәа ҭырқәтәылатәи рколлегацәеи дареи шықәсырацәалатәи еицырзыфеидоу аизыҟазаашьақәа шрыбжьало азы агәыӷра рымоуп», – ҳәа иазгәалҭеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент.

Тамила Мерцхәлаа аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара иҟоу атауареикәыршара есышықәса ишацло азгәаҭо урҭ аринахыс еиҳа-еиҳа ишацлало азы   агәыӷра шлымоу аалырԥшит.

Лара иара убас Ҭырқәтәыла, ахәҭакахьала ақалақь Бурса аҿы, хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора шынхо, насгьы урҭ адгылара ҟарҵап ҳәагьы агәыӷра шыҟоу азгәалҭеит.

Ахәҭакахьала, Бурса Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата адиректорцәа рхеилак алахәыла Ҳақан Баҭмаз реиҿкаара аҭоурых иааркьаҿны далацәажәеит. 1889 шықәсазы акреилызцоз абизнесменуаҩы ила иаԥҵаз Бурса ақалақь Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата иахьа Ҭырқәтәыла иҟоу ахәаахәҭа-ааглыхратә Палатақәа иреиҳау палатаны иҟоуп.  Уи иалоуп 55 нызықь инареиҳаны анаплакқәа, урҭ реиҳарак – имаҷууи ибжьаратәууи абизнес анаплакқәа роуп.

Аҟәа.  Рашәарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагылара аҟәша аусзуҩцәа аҳазылхратә гәаҭара азона аҿы иааныркыланы игәарҭеит Аԥсны атәылауаҩ зыԥҟы икыз, Урыстәылатәи Афедерациантәи Аԥсныҟа зхы хаз автомашьына. Амашьына асалон агәаҭараан  ирыԥшааит иагьрымырхит Аԥсныҟа заагара азин ыҟам акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа хԥа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.